АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2024

Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ А. М. Седов игәалашәара иазку амҵәышәмпыл азы I Жәларбжьаратәи атурнир алагеит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ А. М. Седов игәалашәара иазку ахацәа ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы  I Жәларбжьаратәи атурнир Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит.

Аԥснытәи ԥшь-командаки Ҟарачы-Черқьесиатә Ареспублика аҳҭнықалақь Черқьесскынтәи акомандеи атурнир ачемпион ҳәа ахьӡ азы еицлаблоит.

Урыстәыла аус ацуразы Аԥсны иҟоу Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов аспортсменцәа атурнир аартра рыдиныҳәалеит:

«Аспортсмен еихьӡарақәа акыр азыҟаҵаҩ идҳәалоуп. Алеқсандр Михаил-иԥа иааӡеит иакымкәа амҵәышәмпыл абиԥарақәа. Аспорт ауаҩы ихықәкқәа рынагӡараҿы, иԥсҭазаара ашьқәгылараҿы акыр ицхраауеит, деиӷьнатәуеит».

Атурнир рашәарамза 30 аҟынӡа имҩаԥыслоит. Уи аиҿкаара ахахьы иагеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла  аус ацуразы Ахаҭарнакреи Аԥсны Аҳәынҭқарра амҵәышәмпыл Афедерациеи.


Read 79 times - Амҽыша, 30 Рашәара 2024 22:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.