Манча Кьиахьба иаанкылаз Асҭамыр Џьон-иԥа Сабекьиа иганахь ала имаҵзуратә мчрақәа дырхыҳәҳәаны амчра ихы иаирхәеит ҳәа ахара идҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәыза 30, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура аҳәарала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала, Аҟәа ақалақь амилициа актәи аҟәша ахь амаҵуратә уалԥшьа анагӡаразы инашьҭыз Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа апункт «Алашарбага» аусҭҵааразы азинмчы змоу амилициа алеитенант Манча Иасон-иԥа Кьихьба ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.
Манча Кьиахьба иаанкылаз Асҭамыр Џьон-иԥа Сабекьиа иганахь ала имаҵзуратә мчрақәа дырхыҳәҳәаны амчра ихы иаирхәеит ҳәа ахара идҵоуп.