АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2024

ААУ аҿы абитуриентцәа рҟынтәи аҵараиурҭа аҭаларазы аусшәҟәқәа рыдкылара иалагеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы абитуриентцәа рҟынтәи аҵараиурҭа аҭаларазы аусшәҟәқәа рыдкылара иалагеит.

Аусшәҟәқәа рыдыркылалоит ԥхынгәымза 14 аҟынӡа.

ААУ адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықә маӡанаыҟәгаҩ  Адгәыр Каоба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, сынтәа ишьақәырӷәӷәоуп абитуриентцәа рыдкылара аплан: 374 абиуџьеттә ҭыԥқәа, иара убас 590 зыхә ршәо аҭыԥқәа.  Ашколхәыҷқәа ролимпиада «Аҳаракырақәа рахь амҩа» аихшьаалақәа рыла, 109-ҩык абитуриентцәа ауниверситет ахыԥхьаӡаларазы рыдгалара мҩаԥгоуп, урҭ мацара адкыларатә комиссиа ахь аусшәҟәқәа аларҵароуп.

«Сынтәа абиуџьеттә ҭыԥқәа 39 рыла еиҳауп иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа. Есышықәса абиуџьеттә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлоит.  Ари аҟара абиутуриентцәа ҳара уажәраанӡа иҳадҳамкылаӡацызт», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Какоба.

Сынтәа адкыларазы аусшәҟәқәа рыдкылара 40 хырхарҭа рла имҩаԥсуеит. Иҟоуп аиҭакрақәагьы. Абиологиа-географиатә факультет ҩ-факультетны еихыршеит: агеографиеи атуризми, абиологиеи абиологиатә медицинеи ҳәа.  Абиологиеи абиологиатә медицинеи рфакультет аҿы иҟалеит азанааҭ ҿыц «фармациа». 

«Ари ахырхарҭа ала ашколхәыҷқәа ролимпиада аҿы аиааира згазгьы дыҟоуп. Уи ААУ адкыларазы иабжьгара мҩаԥгоуп.  Иахьа, актәи адкыларатә мшы азы иҿыцу ари азанааҭ ахь абитуриенцәа ԥыҭҩык аусшәҟәқәа аларҵеит. Иҿыцу азанааҭҵара ҟалеит аҟазара афакультет аҿгьы – «аопертә шәаҳәара». Сара сгәы иаанагоит ари азанааҭҵара ала аҵара зҭаххогьы ҟалоит», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Какоба.

Иара убас, адкыларатә комиссиа аҭакзыԥхықә маӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, абитуриентцәа аԥсуа бызшәа шырдыруа агәаҭара иазку акомиссиагьы аԥҵоуп. Уи астудентцәа аԥсуа бызшәа шырдыруа ала агәыԥқәа рыла реихшара аҿы ицхыраагӡахоит.

Апсихологиа азы акомиссиа азиндырратә факультет «апсихологиа» азанааҭҵара иҭало абитуриентцәа ирыҿцәажәалоит.       

«Ԥхынгәымза 17 инаркны ԥхынгәымза 30 аҟынӡа ҳара адкыларатә ԥышәарақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит Адгәыр Какоба.


Read 194 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.