АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2024

23-нызықьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа адәыӷба «Ласточка» ала рыиагара алыршахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  2,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса фымз рыла 23 222-ҩык апассаџьырцәа  афымцадәыӷба «Ласточка» ала рыиагара алыршахеит.

Зегь реиҳа апассаџьырцәа Аԥсныҟа иааит рашәарамзазы - 7 890-ҩык, мшаԥымзазы - 5 861-ҩык, лаҵарамзазы - 4 032-ҩык, хәажәкырамзазы - 2 400-ҩык, ажьырныҳәамзазы - 1 719-ҩык, жәабранмзазы – 1 320 –ҩык.

Афымцадәыӷба «Ласточка» рашәарамза 8, 2023 шықәса инаркны Шәачеи Гагреи ирыбжьоуп.

Адәыӷба ҿыц аушьҭра  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩеи» Зҭакԥхықәра Ҳәаақәаҵоу Аилазаара «Урыстәылатәи аихамҩақәеи» рыбжьара имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны иҟалеит. Зынӡа афымцадәыӷба «Ласточка» аушьҭра амш инаркны  73 105-ҩык атуристцәа рыиагара алыршан.  

Сынтәа имҩаԥган ари адәыӷба Аҟәанӡа раԥхьатәи аԥышәатә реис.

Уажәы афымцадәыӷба «Ласточка» Аҟәанӡа еиԥҟьарада аара алыршаразы иахәҭоу аусурақәа рынагӡара иаҿуп.


Read 181 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.