АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2024

Аӡиудо азы XVI Жәларбжьарати атурнир «Аԥсны Ахраҿа» Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиудо азы XVI Жәларбжьаратәи атурнир  «Аԥсны Ахраҿа» аартра иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.

Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Аԥсны, Белоруссиа, Урыстәыла (Адыгеиа,  ДЖәР, Камчатка, Ростовтәи аобласт) рҟынтәи хышәҩык инареиҳаны 2008-2010, 2011-2012, 2013-2014 шш. рзы ииз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи.   Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015-2016  шықәсазы ииз арԥарцәа рзы еиҵаӡоу аразриадқәа ирыҵанакуа рыбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥгахоит.

Аицлабрақәа ирылахәхо ирыдныҳәалеит ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаршьеит атурнир аӡбаҩ Хада Мекзум Алимови Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагбеи.

Атурнир аиҿкаара рхахьы иргеит Аԥсны аӡиудо Афедерациа, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.  

Аицлабрақәа мҩаԥыслоит ԥхынҷкәынмза 4 аҟынӡа.


Read 197 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.