АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аҿы «Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь игәалашәара Ахраҿа агара азы» амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир аартра иазкны аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.  

Шьыжьы инаркны атурнир алахәылацәа Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭа иаҭааит. Урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа раԥхьатәи апрезидент, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьаз Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба атурнир алахәылацәа дрыдныҳәалеит, ақәҿиарақәагьы рзеиӷьаишьеит.

Аԥсны амҵәышәмпыл апрезидент Ераст Агәмаа атурнир аԥснытәи амҵәышәмпыл шәы-шықәса ахыҵра азгәаҭара ашықәс азы имҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  Сынтәа амҵәышәмпыл азы Аԥсны еизгоу акоманда Краснодартәи атәылаҿыцә ачемпионат аԥхьахә агара алшеит.

Атурнир аартра ацеремониа рхы аладырхәит Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иԥеи имоҭеи.

Аицлабрақәа мҩаԥыслоит ԥхынгәымза 2 инаркны ԥхынгәыза 6 аҟынӡа.  

Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи аа-командак.

Атурнир аӡбаҩ Хада – Алада Урыстәыла Аолимпиатә академиа апрезидент ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Асоветтә Федеративтә Социалисттә Республика зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ,  «Ахьӡ-Аԥша» орден III аҩаӡара занашьоу  Алеқсандр Банников.

Атурнир аартра ацеремониа аҿы иқәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ».

Атурнир еиҿкаан Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациаеи рылшарақәа рыла. Убри аан адгылара ҟарҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил». 

Раԥхьаӡа акәны атурнир аматчқәа ишиашоу ала ицо аефир ала иддырбалоит Аԥснытәи ателехәаԥшреи «Абаза-ТВ» рыла.  

 


Read 175 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.