АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынгәы.2024

Ԥхынгәымза 2 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иалагоит «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 2 инаркны ԥхынгәымза 6 аҟынӡа  Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир иалахәхоит аа-командак:  Аԥсны Урыстәылеи (Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспублика, Краснодартәи атәылаҿацә, Лугансктәи Жәлартә Республика, Волгоград, Владикавказ, Ростовтәи аобласт аҟынтәи акомандақәа ҩба).

Атурнир аӡбаҩ Хада – Алада Урыстәыла Аолимпиатә академиа апрезидент ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Асоветтә Федеративтә Социалисттә Республика зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ,  «Ахьӡ-Аԥша» орден III аҩаӡара занашьоу  Алеқсандр Банников.

Атурнир аартра мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 2, асааҭ 14:00 рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аҿы (Надежда Курчено лыхьӡ зху апарк аҿы). Атурнир еиҿкаан Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациаеи рылшарақәа рыла. Убри аан адгылара ҟарҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил».


Read 152 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.