АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынгәы.2024

Амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит 56 цыра акриптовалита араҳара иазку аппаратқәа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи Аусбарҭеи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи Уарча ақыҭа, ԥыхьатәи ашәҭааӡарҭатә совхоз аҵакыраҿы аус зуаз акриптофера рыԥшааит.

46 маининг-аппаратқәа ықәганы Аԥсны Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инаган. Иарбоу аиқәыршәагақәа рыԥшәма – Гагра ақалақь аҿы инхо Лакербаиа Русҭам Руслан-иԥа иганахьала административтә зинеилагара азы аматериал еиқәыршәоуп. Уи аԥхьа Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Маркәыла ақыҭан, Миквабиа Ҳаџьараҭ Виктор-иԥа ихатәы нхарҭаҭыԥ иахьаҵанакуаз игылаз аихац зҭаҟаҵаз абетонтә хыбра аҩныҵҟа ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа 10. Аиқәыршәагақәа аҿырхит. Урҭ ықәганы Аҳәынҭтандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.  


Read 89 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.