Аҟәа. Рашәарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә амаҵзура аԥҵоижьҭеи 32 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарра ахьчаратә амаҵзура Аиҳабы Дмитри Дбар, аусзуҩцәа, аветеранцәа.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә Ахьчаратә маҵзура аусзуҩцәа, аветеранцәа!
Ишәыдысныҳәалоит амаҵзура аԥҵоижьҭеи 32 ш. ахыҵра.
Аԥсны аҭоурых аҟны абри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчаразы ауасхыр шьҭаҵан. Аҳәынҭкарратә ахьчара амаҵзура -аӡәыкны еидгылоу, зус иазҟазоу, иара убас апатриотцәа еидызкыло коллективуп.. Ахатә еилазаара есҽны ахаҵареи, агәаӷьреи, гәык-ҧсык ала аҧсадгьыл азыҟазааразы иуадаҩу ашәарҭаратә ҭагылазаашьаҟны аҧышәара иахысуеит. Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура еснагь аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ирласны, ииашаны рынагӡара иазхиоуп.
Иахьа ҳара иара убас иаҳгәалаҳаршәоит Аҳәынҭқарра ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа, зуалԥшьа анагӡараҿы иҭахақәаз. Урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳхы-ҳгәаҿы иаанхоит.
Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит амаҵзура аветеранцәа, зԥышәа беиеи акыршықәсатәи шәусура еиҵагыло абиԥара рзы иҿырԥшыганы иахьыҟоу.
Иҭабуп ҳәа расҳәоит Амаҵзура анапхгареи ахатәы еилазаареи набыцра зқәым рмаҵзуразы, ажәа шәысҭоит аԥхьаҟагьы Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзура аус адгылара шасҭо азы.
Абри аныҳәамш аҽны, Дмитри Сергеи-иԥа, аусзуҩцәа, аветеранцәа зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, шәнапы злаку аҭакԥхықәра зцу шәус аҟны ақәҿиарақәа!».