Абри аныҳәамш азы Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа, иара убас аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аизҳазыӷьара. Ҳазшаз дышәхылаԥшлааит шәахьыҟазаалак шәаргьы шәҭаацәарақәагьы», ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.
16.Рашәара.2024
Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Курбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 16, 2024шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Курбанныҳәа рыдиныҳәалеит.
«Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа гәык-ԥсык ала Курбанныҳәа рыдысныҳәалоит. Иԥшьоу аҭыԥқәа рныҟәара иазҳәоу ари аныҳәа аҵак дуӡӡа амоуп, ауаа ракзаара, реихӡыӡаара, ррыцҳаибашьара, ауаажәларраҟны ауаҩра, аидгылара, аиашара аидеалқәа рышьақәырӷәӷәара иазкуп.
Аԥсны иҟоу аԥсылман уаажәларра атәыла аԥсҭазаараҟны инанагӡо ароль маҷӡам амилаҭбжьаратә, аконфессиабжьаратә еизыуаара шьақәырӷәӷәо. Аҭаацәаратә ҵасқәа реиқәырхараҟны, изызҳауа абиԥарақәа рааӡараҟны, агәыҳалалратә цхыраара аҟаҵараҟны, иара убас асоциалтәи аҵараиуратәи аԥшьгарақәа рынагӡара аус аҟны уи алагаламҭа азгәаумҭар ҟалом.