
pressadmin-2
«Ерцахә» аҿы ирааӡоит абиԥара ҿыц.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәсазы 50-шықәсатәи аиубилеи азгәасҭараны иҟоу еицырдыруа Очамчыратәи жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль «Ерцахә» аҿы аколлектив ахарҭәааразы абиԥара ҿыц аиҵааӡара иаҿуп.
5-11 аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа разыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит акультура Аҩны аҿы. Азыҟаҵарақәа мҩаԥигоит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны жәлар рартист Вианор Логәуа. Аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит алагаратә зыҟаҵаақәа иахысхьоу еиԥш ҿыц иалагазгьы.
Еиҳа аҟыбаҩ злоу аҵаҩцәа, анапхгаҩы иажәақәа рыла, ԥыҭрак ашьҭахь апрофессионалтә коллектив аилазаараҿы асцена ду аҿы иқәгылартә еиԥш алшара роуеит.
2023 шықәсазы Аԥсны амҩан 186 транспорттә машәыр ҟалеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы Аԥсны амҩан 186 транспорттә машәыр ҟалеит, ҳәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны имҩаԥысыз аилатәара аҿы адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Валентин Ҭраԥшь.
«Аҳасабырбатә 2023 шықәсазы Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа иҟалеит 186 амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 57 - ҩык, еиуеиԥшым ахәрақәа роуит 264-ҩык. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалан 214 амҩа-танспорттә машәыртә хҭысқәа, урҭ рҿы иҭахеит 64-ҩык, ахәрақәа роуит - 296-ҩык», – ҳәа иҳәеит Валентин Ҭраԥшь.
«2022-тәи ашықәс иаҿырԥшны 2023-тәи ашықәс азы амҩатә машәырқәа 28 рыла имаҷын, иҭахазгьы 7-ҩык рыла еиҵан, ахәрақәа зауз - 23-ҩык рыла.
Иҳаҩсыз ашықәс азы зегьы реиҳа амҩатә машәыр ахьыҟалаз Гәдоуҭа араион аҿы ауп - 53 авариа, урҭ рҿы иҭахеит 25-ҩык, 56-ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит», ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Валентин Ҭраԥшь.
Архимандрит Дорофеи: Аекономика амаҷ ала ауп ишалаго.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ацқьа Иоанн Аӡаахҩы ихьӡ зху абербнеикнхарҭа ахь 2023 шықәсазы аԥаратә лагалақәа (аиҳарак агәыҳалалратә еизгарақәа раҳаабала) 2 491 975 мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ахарџьқәа (аиҳарак аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы) 1 798 948 мааҭ рҟынӡа инаӡеит; иныхымкәа иаанхаз аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 693 027 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Абри азы Феисбук аҿы идаҟьа аҿы адырра ҟаиҵеит архимандрит Дорофеи (Дбар). «Иԥшьоу Аԥсны Аметрополиа 2023 шықәсазы аусура ашықәстәи аҳасабырба еиқәыршәо, сара смаашьакәа Анхәа ақыҭан иҟоу Ацқьа Иоанн Аӡаахҩы ихьӡ зху абербнеикнхарҭа иаҵанакуа, мыцхәы идуум адгьылҽыҭ аҿы иҳаҩсыз ашықәс азы иаарыхыз, екологиала ицқьоу, ахырҳагоу ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахыԥхьаӡара аихшьаалара сҽазысшәеит», - ҳәа иҩуеит аб Дорофеи. Абар арбагақәагьы: аџьықәреи – 900 кьыла, анаша – 300 кьыла, апомидор – 220 кьыла, акарпыжә – 190 кьыла, апарпылца – 80 кьыла, аҟәыд – 60 кьыла, аҟандыл (апатырџьан) – 45 кьыла, апарпылбагәа – 40 кьыла, араҳана — 5 кьылак. Иааизакны – 1 840 кьыла. «Уамас иҟоузеи, ҳәа уҳәар ҟалоит азныказы. Аха, сара иарбоу ақыҭанхамҩатә алыҵ аџьармыкьаҿы иамоу ахәԥса анеилыскаа, (аалыҵ ахаҭабзиарагьы, ҳәарада ҳасаб азуны) акыр имаҷым аицҵалыҵқәа цәырҵуа иалагеит. Убас: ашыла (220 мааҭ) – 198 000 мааҭ, анаша (400 мааҭ) – 120 000 мааҭ, апомидор (220 мааҭ) – 44 000 мааҭ, аҟәыд (700 мааҭ) – 42 000 мааҭ, апарпылца (300 мааҭ) – 24 000 мааҭ, акарпыжә (50 мааҭ) – 9 500 мааҭ, аҟандыл (апатырџьан) – (200 мааҭ) – 9 000 мааҭ, апарпылбагәа (150 мааҭ) – 6 000 мааҭ. Иааизакны: 452 500 мааҭ», – ҳәа иазгәаҭоуп аб Дорофеи инҵамҭа аҿы.
