АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2024

Афилармониа аҿы Аҟәа ақалақь ашколқәа роушьҭымҭацәа рыдныҳәалара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Аҟәа ақалақь ашколқәа роушьҭымҭацәа рыдныҳәалара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.  

Сынтәатәи аҵарашықәс азы аҳҭнықалақь ашколқәа ирылгеит 537-ҩык, урҭ рахьынтә  быжьҩык медалистцәоуп, 31-ҩык ашкол ибзиаӡаны иалгаз роуп.  

Ашкол аушьҭмҭацәа ирыдныҳәаларц арахь иааит аҳҭықалақь ахада ихаҭыԥуаҩцәа Авҭандил Сурманиӡе, Леон Кәарҷиеи Асҭамыр Ашәбеи, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Левон Галустиани Асҭамыр Гьерхьелиеи, иара убас ашкол арҵаҩцәеи аушьҭымҭацәа рҭаацәеи.

Асҭамыр Ашәба ашкол аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа ирзыԥшу аԥсҭазаара аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит, аушьҭымҭацәа аџьабаа рыдызбалаз арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иахьа ашкол аушьҭымҭацәа ргәы хыҭхыҭуа иҿыцу аԥсҭазаарахь ршьаҿа еихыргоит. Ашкол аушьҭымҭацәеи урҭ рырҵаҩцәеи рҭаацәеи ирыдаҳныҳәалоит ари амшныҳәа. Ашкол ашьҭахь шәаԥхьа ишьҭоууп зынӡа иҿыцу аамҭа, шәыгәҭакқәеи шәгәазыҳәарақәеи зегьы нагӡахааит. Мҩамш!» – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ашәба.

Ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа анапхгаҩы Асҭанда Ҭаркьыл.

Убас ахьтәы медалқәа ранашьахеит:

–  Авоиан Емилиа Артур-иԥҳа – А. К. Наӡаӡе лыхьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №15 аушьҭымҭа.

–  Бараҭелиа Аида Дмитри-иԥҳа – Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭа.

– Бармышаа Ансоу Радик-иԥа – Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭа.

– Габуниа Еснаҭ Лиосик-иԥа – Е. А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5 аушьҭымҭа.

– Дбар Нара Нарчоу-иԥҳа – Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭа.

– Кәаӡба Алеқсандр Роберт-иԥа – А. К. Наӡаӡе лыхьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №15 аушьҭымҭа.

– Кәыҵниа Нестор Ҭемыр-иԥа – А. К. Комаров ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №6 аушьҭымҭа. 

– Лазба Адилиа Рустам-иԥҳа – Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аушьҭымҭа.

Араӡны медалқәа ранашьахеит:

– Вавилов  Витали Вадим-иԥа – А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аушьҭымҭа.

–  Шьакаиа Аинар Зураб-иԥа – А. К. Наӡаӡе  лыхьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №15 аушьҭымҭа.  

 

 

 

 

 

 


Read 72 times - Амҽыша, 30 Рашәара 2024 21:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.