АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2024

Адлертәи аӡбарҭа аҿы зус рыӡбыз Руслан Чепи-иԥа идырбалаз 106 млн. мааҭ аконфискациа азура азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь, Адлертәи араионтә ӡбарҭа аҿы Руслан Чепи-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  200.1, ахәҭа  2, апункт «а» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (анапынҵатә ԥаратә хархәагақәа  рконтрабанда, даҽакала иуҳәозар, зеицҵалыҵ ҷыдала идуу аԥаратә хархәагақәа изакәанымкәа Аҳазалхратә еидгыла аҳазылхратә ҳәаа ахгара) аҿы ахара идуп ҳәа азыӡба рыдыркылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аӡбарҭақәа рыпресс-маҵзура.

Жьҭаарамза, 2022 шықәса рзы  Руслан Чепи-иԥа ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа раан ишьақәыргылам ахаҿы иҟынтәи Шәача ақалақь иахьаҵанакуаз зеицҵалыҵ 106 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоз анапынҵатә ԥаратә хархәагақәа иоуит. Аԥарақәа ачемодан, аспорттә сумка, иара убас автомашьына аҩныҵҟа иҭаҵаны, иара Краснодартәи аҳазалхырҭа иатәу аҳазалхратә Ганрацәалатәи Амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер»  аҟынӡа днаӡеит. Араҟа ахаҵа имоу аԥаратә хархәагақәа рзы адырра ҟамҵаӡакәа, иҟоу аԥҟарақәа реилагарала урҭ Аҳазалхратә еидгыла аҵакырантәи ралгара иҽазишәеит. Аԥаратә хархәагақәа рыԥшааит, амхрагьы нарыгӡеит Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Краснодартәи атәылаҿацә ала Аусбарҭа аусзуҩцәа.

Аӡбаратә еилатәара аҿы зус рыӡбоз ахәҭакахьала иду ахара дақәшаҳаҭхеит, убри аан уи ацәгьоуразы агәҭакқәа шимамыз азгәеиҭеит. Аӡбарҭаҿы уи иазгәеиҭеит аԥарақәа амашьынаҿы ишҭоу шихашҭыз, убри азы аҳазалхратә гәаҭараан урҭ рзы заанаҵы адырра шыҟаимҵаз.

Аӡбарҭа аганқәа ргәаанагарақәа ианырзыӡырҩы ашьҭахь, зус рыӡбоз ахара идуп ҳәа иԥхьаӡаразы азыӡба аднакылеит.  Уи ахьырхәра аҳасабала ашәаразы иқәҵоуп хы-шықәсазы иуалафахәы аицҵалыԥ иаҟароу ахараԥса. Уи аицҵалыҵ 1 276 380 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Зеицҵалыҵ 106 199 466 мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә хархәагақәа аҳәынҭқарра ахашәалахәы ахьӡала аконфискациа азуп.  Азыӡба азакәанмчы аиуит. 


Read 55 times - Амҽыша, 30 Рашәара 2024 22:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.