АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  26 рзы Иира Амш азгәеиҭоит Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқаб.  

Адныҳәалара ааишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин.

Адныҳәалара атекст аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Анқәаб Золотинска-иԥа, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи хаҭала сара сыхьӡалеи шәира Амш шәыдысныҳәалоит.

Исымоу алшара схы иархәаны иазгәасҭарц сҭахуп аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рыпринципқәа рыла ишьаҭарку Урыстәылеи Аԥсни реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аҿы Шәара акыр аҵак ду змоу шәлагала. Анапхгаратә хылаԥшрала активла аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, иара убас агуманитартә усхкқәа рҿы қәҿиарала аперспективра злоу апроектқәа рынагӡара алыршахоит.  

Агәра ганы сыҟоуп, анаҩстәи ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи аусеицура, аперспектива злоу апроектқәа реицынагӡара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ишрықәшәо», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы. Ҳәаҭыр зқәу, Алеқсандр Золотинска-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара, аҭакзыԥхықә маҵураҿы аихьӡарақәеи аманшәалареи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алитература, аҟазара, архитектура азы 2020–2022 шш. рзы Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ауразы аихшьаалақәа ҟарҵеит.  

Имаӡоу абжьыҭирала апретендентцәа рҟынтәи аӡәгьы аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иахәҭоу абжьқәа рмоуӡеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит акомиссиа ахантәаҩы Даур Наҷҟьебиа. 

Алитература, аҟазара, архитектура аҿы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа хԥа хы-шықәса рахь знык иранашьахоит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба  аоппозициатә политикатә мчрақәа рыла ԥхынҷкәынмза 27 рзы зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу  азинтә шьаҭа змам амитинг рҽалдмырхәырц азы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Адгәыр Агрба Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәеи Лакоба имҩадууи рҿы игылоу Аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс акәша-мыкәша адәахьтәи анаԥшра акамерақәа шышьақәыргылоу, уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаҩра шымҩаԥысуа азы адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа ала Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭан аҭыԥ агәаҭара мҩаԥыргеит. Урҭ  уахь дахьнымхоз ахыбра аҵаҟа ирыԥшааит ахьчаратә системала еибыҭаз амаининг-ферма.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  24 рзы аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы Аусбарҭа аусзуҩцәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршареи рхылаԥшреи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа рыцны   ирацәаны аԥсихотроптә маҭәашьарқәа аҳәаа ианахигоз Аԥсны атәылауаҩ Ҳаџьымба И.И. дааныркылеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперт-криминалисттә маҵзура алкаа инақәыршәаны, иаанкылаз аҳәааҿы игәаҭараан иара инапылаеидараҿы ирбалеит 497 капсулеи 209 таблетка прегабалин ҳәа изышьҭоу амаҭәашьари, ҳәа иаанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхьахә «Аԥхьагыла қәыԥш – 2023» анашьара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Апремиақәа ранаршьеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара иалоу аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рҿы аус зуа аспециалист ҿарацәа.

Ари ашықәс азы иреиӷьу аусзуҩцәа қәыԥшқәа ҳәа иалыркаарц азы Аминистрцәа Реилазаара иаҵанакуа аминистрақәеи аусбарҭақәеи 21 рҟынтәи 58 кандидатура алаҵан.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә аартуа, аҿари аспоти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны ҳтәыла аизҳазыӷьара азы аус зуа аҿар бзиа ҳамоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иара убас иҳамоуп аихьӡарақәа маҷымкәа иаазырԥшуа аспортсмен бзиақәа. Шәара шәоуп уаҵәтәи ҳтәыла аԥеиԥш зыдҳәалоу», – ҳәа иҳәеит иара.

Аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи иреиӷьу аусзуҩцәас иалкаахеит:

Акультура аминистрра – Милана Хоџьаа; ⠀

Агәабзиарахьчара аминистрра – Милана Акаба;

Аҵара аминистрра – Аслан Қәҭелиа;

Аиустициа аминистрра – Леон Хәытаба;

Аекономика аминистрра – Омар Ақаҩба;

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра – Хьыбла Роган-оӷлы;

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра – Гәырам Григолиа;

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра – Диана Лакоба;

Ақыҭанхамҩа аминистрра – Кристина Ануа;

Атуризм аминистрра – Андреи Ншаниан;

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра – Саид Ҷан-оӷлы;

Акультура Аминистрра – Хоџьаа Милана Енвер-иԥҳа;

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа асессиа аилатәара аҿы актәи аԥхьарала «Ихымԥадатәиу атәанчахәытә ԥгаԥса асистемаҿы хазхаҭалатәи (ихаҿырку)  ашәҟәҭагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.

«Иарбоу азакәан апроект атәанчаҩратә еиқәыршәара  ареформақәа ралагалараҿы ихадоу аелементқәа ируакуп, уи аҳәынҭқарратә тәанчахәытә еиқәыршәара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара  иаҵанакуа атәылауаа рзы адыррақәа хра рыманы рышәҟәҭагалара амҩаԥгара алзыршо ҳаамҭазтәи аҳәынҭқарратә система аԥҵара иазырхоуп», – ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы  аҿы.

Иарбоу азакәан адкылара, иара убри ала хазхаҭалатәи (ихаҿырку) ашәҟәҭагалара алагалара, атәанчаҩратә еиқәыршәара асистема аҿы иҟоу апроблемақәа жәпакы рыӡбара алнаршоит.  

