АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Рашәара.2024

Гагра ақалақь аҿы амҩақәа рҿы аиқәыршәазааратәи ариаҵәаратәи аусурақәа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Рашәарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы аиқәыршәазааратәи ариаҵәаратәи аусурақәа ирыцҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагра араион Ахадара аофициалтә саит.

Гагра имҩаԥысуа аиқәршәазааратә усурақәа ртәы еиҭеиҳәеит Гагра ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба. 

Ақалақь аиқәыршәазаара акыр аҵанакуеит аинвесторцәеи атуристцәеи радыԥхьалара азы адагьы иара ақалақь ауааԥсыра рхаҭақәагьы рзы. Гагра ақалақь аҿы 2021 шықәса инаркны апаркқәа, аскверқәа, ашьаҟамҩақәа рырҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит.  

«Абазгаа рымҩа акаҭран ақәҵара хыркәшахеит. Анаҩс иазԥхьагәаҭан ашьаҟамҩақәа рырҽеира, арлашагатә шьаҟақәа рыргылара, уи аамышьҭахь ариаҵәаратә усурақәа рымҩаԥгара. Абазгаа рымҩа ахәҭак аҿы иҳаҩсыз ашықәс азы аҷамҳа ҵла аллеиа еиҭаҳан», - ҳәа иазгәеиҭеит Адамыр Цышба.

Абазага рымҩа егьи ахәҭа аҿы ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамзазы вашингтони ҳәа изышьҭоу аҵиаақәа раллеиа ҟалеит. Еиҭаҳаз, зоура 3 метрак рҟынӡа инаӡоз апальмақәа аднакылеит.  Аҵиааақәа аекологцәа рабжьгара инақәыршәаны иааиԥмырҟьаӡакәа аус рыдырулоит.  Аҵиаақәа ҳаамҭазтәи ақалақь аландшафт аԥҵара аҿы акыр зҵазкуа архитектуратәи акомпозициатәи ароль нарыгӡоит.

Ажәытә Гагра иахьаҵанакуа аҵлақәеи ачықьқәеи реиҭаҳара иаҿуп.

Ақалақь аҿы амҩаду хада иаваршәны ашьаҟамҩақәа рырҽеира мҩаԥысуеит. Инамҩатәны адекоративтә ҵиаақәа ршьапқәа ршәуеит.

Акурорттә аамҭахәҭа аламҭалазы Аԥсны акурорттә қалақьқәа рҿы азаҵәылаҭира маҷ активла иалагоит. Гагра араион аҿы аусура иалагеит архитектор хада, Гагра араион Ахадара  аекономикеи ахархәаратә џьармыкьеи рыҟәша аиҳабы, асанитар-епидемиологиатә Маҵзура аҳақьым хада, иара убас араионтә Еизара адепутатцәа злаху акомиссиа. Урҭ ақалақь аҿы аус зуа аҿхышәқәа гәарҭоит. Уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз апроект инақәыршәаны, азаҵәылаҭира маҷ иаҵанакуа аобиектқәа зегьы иаку аҿырԥшы иақәшәозароуп. Ишьақәырӷәӷәаз адҵақәеи аҭагылазаашьақәеи ирықәымшәо аӡыргатә ԥырақәа зегьы рықәгара мҩаԥысуеит.

Араион Ахадара ахықәкы хаданы иҟоуп – ақалақь иҿыцу, еиӷьу аҩаӡара ахь ацәыргара. Уи азы ауааԥсыра рҟынтәи аилкаареи адгылареи хымԥадатәиуп.


Read 179 times - Ахаша, 19 Рашәара 2024 10:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.