АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Рашәара.2024

Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа азгәарҭоит.

Аҟәа. Рашәарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа, адунеи зегьы аҿы аԥсылмантә дин ныҟәызго зегьы реиԥш, сынтәа рашәарамза 16 иақәшәаз, аԥсылмантә ныҳәа хадақәа ируаку  Кәырбанныҳәа азгәарҭоит. Кәырбанныҳәа, мамзаргьы араб бызшәала - Ид аль-Адха —аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Кәырбан-Баирам аныҳәа акәзар, зуль-хиджа амза а-10-тәи амш (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза) ауп иаанаго.) Кәырбан-Баирам — ԥсыламан ныҳәоуп, иазгәарҭоит аныҳәа Ураза-Баирам ашьҭахь 70 мшы анҵлак. Аԥсны иара ахатәы милаҭтә хьӡы амоуп – Кәырбанныҳәа. Уи иусуратәым ныҳәамшны ирылаҳәоуп.

Традициала ишаԥу еиԥш, Кәырбанныҳәа аҽны аҟәатәии гәдоуҭатәии аџьамаақәа рҿы ашьыжь шаанӡа  анамаз мҩаԥыргеит, аныҳәатә абжьагажәа иаԥхьеит.  

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Напхгараҭара амыфҭы ареспублика иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа инамаданы дрыдныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу сашьцәеи, саҳәшьцәеи, Аԥсны аԥсылманцәа!

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Напхгараҭара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала хәыҷи-дууи зегьы ишәыдысныҳәалоит Аԥсылман зинхаҵара ныҟәызго зегьы рзы ихадоу аныҳәақәа иреиуоу - Кәырбанныҳәа (Курбан-Байрам).

Зегь Зымчу Аллаҳ сиҳәоит шәара иҟашәҵази ҳара иҟаҳҵази аԥсаҭатә, аматанеирақәа, хра злоу аусқәа идикыларц, ҳагәнаҳарақәа ҳанеижьарц, амҩа иаша ҳирбарц!

Аллаҳ сиҳәоит доусы ҳагәқәа аразреи, арыцҳеибашьареи, ачҳареи абзиабаралеи рзы иаатны иҟаларц, ҭаацәаныла зегьы аилибакаареи аманшәалареи ҳаурц!

Иа, Аллаҳ! Улԥха, угәыԥха ҳацзааит! Ҳтәылаҿы  ашәарҭадареи аҭынчреи шьақәгылааит,  аизҳазыӷьара ҟалааит»!»

Иахьатәи Кәырбанныҳәа аҵас аҳаџьра ианцо ажәабатәи амш амза Зуль-ҳиџьа ахьӡуп, аҳаџьра иамоу аҵасқәа руак аԥсаҭара - Хазшаз ихьӡала ашьтәа ашьра иадҳәалоуп. Аԥсуаа ҳҟны иаҳҳәоит рыкәырбан рықәырхуеит ҳәа. Кәрбан ныҳәа, мамзаргьы Ид аль-Адха — аԥсылманцәа рныҳәақәа ируакуп. Уи ҭоурыхла аԥааимбар Ибраҳим (Авраам) иахь ҳагоит. Ишдыру еиԥш, Ибраҳим ажәлар рахь Ҳазшаз иажәа назгоз дреиуан. Ари аҽны аҟәырҟан излаҳәо ала, ԥхыӡла, аԥаимбар Ибраҳим иҿы днеины, ԥсаҭатәыс Аллаҳ иҿаԥхьа иԥа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыԥш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дԥишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ, Ибраҳим иԥа деиқәирхоит. Иԥа ихаҭыԥан ауаса ԥсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аԥа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит. Ари ахҭыс инамаданы аԥсылманцәа гәыла-ԥсыла Аллаҳ изааигәахара, агәнаҳарақәа рхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ԥсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаԥгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аԥсылманцәа, ԥсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Кәырбанныҳәа –  Мекка адәҳәыԥш аҟны иҟоу, аԥсылмантә дунеи аҿы иреиҳау ԥшьаҭыԥны иԥхьаӡоу, Ибраҳими уи иԥа Исмаили идыргылаз – Кааба ахь аҳаџьра ахыркәшара иадҳәалоуп. Аныҳәа азгәарҭоит хымш-ԥшьымш.

 

 

 

 

 

 


Read 102 times - Ашәахьа, 17 Рашәара 2024 20:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.