Азакәан апроект аҳәынҭқарратә тәанчаҩратә система амеханизмқәа аҿиара иаҿу аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа ирықәшәо аҟалара иацхраауеит, аԥгаԥсатә џьашықәси иалагалаз аԥгаԥсатә шәатәқәеи рхышәа-ҵышәа иадҳәалоу атәанчахәы ахышәа-ҵышәа ашьақәыргылареи рганахьала  аҳәынҭқарратә тәанчаҩратә ԥгаԥсаҟаҵара аҿиареи, атәылаҿы аус зуа ауааԥсыреи тәанчара иҟоуи рхыԥхьаӡара еиҳа ииашаны азԥхьагәаҭареи рзы алшара аԥнаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәии қырҭтәылатәии аганқәа Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҟны аусуатә еиԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа арадио Sputnik ахь адырра ҟалҵеит атәыла аԥыза-министр  ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

«Ирылацәажәеит 2024 шықәса ажьырныҳәамза-жәабранмза рыҩныҵҟа афымцамч аиура амҽхак,  аӡеизакырҭа аҿы ихымԥадатәиу аӡы аҩаӡара ааныжьра алыршарала, иарбоу аамҭахәҭазы афымцамч ахархәара аграфик, иара убас иарбоу акомплекс аексплуатациа иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәагьы», - ҳәа иазгәалҭеит Кристина Озган.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 22 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи «Амилаҭтә интеллектуалтә ҿиара» афонд ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭанхамҩеи, аҵараиуреи, акультуреи ирызку асхкқәа рыҟны апрограммақәа рынагӡара инамаданы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аиԥылара иара убас иалахәын: ақыҭанхамҩа аминистр Џьопуа Беслан, адәныҟатәи аусқәа рминистр Арӡынба Инал, акультура аминистр ин.н. Смыр Динара, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа.

«Амилаҭтә интеллектуалтә ҿиара» афонд аусуразы Ахада адырра илҭеит Адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Наталиа Попова. Илҳәеит афонд хықәкы хаданы ишамоу иҿыцу атехнологиақәеи аалыҵқәа ҿыцқәеи раԥҵаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵарала амилаҭтә уаҩытәҩсатә капитал аизырҳара ацхыраара аҭара.

«Ҳара атехнологиақәа алаҳарҵәоит, иара убас аус еицаҳуеит аиҩызара ахьҳабжьоу иаарту, аусеицура иазхиоу атәылақәа рыҟны», - иазгәалҭеит Н. Попова.

Агробиотехнологиақәа рзы адиректор Владимир Авдеенко инарҭбааны далацәажәеит аҽаҩра акырӡа иаззырҳауаны иҟоу ақыҭанхамҩа абиологиартәраҟны ихадароу.  «Аԥсны иахьаҵанакуа ҳара иҳалшоит арахәааӡареи аҵиааӡареи ргенетика аусхк иазку апрограммақәа рынагӡара, ари ареспубликазы актуалра змоу ак акәзар ҟалоит», - иаҵшьны иҳәеит иара. Авдеенко иара убас иҳәеит ақыҭанхамҩазы акадрқәа адгылара рыҭареи разыҟаҵареи рзы аусура шымҩаԥырго.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иаҵшьны иазгәеиҭеит атуризм анаҩс Аԥсны ақыҭанхамҩатә ҟәша ареспубликазы иамоу аҵак ду. «Асовет аамҭазы акультура ааӡара аганахьала иҳамаз арбагақәа иахьатәиқәа раасҭа 4-нтә - 5-нтә еиҳан. Шәара иахьа шәызлацәажәо Аԥсны ахархәара аиур алшоит ҳәа мацара акәӡам, хымԥада хархәара амазароуп, ҷыдала, ацитрустә культура, - иҳәеит аҳәынҭқарра Ахада. – Аԥсуа мандарин – баша қыҭанхамҩатә аалыҵны иҟаӡам, ари акультура иахәҭакуп, брендуп. Уи иацназго ыҟаӡам».

Урыстәылатәи аган иазгәанаҭеит ацитрусқәа раарыхраҟны аселекциатә процесс аиҭашьақәыргылареи аԥсуа специалистцәа разыҟаҵареи рзы ҷыдала апрограмма аус адулара ишазхиоу.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аминистр Џьопуа Беслан иҭабуп ҳәа ахиҳәааит аусеицуразы иҟаҵаз ажәалагала, адырра ҟаиҵеит урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура шеимадоу. «Аԥсны абиотехнологиақәа уаанӡагьы ахархәара рыман. Ҳара ҳазхиоуп ааглыхратә мҽхакы аҭаны аҵиаақәа раарыхразы ахәшәқәа рҭыжьра инамаданы аусеицура", - иҳәеит аминистр.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1000 инарзынаԥшуа асахьаркыратә литература ашәҟәқәа ашколки араионтә библиотекақәеи ҳамҭас рыҭара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынҷкәынмза 22 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москватәи акультура-усуратә  центр «Москва Аҩны» аҿы.  Ашәҟәқәа раагара еиҿкаан Москва Анапхгара афинанстә цхыраара иабзоураны.  

Асахьаркыратә литеатура роуит Даур Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратәи ашколи Гал, Очамчыра араионтә библиотекақәеи, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа.

«Москва Аҩны» адиректор Алеқсандр Бигәаа ари «Москва Аҩни» Очамчыреи Гали араионқәеи раԥхьатәи русеицура акәӡам ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, ари шьҭа хра злоу атрадциахь аиасра иалагеит.

«Ари ҳара ҳҟынтәи раԥхьатәи цхыраараӡам. Иҳаҩсыз ашықәс азы Очамчыратәи ашколтә библотекақәа ҩба ашәҟәқәа ҳамҭас ирыҭан, иара убас Очамчыратәи араионә хәышәтәырҭа Хада хазхаҭалатәи ахархәаразы амедицинатә хархәагақәа раахәара аҳасабала ацхыраара аҭан. 2023 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу амедцинатә хархәагақәа убасҵәҟьа Гал ааион ахәышәтәырҭа хадагьы иазоужьхеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.