Роберт Киут: Ашықәс Ҿыц ауха аҳҭнықалақь аҿы машәыр ҟамлаӡеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбаҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҳагәышь ашықәсҿыцтәи ауха машәырда ишыиасыз азы аминистр адырра ииҭеит. Ашықәсҿыцтәи аԥсшьарамшқәа зегьы раан аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахатәы еилазаара ишаԥу еиԥш уахи-ҽни азинеиҿкаара ахылаԥшра арҭоит.
Амилициа аинрал-маиор Роберт Киут Аҟәа аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа акколлектив русура аиҿкаара ахәшьара ҳаракы аиҭеит, убри аан уи аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахатәы еилазаара ақәыӷәӷәара аӷьырак ахахьы ишаго азгәеиҭеит.
Аусуратә еилатәара аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа 2023 шықәсазы аусура заанаҵтәи аихшьаалақәа рзы ажәахә дазыӡырҩит. Асҭамыр Ҳагәышь иӷәӷәоу ацәгьоурақәа рартра шазҳаз азгәеиҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа: «Аԥсны анапхгареи анапхгараҭаратә усбарҭақәеи егьырҭ атәылақәа ртәылауаҩра амхра азҵаарақәа рыӡбаразы азинмчы рымаӡам.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа икоммерциатәым аиҿкаарақәа рактивистцәа ирымоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра рымхразы асиақәа рышьҭра ҟалазшәа асоциалтә ҳақәа рыла аларҵәара зауз аинфомациа инамаданы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
«Аоппозициатә интернет ресурсқәак рҿы лассы-лассы ицәырҵуа иалагеит атәылаҿы аҭагылазаашьа аибарххара иазырхоу имцырку аинформациа. Ҳаҭыр зқәу атәылауаа, Ареспублика Аԥсны анапхгара еснагьгьы атәылауаа рзинқәа рыхьчареи икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыҿиареи рхақәиҭреи алыршара азԥхьагәазҭо Аконституциа иарбоу азакәанԥҵаратә нормақәа рықәныҟәареи иадгылон», – ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа атәылауаа зегьы рахь агәҽанызаара аадырԥшларц, ироуа аинформациа ала алкаақәа рыҟаҵареи, иара убри ала ииашам адыррақәа ауаажәларра рыларҵәареи рахь ииасаанӡа уи цқьа игәарҭаларц.
Аҟәа ақалақь Ахадара ахьӡала Ашықәс Ҿыц ауха раԥхьа ииз ахәыҷы лан шә-нызқь мааҭ асертификат ланаршьеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Ашықәс Ҿыц ауха раԥхьа диит аӡӷаб. Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иахьа ахәыҷы лҭаацәа шә-нызқь мааҭ асертификат ранеишьеит. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба инапынҵала Авҭандил Сурманиӡе ииз ахәыҷы лан Оксана Ҵәыџьба-Адлеиба шә-нызқь мааҭ асертификат лнапы иаиркит.
