АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа 2024 шықәсазтәи абиуџьетнҭыҵтә фондқәа ԥшьба рбиуџьетқәа рыдыркылеит.

Абиуџьетқәа зегьы адефицит змам биуджетқәоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәараҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагаларазы» азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи афинансқәеи рзы апараламентә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.  

«Аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагаларазы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аҳасабеилыргаратә шәҟәҭагалара аусхк аҟны аелектронтә хархәагақәа рырҭбаара, афинанстә гәаҭара аусбарҭақәа рзы аҳасабеилыргаратә ҳасаббара армариара иазырхоуп.

«Иҟоу азакәанԥҵара ахь зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакра аиуристә ҵакы змоу аелектронтә усшәҟәқәа реимадара, рхархәара иацхраауеит; афинанстә гәаҭара аусбарҭақәа рзы аҳасабеилыргаратә ҳасабырба аелектронтә формала амаҵзура "1С-Отчетность" ала анашьҭра (аиҿкаара анапхгаҩы иҟантәи агәрагага ыҟазар);.

аҳәынҭқарратә информациатә системақәа аус рыцура армариара», – ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркаага аҿы.

Азакәан иалагалахо аиҭакрақәа аелектронтә напынҵамҭа, уи ахкқәеи ахархәашьеи ирыдҳәалахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 20 – 21 рзы Аԥсны атәылахьчара Аминистрреи аштаб Хадеи Русбарҭақәа аруаа алархәны аоператив-мобилизациатә еизгарақәа мҩаԥыргеит.   

Аизгарақәа рҿы аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа, ҳаамҭазтәи аетап аҿы урҭ рыӡбаразы амҩақәа рыԥшаара, иара убас ареспублика Арбџьармчқәа рыҿиара ихадоу ахырхарҭақәа алкаан.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аенергетика аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп х-ҩык аенергетика аусзуҩцәа.  Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университет аректор Станислав Прокофиев диԥылеит.  

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥснытәи астудентцәа Афинанстә Университет аҿы рҵара, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу Афинанстә Университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети рыбжьара аҩганктәи аусеицура аперспективақәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  

Станислав Прокофиев Ауниверситет аусуреи аспециалист ҿарацәа разыҟаҵареи ртәы еиҭеиҳәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 20 азы Аҳазаләратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иаанкыланы игәаҭан автомашьына «Nissan Terrano». Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ.  Автомашьына аҩныҵҟа ирбеит 4 цырак акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә ҵакыра ашҟа заагара азы аԥкрақәа алагалоу, акриптовалиута арҳара иазку амаругақәа рымырхит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аоперативтә ҟәшеиҵақәа аиқәыршәагақәа изакәанымкәа атәыла алагалара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аилкааразы иацҵаны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.    

Административтә зинеилагара азы аусеилыргара хацыркуп. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра хатәгәаԥхарала иалахәыз аибашьцәа Маиҟәаԥ ақалақь аҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаршьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Советская Адыгея».

Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысуан агуманитартә ҭҵаарақәа рзы ареспубликатә Институт аҿы. Уи ихы алаирхәит амилаҭқәа русқәеи аидгьылуааи амассатә информациа ахархәагақәеи рымадареи рзы Адыгеиа Акомитет ахантәаҩы Аскер Шхалахов.

Аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура Хада азакәанԥҵара ақәныҟәара ахылаԥшра Аусбарҭа 2022 шықәса инаркны 2023 шықәса актәи азыбжа аҟынӡа азинмчы змоу аусбарҭақәа рыла «Административтә зинеилагарақәа рзы аӡбараеиҿкаара азы» Ареспублика Аԥсны Азакәанеидкыла ақәныҟәара ахьынӡаларшаз азы апланла иазԥхьагәаҭаз агәаҭара мҩаԥнагеит.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭинспекциа аусбарҭа агәаҭараан Аинспекциа амаҵурауаа русура аҿы аилагарақәа аадырԥшит, инҭкааны иуҳәозар, Автоинспекциа аусзуҩцәа, «Административтә зинеилагарақәа рзы аӡбараеиҿкаара азы» Ареспублика Аԥсны Азакәанеидкыла ахәҭаҷ  119, ахәҭа  1 инақәыршәаны, даҽакала иуҳәозар, ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы ауааԥсыра административтә ҭакԥхықәа рақәыршәараан аилагарақәа ҟарҵон.   

Иарбоу азинеилагара азы административтә ҭакԥхықәра адҵара азы шьаҭас иҟоуп алкотестер ахархәарала, мамзаргьы амедицинатә  гәаҭарала амашьынарныҟәцаҩ ижәны дыҟоу дыҟаму, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар идкыланы дыҟоу-дыҟаму аилкаара.  Аилагарақәа абарҭ афактқәа рыла иалкаахеит: амедицинатә гәаҭара алҵшәақәа  зныз адырранҵақәа, мамзаргьы аметрологиатә гәаҭара иахысыз алкатестерқәа  ыҟаӡамызт. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысит  жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аидгьылуаа рымадареи рзы Аилак аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура.

Аилак алахәылацәа «Аекономикатә усқәа рзы аӡбаратәи арбитражтәи аӡбарақәа рынагӡареи разхаҵареи рзы Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аратификациа азы» азакәан апроект иахәаԥшит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 85-шықәса зхыҵуаз ахаҵа дҭахеит Аҟәа араион Ешыра ақыҭан иҟалаз абылра аҿы, ҳәа адырра ҟарҵоит  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҿы.  

«Абылра шыҟалаз азы адырра ҟалеит асааҭ 03:49 рзы. Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыхьчара азы Аԥшаара-еиқәырхаратә Отриад абылрацәыхьчаратә отриад аҭыԥаҿы ианнеи аамҭазы аамҭа аргылара зегьы амҽханакхьан», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Иҟалаз абылра иахҟьаны аҩны шьаҭанкыла иблит. Амашәыр зыхҟьаз аилкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.