АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2024

Очамчыра араион Мықә ақыҭан иҿыцу аӡеизгарҭатә бааш аргылара иаҿуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Мықә ақыҭан иҿыцу аӡеизгарҭатә  бааш аргылара иаҿуп. Уи аҭыԥантәи ашколи 28 ҭаацәареи аӡрыжәтә ала реиқәыршәара алнаршоит.

58-ҩык ахәыҷқәа ахьҭоу аҭыԥантәи ашкол аҿы акыр ауадаҩрақәа ыҟан аӡы амамзаара иадҳәаланы. Ашкол адиректор инапынҵақәа назыгӡо Изольда Ҭарба ашықәсҿцтәи аныҳәақәа раламҭалазы уаанӡа иҟаз аӡыҭра (абак) анкаҳа ашьҭахь, ашкол ӡыла аиқәыршәара зынӡа иаанкылеит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ааигәа иҟаз аҵеиџь аҟынтәи аӡы изеиԥшразаалак асанитартә нормақәа ирықәшәомызт. Убри аан иазгәаҭатәуп ашкол аҿы ишаҭаху атехникатә ӡы адагьы аӡрыжәтәгьы. Ҳара дҳацхрааит ақыҭа ахада, иара ашкол ҳамҭас иаиҭеит аӡшьарҭра. Уи егьи ақыҭа аҟынтәи иааргоз аӡы ала идырҭәуан. Ҳара даара ҳаигәырӷьоит цәыббрамзазы, аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы ашкол ӡыла аиқәыршәара ахьеиҭашьақәыргылахо», – ҳәа илҳәеит Изольда Ҭарба.

Очамчыра араион Ахадара иатәу Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыршьҭра» аиҳабы Авдени Џьопуа уажәы иргылахо аӡеизгарҭатә бааш ԥыхьатәи ахьгылаз аҭыԥ аҿы иргылахоит ҳәа иҳәеит. «Ари  аӡшьарҭра иакуеит 72 кубометр аӡы.  Уи аҳаракыра 6 метрак рҟынӡа инаӡалоит. Ақыҭауаа зҵаулара 48 метра иҟоу артезиантә ҵеиџь аҟынтәи ироулоит. Ҳара ишьақәырӷәӷәаз  аграфик ҳақәшәо ҳаауеит, изеиԥшразаалак уадаҩра ҳәа акгьы ыҟаӡам», - ҳәа иазгәеиҭеит Авдени Џьопуа.

Ԥыхьатәи аӡеизгарҭатә бааш асовет аамҭақәа рзы иргылан, уи изныкымкәа аиҭашьақәыргылара иахысхьан. «Шьаҭанкыла уи аԥсахразы азҵаара ықәгылеит иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы, усҟан уаҟа игылаз аӡшьарҭра зынӡа ахархәара амуа иԥхасҭахеит»», - ҳәа иҳәеит  иара.

«Зынӡа ақыҭаҿы инхоит 73 ҭаацәара.  Ашколи  28 ҭаацәареи ӡыда иаанхеит. Аӡынра аҵеиџьқәа рыхәон, аха уи иҟоу апроблема аӡбара алнаршомызт, избан акәзар урҭ рыҩныҵҟа аԥхынра лассы-ласы аӡы ҭабоит. Ҳара ацхыраара ҳақәдыргәыӷит аҭыԥантәи анапхгара. Абар, ишыжәбо, аӡхагаларатә бааш ҿыц аргылара мҩаԥысуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Мықә ақыҭа ахада Беслан Араҳамиа. 

Аӡеизгарҭатә бааш ҿыц аргылара афинансыркра ареспубликатә биуџьет аҟынтәи имҩаԥысуеит. Аусурақәа рхарџьынҵа  - х-миллион мааҭ инарзынаԥшуеит.

Аӡеизгарҭатә бааш ҿыц ахархәарахьы ирыҭахоит ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза анҵәамҭазы. 


Read 188 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.