АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2024

Хҩык Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара азы 15 шықәса ҭакрала ахгара рықәырҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Куцевич Алеқсандра Раули-иԥа, Кузнецова Павел Виктор-иԥа, Гапонова Диана Валери-иԥа рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224 ахәҭа 3 апункт «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьарқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи анаҩс аҭира гәҭакыс иҟаҵаны изакәанмкәа аарыхра, аус адулара, аҟаҵара, аахәара, аҵәахра, аиагара, аиҭарсра, ахәҭакахьала анаркотикатә маҭәашьарқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи урҭ  аиԥш-зеиԥшу ахархәагақәеи раахәареи рыҭиреи)  азы ахара рыдҵоуп.

Заанаҵтәи аусҭҵаарала ишышьақәыргылахаз ала, иарбоу ахаҿқәа  анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны изакәанымкәа иаархәеит зыкапан рацәоу  анаркотикатә маҭәашьар «метадон», анаҩс уи «имаӡоу аҭаҵәахҭыԥқәа» рыла Аԥсны иахьаҵанакуа иаладырҵәон.  

Иарбоу ахаҿқәа ирымхыз анаркотикатә маҭәашьар азеиԥш капан 75,335 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Рашәарамза 26, 2024 шықәса рзы аҳҭнықалақь аӡбарҭа урҭ иарбоу ацәгьоураҿы ахара рыдуп ҳәа аӡбамҭа аднакылеит, ахьырхәра аҳасабалагьы ирзалнахит 15 шықәса ҭакрала ахгара. Убри аан урҭ 800 нызықь мааҭ ахараԥса дыршәахоит.  


Read 65 times - Амҽыша, 30 Рашәара 2024 21:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.