АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Ԥхынгәы.2024

Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи араунд алҵшәақәа рзы адырра ирҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи араунд алҵшәақәа рзы адырра иҭеит. Аконсультациақәа рхы аладырхәит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, Қырҭтәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа рхаҭарнакцәа. Аиҿцәажәарақәа рҿы аицхантәаҩра нарыгӡон Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН), Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара азы Аиҿкаара (ОБСЕ), Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС).

Одиссеи Бигәаа ишазгәеиҭаз ала, аиҿцәажәарақәа рҿы ҩаԥхьа иалацәажәон аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы аҭагылазаашьа. Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла еиҭахгьы инаҵшьны ирҳәеит Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи Гал Аидысларақәа рызхьаԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (МПРИ) арҿыцреи шаҭаху. Ақырҭуа ган акәзар, аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра ахҭысқәеи иара убас Аԥсны аӡбарҭа аӡбарала иҭаку Қырҭтәыла атәылауаа рызҵаареи ракәын изызхьаԥшуаз. Қарҭ уаанӡеиԥш уажәгьы атермин «аоккупациа зызу аҵакыра» ахы ианархәон, амч ахамырхәаразы аҭакԥхықәра Москва ахахьы иагар шакәу аҳәон. «Аганқәа рыбжьара амч ахархәара  мап ацәкра азы аганқәа зегьы рзы аҭакԥхықәра зцу аусшәҟәы анапаҵыҩра азы аилибакаара залмыршахеит», - ҳәа иҳәеит Одиссеи Бигәаа.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр  инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа аԥыза-министр Швеицариа анеитралтә статус ацәыӡра инамаданы, Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ-Уаԥстәыла аделегациақәа Женеватәи адискуссиақәа аиҿцәажәарақәа рформат ааныжьрала даҽа ҭыԥк ахь рыиагара азы ажәалагала ҟарҵеит ҳәа  адырра иҭеит.

Женеватәи адискуссиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа рылацәажәара иацҵан. Убас, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа ԥынгыла рымамкәа инеиааиларц азы, аҵареи агәабзиарахьчареи уадаҩрада ироуларц азы азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аҟәа ажәалагала ҟанаҵеит аԥсуа тәылауаҩшәҟәы змоу атәылауаа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь ицаразы ироуа ауадаҩрақәа рыӡбаразы жәларбжьаратәи аусутә гәыԥ аԥҵазарц.  

Женеватәи адискуссиақәа анаҩстәи араунд ҟалоит 2024 шықәса, абҵарамза анҵәамҭа-ԥхынҷкәынмза алагамҭазы.

 

 

 


Read 93 times - Ахаша, 03 Ԥхынгәы 2024 14:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.