АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2024 шықәса – аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иашықәсуп. Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаара аԥсуа литература апатриарх ииубилеи азгәаҭара иазкны иамоу азԥхьагаҭарақәеи, иара убас арҿиаратә еидгылара изаамҭанытәиу аусуреи дрылацәажәеит.    

«Ҳара аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҳҭоит. Ашықәс аҩныҵҟа ашәҟәыҩҩы изкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит. Ҳара араионқәа рҿы алитературатә хәылԥазқәа, аԥхьаҩцәа рконкурсқәа, апоезиатә хәылԥазқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Убри аан, ҳара, жәаҳәарада, Дырмит Гәлиа ииубилеи азгәаҭара азы иаԥҵоу аҳәынҭқарратә Комиссиа ишьақнарӷәӷәо аусмҩаԥгатәқәа активла ҳхы алаҳархәуеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Ааԥынразы Аԥсны алитератор ҿарацәа аҩбатәи рсеминар мҩаԥгахоит. Уаанӡа ашҟәыҩҩцәа Реидгылара аҟны иаԥҵан алитературатә клуб. Уи арепсублика араионқәеи ақалақьқәеи рыҟны аҟәшақәа амоуп, анапхгарагьы арҭоит акоординаторцәа. Ишдыру еиԥш, дара аҵара аҟәшақәа русзуҩцәа роуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 5 рзы ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рҳаҭгәынқәеи рбаҟақәеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.  

Аиашахаҵаратә уахәамақәа рҿы анцәаныҳәарақәа мҩаԥысуеит. Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц азы  абаҟақәа рахь иааиуеит аҳәынҭқарра Анапхгара ахаҭарнакцәа, иҭахаз аибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи, Аԥсны Арбџьармчқәа аруаа, еиуеиԥшым ауаажәларратәи аполитикатәи апартиақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа ажьырныҳәамза  5 ашьыжь шаанӡа Очамчыра ақалақь аҿы Ҭҟәарчал, Очамчыра, Гал араионқәа аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа рхадацәа, иара убас Аминистрра аппарат Хада аоперативтә ҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа   арлархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.    

Беслан Ҷкадуа амилициа аусзуҩцәа рҿаԥхьа ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәсазы хабарда ибжьаӡыз Софииа Олеиникова  дахьыҟоу аҭыԥ аилкааразы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа дырӷәӷәаарц ахыдҵа ықәиргылеит.  

Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа азинмчы змоу ацуҭа амилициа агәыԥ аиҳабы Рамин Кациа, аҵыхәтәаны Софииа Олеиник ажьырныҳәамза  1 азы Акәасқьа ақыҭан иҟоу афатәҭирҭа аҿы дырбеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 5 рзы  31 шықәса  ахыҵуеит Аҟәа ахақәиҭтәра иазкны имҩаԥгаз ианартәи ажәылара.

Ажьырныҳәамза 5, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьцәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аруаа ирымпыҵакыз Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра иазкыз, аха илҵшәадахаз ажәыларатә операциа хацдыркит.  Аҟәа ахақәиҭтәразы 1993 шықәса ианар 5 рзы ихацыркыз ажәылараан иҭахеит 37-ҩык аԥсуа еибашьцәа, шәҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит.

Амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҩаԥхьа ҳар хьаҵыр акәхеит. Ари ажәылара шыманшәаламхазгьы, уи Аиааира агара амҩаҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит.

Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачлиа ишәҟәы «1992-1993 шш. Аԥсуа-қырҭуа еибашьра» аҿы ишазгәаҭоу еиԥш, «Аԥсны Арбџьармчқәа рнапхгара аԥсуа еибашьцәа ақырҭуа архәҭақәа Аҟәатәи агәыԥ рҿаргылара азы ирыдыркылаз аӡбамҭа аӷа лассы-лассы аҽыхьчаратә цәаҳәа иақәыршәны ажәыларақәа ахьымҩаԥигоз Мрагыларатәи афронт аҿы ишьақәгылаз иуадаҩыз аҭагылазаашьа иадҳәалахеит».  Аха ажәылара хаибашьцәа иахьынӡахәҭаз иахьазыҟаҵамызи, амшцәагьеи ирыхҟьаны илҵшәадахеит. Аха уеизгьы Аԥсны Арбџьармчқәа ирылшеит аӷа ӷәӷәала ааха иҭара. Усҟан иҭархан аӷа итанкқәа 2, абзарбзан шьақәгылагақәа 2 - БМ-21 «Град», 3 бзарбзантә шьақәгылагақәа, 150-ҩык аибашьцәа ҭархан, аӡәырҩы ахәрақәа роуит.

