АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥш-арратә командаҟаҵаратә Ҵараиурҭа арратәии атәылауаҩратәи аперсонал иҭацәу амаҵураҭыԥқәа раанкыларазы аконкурс шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵоит. 

Азанааҭ – «аоператив-тактикатә».

Аконкурс иахысуа рахь дҵас иқәыргылахоит: иреиҳаӡоу азанааҭҵара амазаара, аҵараиурҭа аҿы аҵара-методикатә усура аԥышәа амазаара. Акандидат хәы-шықәса иреиҵамкәа арратә маҵзура аԥышәа имазар ахәҭоуп, абаталион аҿы еиԥш егьырҭ иреиҳау архәҭақәа рҿы акомандаҟаҵаратәи аштабтәи амаҵзурақәа дырхысхьазароуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳәаа аԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы 4 200 цыра асигареҭ (210 аҭаҭынҭра)  аиагара ԥхьдырҟәҟәааит. Уи аԥхьа абаџьқәҵарадатә хәаахәҭра адәқьан Duty Free аҿы иаахәаз асигареҭқәа анапылеидарала аиагара иҽазишәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Чанба Иу. Х., ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аофициалтә саит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 800 млн. мааҭ иреиҳаны Аԥсны иашәеит афымцамч Урыстәылантәи аагара азы, ҳәа ԥхынҷкәынмза 29 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.  

Сынтәа афымцамч ахархәара амҽхак  312 млн кВт/с.рыла еиҵахеит.

Кристина Озган лажәақәа рыла, зынӡа ишьақәыгылаз афымцамч ахархәара арбагатә приборқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара  22  238  цыра рҟынӡа инаӡоит.

«Ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  928 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәсазы  аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы уи 552 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон»  , – ҳәа илҳәеит атәыла аекономика аминистр.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәеи рыблнкқәа рыхәԥса шьҭыххоит.

АҬААР аҿы ирыҭахо аршаҳаҭгақәа рыхәԥса уаанӡа 120 мааҭ иреиҳаӡамызт.

Аҭаацәара алалара азы аршаҳаҭга абланк ахәԥса 1000 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.

Хаҵеи ԥҳәыси реилыҵра азы аршаҳаҭга ахәԥса шьҭарнахыс 2500 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.  

Ажәла, ахьӡ, абхьӡ, амилаҭра аԥсахразы аршаҳаҭга – 1000 мааҭ ирклоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьазы Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалахәытә хәҭа 9 млрд. 700 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит атәыла афинансқәа рминистр Владимир Делба.  

Ари акыр зҵазкуа ацлара ауп, уи ҳара адефицит ахәҭак ахарҭәаара ҳалнаршеит. 2023 шықәсазы адефициат афинансыркра ахыҵхырҭа аҳасабала ҳара Амилаҭтә банк аԥаратә хархәагақәа адаҳгалеит, аха урҭ реицҵалыҵ митәык идуум аоперативла аныхтәқәа хырҩартә еиԥш.  Мызкы аҽҳәара аманы иадаҳгалеит, ажьырныҳәамзазы иҳаргьежьуеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа раан ирыдыркылеит «2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект.  Ԥхынҷкәынмза 29 рзы имҩаԥысыз Апарламент асессиа аилатәара иалахәыз рҟынтәи 25-ҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит.

2024 шықәсазы Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет апараметрқәа абас ала ишьақәгылоит:

- ахашәалахәқәа рыла – 15 млрд. 526 млн. 893,4 нызықь мааҭ;

- аныхтәқәа рыла – 16 млрд. 273 млн. 010,7 нызықь мааҭ, Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит – 746 млн. 117,3 нызықь мааҭ.

2024–тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет апараметрқәа абас ала ишьақәгылоит:

- ахашәалахәқәа рыла – 12 млрд. 097 млн. 184,9 нызықь мааҭ;

- аныхтәқәа рыла – 12 млрд. 832 млн. 852,5 нызықь мааҭ;

- 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет адефицит ахышәа-ҵышәа – 735  млн. 667,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

2024 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны иазыҟанаҵо афинанстә цхыраара абас ала ишьақәгылоит:

- асоциал-економикатә ҿиара азы 3 млрд. 900 млн. 732,7 нызықь мааҭ;  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрреи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки 2023 шықәсазы ахашәалахәқәа рзы аҳасабырба ҟарҵеит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 27 рзы, ашәахтәқәа ралагалара аплан  119 % рыла инагӡан, уи аицҵалыҵ  5 млрд. 126 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан иазԥхьагәаҭаз арбагақәа реицҵалыҵ  4 млрд. 318 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон. Аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы абри азы адырра ҟаиҵеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрреи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки 2023 шықәсазы ахашәалахәқәа рзы аҳасабырба ҟарҵеит.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 27 рзы, ашәахтәқәа ралагалара аплан  119 % рыла инагӡан, уи аицҵалыҵ  5 млрд. 126 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан иазԥхьагәаҭаз арбагақәа реицҵалыҵ  4 млрд. 318 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон. Аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы абри азы адырра ҟаиҵеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара анапхгаратә аамҭа кьаҿ иҭагӡахо ахықәкытә программа  «2024 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиаа» шьақәнарӷәӷәеит.

Убас ала, 2024 шықәсазы апрограмма анагӡара азы Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 150 миллион мааҭ азоужьра азԥхьагәаҭоуп. 2023 шықәсазы ари апрограмма афинансыркра 100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.

Аԥаратә хархәагақәа дәықәҵахоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла:

- аҵиааӡара, шықәсыктәии шықәсырацәатәи аҵиаақәеи аҟәыҟәбаақәеи иаарту адгьыл аҿы реиҭаҳара;

- арахәааӡара аҿиара;

- аԥсыӡкра аусхкы аҿиара;

- аҵиаақәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵқәеи аԥхасҭа зырҿио ахәаҷамаҷақәеи аҵиаатә чымазаақәеи рацәыхьчара, иара убас ақыҭанхамҩатә культурақәа  рыхьчара азы аусурақәа рымҩаԥгара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ  аҭыжьреи аус адулареи  рзы аҭыжьра-техникатә база  аԥҵареи арҿиареи;

- ақыҭанхамҩатә техника аахәара (атракторқәа, амотоблокқәа, атехника иадыкнарҳауа амаругақәа, уҳәа убас иҵегьы);

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2024 шықәсазы анаркотикқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи ралагалареи ралгареи рыҵәахреи рзы аквота шьақәнарӷәӷәеит.  

Алпразолам - 4,0 грамм;

Буторфанол - 20,0 грамм;

Диазепам - 700,0 грамм;

Кетамин - 2 700,0 грамм;

Клоназепам - 200,0 грамм;

Кодеин - 14,4 грамм;

Морфин – 800,0 грамм;

Натриа оксибутират (ГОМК) – 6000,0 грамм;

Прегабалин – 30 000,0 грамм;

Тебаин – 1,0 грамм;

Tримеперидин – 600,0 грамм;

Фенобарбитал – 1 500, 0 грамм; 

Фентанил – 75,0 грамм.

Иарбоу аӡбамҭа анагӡара ахылаԥшра аҭара агәабзиарахьчара Аминистрра иадҵоуп.

Аквотақәа амедицинатә, анаукатә, аҵаратә, аҭҵааратә  хықәкқәа, аексперттә усуреи аоператив-ԥшааратә усуреи аветеринариеи рҿы ахархәара зауа анаркотикқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи рзы ишьақәырӷәӷәахоит. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.