
pressadmin-2
Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ашықәс ҿыц аламҭалаз Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар иааиуа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыц! Ашықәс ҿыц ҳара иадаҳҳәалоит агәыӷра бзиақәа, ҳагәҭак бзиақәа рынагӡара.
Ииасуа 2023 шықәсазы акрызҵазкуа ахҭысқәа маҷмызт. Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп шәаргьы ҳаргьы иҳалшаз, ҳзыхьӡаз азы. Аԥхьаҟа аамҭа иаҳнарбоит иааиуа ашықәс зеиԥшрахо.
Аԥсны Аҳәынҭқарра уаҵәтәи амш гәрагарала иахәаԥшуеит, аԥеиԥш бзиа иақәгәыӷуеит.
Лаша Ашәба Белгород иҟалаз арыцҳара инамаданы адышшылара дәықәиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ԥхынҷкәынмза 30 рзы Белгород ақалақь аҿы иҟалаз арыцҳара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Адышшыларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Жәлар Реизара-Апарламент ӷәӷәала иақәыӡбоит украинатәи анацистцәа рыла ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәсазы Белгород ақалақь аҿы аҭынч уааԥсыра рганахьала иҟарҵаз атеррористтә акт. Ҳара даара хьаа дуны иҳадаҳкылеит 24-ҩык аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз, хықәкыла икылкааны Белград ақалақь агәы алахысра ҟалеит ҳәа ажәабжь хлымӡаах. Ишеилкаахаз ала, иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ԥшьҩык ахәыҷқәагьы, шәҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, анхарҭаҩнқәеи асоциалтә обиектқәа жәпаки ҟәбоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатә еилазаара ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иахьаҵанакуа ауаажәларратә шәарҭадареи азинлеишәеи рышьақәыргыларазы, ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раан азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәааразы, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа инақәыршәаны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада, атранспорт аҿы ацәаҳәатә усбарҭа, Аҳәынҭинспекциа аусбарҭа, аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәшақәеи ақалақьтә усбарҭақәеи ахатә еилазаара зегьы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 30 инаркны иааиуа 2024 - тәи ашықәс ажьырныҳәамза 12 рҟынӡа рмаҵзура анагӡара ирӷәӷәоу арежим ахь ииагоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа Владимир Путин иааиуа Ашықәс Ҿыц идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Афедерациа Ахада Владимир Путин иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, иҳәоуп:
" Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәа лашеи!
Анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәаразы иаанкылоуп хҩык Узбекьысҭан атәылауаа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Азинхьчаратә усбарҭақәа иааныркылеит хҩык Узбекьысҭан атәылауаа. Дара зегьы анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыиагареи рыҵәахреи рзы ахара рыдҵоуп.
Зыкапан рацәоу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит 2001 шықәсазы ииз Абдуллаев Акмалџьон Адхамџьон-иԥа.
Акмалџьон Абдуллаев анаркотикатә маҭәашьар шимаз дааныркылеит Ешыра ақыҭан.
Хаҭала игәаҭараан иаанкылаз хыхьтәи ишәҵатәы аџьыба иҭыргеит аиҵәа ԥштәы змоу апакет иҭаз, аҭиразы ирхиаз 56 еилаҳәара. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аексперт-криминалисттә Центр аҿы имҩаԥгаз аҭҵаара ишаҳнарбаз ала, уи «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын.
Иара убас ишьақәыргылахеит Акмалџьон Абдуллаев Гәымсҭа ақыҭан имаӡоу аҭаҵәах шыҟаиҵахьаз. Аҭыԥ агәаҭараан ареспубликатә трасса иаваршәны амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәаз аилаҳәара.
Акмалџьон Абдуллоев дахьынхоз ауада аҿы ирыԥшааит ахаҵа иарҭмаҟ, уи иҭан анаркотикатә маҭәашьар згәылаз 16 еилаҳәара.
Амилициа аусзуҩцәа Гагра ақалақь, Абазгааи Адыгааи рымҩеихысырҭа аҿы ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәаз даҽа 5 еилаҳәарак.
Акмалџьон Абдуллаев имхыз «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар азеиԥш капан 22 грамм рҟынӡа инаӡоит.
Акмалџьон Абдуллаев дҭакуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршареи рхылаԥшреи рзы Аусбарҭеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәшеи русзуҩцәа дааныркылеит 1999 шықәсазы ииз Тошпулатова Гуллакхон Инобиддин-кизи.
Хаҭала лгәаҭараан иаанкылаз аԥҳәыс илымаз аполиетилентә пакет иҭаз, анаркотикатә маҭәашьар «метадон» згәылаҳәаз 22 еилаҳәара лхала ицәырылгеит.