26-шықәса зхыҵуа Оксана лзы ари аҩбатәи хшаароуп. Лыԥҳа еиҳабы Камила шықәсыки бжаки роуп илхыҵуа. Ҿыц ииз аԥшқа лҭаацәа Амина ҳәа лыхьӡырҵарц рыӡбеит.
Аԥсны Ашықәсҿыцтәи аҵх машәырда имҩасит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ашықәсҿыцтәи аҵх иааидкыланы машәырда имҩасит, амилициа аусзуҩцәа досу ирыдҵаз ахырхарҭала иҷаԥшьон. Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәшақәеи рыҟны арзаҳалқәа ҳәа акагьы рмоуӡеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара ареспублика иқәынхо ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟанаҵеит, ауаажәларратә леишәа иқәныҟәаларц, рааигәа-сигәа иҟоу ашәарҭара иҭанаргыларатә еиԥш рхы мҩаԥырымгарц.
Арҭ аныҳәамшқәа рзы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа атәыла аҩныҵҟа ашәарҭадара аԥҵаразы руалԥшьақәа ирӷәӷәоу арежим аҿы инарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс азы раԥхьа ииз ахәыҷы- дыӡӷабуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭалаз 2024-тәи ашықәс азы раԥхьа ииз ахәыҷы - Адлеиаа рҭаацәараҿы ииз ӡӷабуп. Ахәыҷы ашықәс ҿыц ауха асааҭ 3:00 рзеиԥш Аҟәатәи ахшараиурҭа аҿы диит.
Аслан Бжианиа: «Сара сара агәры згоит, зегьы ҳариааиуеит ҳажәҩахыр, ҳалшарақәа анеибаҳҭа!»
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
Акыр иаԥсоу сыуаажәлар!
Минуҭқәак рыла 2024 –тәи Ашықәс ҿыц ҳҭалоит! Ихыркәшахоит ауадаҩрақәа реиԥш, аихьӡарақәагьы зцыз 2023 –тәи ашықәс. Ҳаԥхьаҟа шәаргьы ҳаргьы иаҳдыруеит аус дуқәа шышьҭоу. Аха урҭ қәҿиарала рынагӡара ҳалшоит зегьы ҳаидгылар. Убас алагьы иааиуеит еиҳа еиӷьу, ҳазегьы ҳаззыԥшу аамҭа бзиақәа.
Ҳара агәра ҳгоит 2024-тәи ашықәс ахҭыс бзиақәа ацны иааиуеит ҳәа, ҳтәылаҟнеиԥш, адунеи зегьы аҟны аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхоит ҳәа, аибашьрақәа хыркәшахап, ачымазарақәа маҷхап ҳәа.
Сынтәа шәаргьы ҳаргьы ҳажәҩахыр еибыҭаны иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит ҳтәылаҟны аԥсҭазаара аиӷьтәразы. Ҳара Ԥсадгьылк ауп иҳамоу Аԥсноуп, хықәкыс иҳамоугьы ибеиоу ҳкультура, ҳатрадициақәа еиқәырханы, иааиуа абиԥара ҿыцқәа рызнагароуп.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Украина Арбџьармчқәа ракетала Белгород ақалақь ралахысра иахҟьаны ауаа ахьҭахаз инамаданы дидышшылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Украина Арбџьармчқәа ракетала Белгород ақалақь ралахысра иахҟьаны ауаа ахьҭахаз инамаданы дидышшылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Адышшыларатә шәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Сшәыдышшылоит Белгород ақалақь аҿы иҟалаз арыцҳара инамаданы.
Шәхьаа шәыцеиҩысшоит, иҭахаз ауаа рыуацәа срыдышшылоит.
Аԥсны жәлар урыстәылаа ирыдышшылоит, гәыла-ԥсыла ирыдгылоит, ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩыршоит. Агәыӷра ҳамоуп ас еиԥш арыцҳарақәа аурыс идгьыл аҿы уаҳа иҟаларым ҳәа»