Аԥсны Арбџьарсчқәа рганахьала иҭахеит 35-ҩык аибашьцәа.

Атәылахьчара аминистр, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев иҳәон: «Аӡәырҩы Аҟәа ахақәиҭтәразы ихацыркыз ианартәии марттәии  ажәыларақәа лҵшәаданы ирыԥхьаӡоит, аха уи зынӡа ус акәӡам ишыҟоу. Усҟан иҟаз аҭагылазаашьақәа раан архәҭақәа мҽхакыҭбаала арратә операциақәа рҿы ркомандаҟаҵара аҽазыҟаҵареи уааԥсырала 4-нтә иҳаиҳаз, техникала 15-20 рыла аԥыжәара змаз аӷа иуашәшәыроу иганқеи еиҳа дахьыӷәӷәоу аганқәеи реилкаара акәын хықәкы хадас иҟаз.    Усҟан иҳауз арратә ԥышәа иабзоураны ауп анаҩс цәыббрамзатәи аоперациа қәҿиара амҩаԥгара ҳалзыршаз ...».

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь, Афырхацәа аҳәаахьчаҩцәа рымҩала аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан дааныркылеит 1976 шықәсазы ииз Адлеиба Леонид Гарри-иԥа. Хаҭала игәаҭараан ахаҵа идырбалеит еихша-еихшаны аҭиразы ирхиаз аилаҳәарақәа ирҭаз анаркотикатә маҭәашьарқәа. Иаанкылаз ишеиҭеиҳәаз ала, аилаҳәарақәа иргәылаҳәан «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Леонид Адлеиба иажәақәа рыла, иара иарбоу анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәаз аилаҳәара анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны имаӡоу аҭыԥ аҟынтәи игеит. Иарбоу анаркотикатә маҭәашьар аҭира аҟынтәи ахашәалахәы аиура аҭыԥи аҭагылазаашьеи иара иирбеит амессенџьер Telegram аҿы аник «Дони» ала иҟоу аконтакт. Уи иҿы Адлеиба Леонид уаанӡагьы ихазы анаркотикқәа ааихәахьан.

Анаркотикатә маҭәашьар хазы-хазы еихшаны аилаҳәарақәа ирылаҳәаны, Леонид Адлеиба урҭ ргеолокациа арбарала зфотосахьақәа ҭихуаз имаӡоу аҵәахырҭақәа рҿы ашьҭаҵарала рыҭира далагеит.  Иарбоу аус азы иара еилаҳәарак азы 1000 мааҭ иоуан.  

Аԥшьаша, 04 Ажьырныҳәа 2024 19:49

Џьгиарда ақыҭан ахатәы ҩны блит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 4, 2024 шықәса. Апсныпресс. Очамчыра араион Џьгиарда ақыҭан ахатәы ҩны амца акит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амашәыр шыҟалаз азы адырра Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟалеит 10 сааҭи 19 минуҭи рзы. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеи аамҭазы аҩны амца амҽханакхьан, иара убас уи иаҿаԥшьыз ахыбрагьы амца акхьан. Очамчыра ақалақь Абылрацәыхьчаратә ҟәша аусзуҩцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы, аҩны шьаҭанкыла иблит. Амашәыр аҿы аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31 аҟынӡа Г. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааит   389 193-ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи ахашәалахәы  272 млн. 435 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 393 255-ҩык, иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи ахашәалахәы  - 268 млн. 568 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Аԥшьаша, 04 Ажьырныҳәа 2024 14:44

Софииа Олеиник лыԥшаара иаҿуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Софииа Олеиник лыӡра инамаданы аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааранӡатәи аҟәша агәаҭара мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.