Гуллакхон Тошпулатова Аҟәа ақалақь аҿы имаӡоу аҭаҵәахқәа рыҟаҵарала анаркотикатә маҭәашьарқәа рыларҵәара мҩаԥылгон. Аҟәа ақалақь, Адлеиба имҩала игылоу хә-еихагылак змоу аҩнеихагыла аҩналарҭа №2 аҿы амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит «метадон» згәылаҳәаз даҽа 33 еилаҳәара.
Гуллакхон Тошпулатова илыдырбалаз, анаҩс илымхыз анаркотикатә маҭәашьарқәа рзеиԥш капан 41,65 грамм рҟынӡа инаӡоит.
Михаил Мишустин Аслан Бжьаниа иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
Сергеи Лаврови Аслан Бжьаниеи Ашықәс Ҿыц аныҳәа инамаданы еибаныҳәеит ҭелла Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови ҭелла реицәажәара. Сергеи Лавров Аслан Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Аиҿцәажәараан Сергеи Лавров Аслан Бжьаниа иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара. Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит 2024 шықәсазы аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аҩ-ҳәынҭқаррак рыхьӡала рыҿиара иацҵахоит ҳәа агәыӷра шимоу.
Акәақьа ақыҭан ирыԥшааит 56 цыра амаининг-аппаратқәа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амаининг-ферма ду рыԥшааит Акәасқьа ақыҭан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аусзуҩцәеи аҳәынҭстандарт ахаҭарнакцәеи АУН «Амшынеиқәафымцамчи» Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки русзуҩцәеи еицны имҩаԥыргаз аопертив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны.
Ԥхынҷкәынмза 31 рзы Аурыс драматә театр аҿы ахәаԥшцәа идырбахоит акомедиа «Примадонны».
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә аурыс театр ҩы-шықәса инеиԥынкыланы ԥхынҷкәынмза 31 рзы ахәаԥшцәа ашықәсҿыцтәи ахәылԥаз атеатр аҿы амҩаԥгаразы ааԥхьара рнаҭоит.
Ԥхынҷкәынмза 31, 17 сааҭ рзы атеар актиорцәа атеатр абзиабаҩцәа рахь ҭаацәашәала 2024-тәи Ашықәс ҿыц иаԥылаанӡа атеатр акомедиатә хит «Примадонны» абареи хра злоу аемоциақәа раиуреи рзы атеатр иаҭаарц азы ааԥхьара ҟарҵоит.
Даара ауаҩы игәалаҟазаара шьҭызхуа, иччарху акомедиа 2-қәгыларак рыла ишьақәгылоуп. Уи иқәиргылеит арежисиор Сергеи Ефремов. Иара абар шьҭа фы-шықәса инеиԥынкыланы аншлаг аманы имҩаԥысуеит.
Ԥхынҷкәынмза 31 рзы Аурыс драматә театр аҿы ахәаԥшцәа идырбахоит акомедиа «Примадонны».
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә аурыс театр ҩы-шықәса инеиԥынкыланы ԥхынҷкәынмза 31 рзы ахәаԥшцәа ашықәсҿыцтәи ахәылԥаз атеатр аҿы амҩаԥгаразы ааԥхьара рнаҭоит.
Ԥхынҷкәынмза 31, 17 сааҭ рзы атеар актиорцәа атеатр абзиабаҩцәа рахь ҭаацәашәала 2024-тәи Ашықәс ҿыц иаԥылаанӡа атеатр акомедиатә хит «Примадонны» абареи хра злоу аемоциақәа раиуреи рзы атеатр иаҭаарц азы ааԥхьара ҟарҵоит.
Даара ауаҩы игәалаҟазаара шьҭызхуа, иччарху акомедиа 2-қәгыларак рыла ишьақәгылоуп. Уи иқәиргылеит арежисиор Сергеи Ефремов. Иара абар шьҭа фы-шықәса инеиԥынкыланы аншлаг аманы имҩаԥысуеит.
Асиужет ала, актиорцәа Џьамбул Жорданиеи Емиль Петрови зроль нарыгӡо џьара аус зымуа ҩыџьа актиорцәа агазеҭ ала амал ду змоу ҭакәажәык акыр шықәса раԥхьа иӡхьаз лмал ззаанлыжьша илыуоу аҳәса шылыԥшаауа атәы еилыркаауеит. Актиорцәа аҳәса ракушәа рҽааиҭакны амиллионқәа ргара иазкны аус аиларҽаҽара иалагоит.