Аҟәа ақалақь аҿы инхо 1995 шықәсазы ииз Олеиник Софииа Валери-иԥҳа лыԥшаара иаҿуп

Аҭыԥҳа дызбахьоу, мамзаргьы уи дыхьыҟоу аҭыԥ азы џьара дыррак змоу зегьы рахь аҳәара ҟаҵоуп уи азы адырра ҟарҵарц ирзааигәоу амилициа аҟәша ахь аҭел  002 ала, мамзаргьы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра агәаргаратә ацәаҳәа аҭел +7 940 925-20-95 (WhatsApp, Telegram) ала.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут ихантәаҩрала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аҿы 2023 шықәсазы аусура азы аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.  

Аилатәара ихы алаирхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ, аполковник Беслан Ҷкадуа. Ихадоу арбагақәа рзы ажәахә ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Валентин Ҭраԥшь.

Аилатәараҿы амҩан иҟалаз амашәырқәа реиҳарак зыхҟьаз ҳәа аӡбахә ҳәан амашьына аццакреи, амҩеихдақәеи шьапыла амҩеихдақәеи рыҟны аԥҟарақәа реилагара. Аиҳарак иуадаҩны иаанхоит Гәдоуҭа араион аҿы ишьақәгылаз амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рыстатистика. 

Аилатәара аҿы иазыӡырҩит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҿы Аҳәынҭавтоинспекциа аусура азы аҳасабырбақәа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аҳәынҭавтоинспекциа аҟәшақәа зегьы рҿы ахатәы еилазаара аусура арӷәӷәара шхымԥаатәиу азгәеиҭаит.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут адҵа риҭеит амҩан амашәырқәа раԥырҟәҟәаразы русура дырӷәӷәарц, иазгәеиҭеит есышықәса ареспубликаҿы амашьынақәа рхыԥхьаӡара ишазҳауа. Иҳәеит аԥыжәара шаҭатәу, ижәны, анаркотикатә маҭәашьарқәа здкыланы амашьына аԥсҟы зкуа рахьырхәра.

Аилатәара иалахәыз Аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа аҿы аусзуҩцәа даҽаџьара рыиасра иадҳәалоу ахҭысқәа шырацәахаз, иара убри ала аусзуҩцәа  разымхара апроблема шцәырҵыз азгәарҭеит. Убри инамаданы аминистр Аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхразы аӡбамҭа идикылеит, уи азы иара иахәҭоу анапынҵақәа ҟаиҵахьеит.

Аҳәынҭавтоинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа Аҳәынҭавтоинспекциа ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аҟәшақәа ахатәы еилазаара аҟынтәи инагӡаны аус анамыгӡара  иадҳәалоу афактқәа дырзааҭгылеит.

Гәдоуҭа араион аҿы 2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аԥстәбара зцу амҩатә машәырқәа рхыԥхьаӡара ҩынтә ацлара Беслан Ҷкадуа  акыр иҽеим рбагоуп ҳәа дахцәажәеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аветеран Олег Чалмаз диҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Олег Заканбеи-иԥа 80-тәи ашықәсқәа инадыркны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа рҿы аус иуан.  Иара имаҵура иазикит 30 шықәса, аус иуан Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа апаспорттә ҟәшеиҵа, иара убас апаспорт-визатә маҵзура аҿы.  

Олег Чалмаз – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын, Леон Иорден ианашьоуп, 1-тәи агәыԥ аинвалидра имоуп. Аҵыхәтәантәи 8 шықәса рыҩныҵҟа ӷәӷәала дычмазаҩуп. Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветерани уи иҭаацәа дууи Ашықәс Ҿыц рыдиныҳәалеит. Ирзеиӷьаишьеит агәабзиареи аманшәалареи.  Аминистр аветеранцәа иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа раан аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа рышьақәгылареи рыҿиареи рҿы рлагала ду азгәеиҭеит.

«Ҳажәлар зегьы рзы акыр иуадаҩыз аамҭазы шәара хацәнымырха инашәыгӡоз шәусура азы иҭабуп ҳәа шәаҳәоит. Шәара еснагьгьы иҟәышу ажәеи абжьгарақәеи рыла ҿыц змаҵуратә  мҩа ианылоз ҳара ҳгәы шьҭышәхуан, аусура анагӡараҿы хра злоу шәхатәы ҿырԥштәы ала агәазҭазаара ҳашәҭон. Агәра ганы сыҟоуп, Шәара ианшәаамҭаз ишьақәшәыргылаз зеиӷьаҟам атрадициақәа ишрыцаҳҵо, шәызхьымӡаз шынаҳагӡо», - ҳәа иҳәеит Роберт Киут.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.