
pressadmin-2
Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла аԥсахрақәа алагалоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны Аҳаиртә закәанеидкыла аԥсахрақәа аларгалеит. Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла рыдыркылеит нанҳәамза 5, 2009 шықәсазы, аусура иалагеит 2009 шықәса цәыббра 1 азы.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
«Ареспублика Аԥсны Аҳаиртә Закәанеидкыла аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект атәылауаҩратә авиациа аусхк аҟны азинтә еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара аиӷьтәра ауп изызку.
Азакәан апроект иаԥхьагәанаҭоит:
- иарбоу аусхкы аҿы азинмчнагӡа змоу аусбарҭақәа рҳәаақәҵара иадҳәало аилкаарақәа реиӷьтәра;
– аусурахь рыдкылараани русураамҭеи рзи амедицинатә гәаҭара аҳаирусзуҩцәа аҟазауаа рахыжьразы аԥҟарақәа рышьақәыргылара, анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа рцәа алазааразы атестқәа рымҩаԥгарагьы налаҵаны;
– ауаажәларратә авиациа аусхк аҟны азинмчнагӡа змоу аусбарҭа агәабзиарахьчара аусхкы аҿы азинмчы змоу аусбарҭа ақәыршаҳаҭрала, аҳаирусзуҩцәа аусурахь рыдкылараани русураамҭеи рзи амедицинатә гәаҭара рахыжьразы аԥҟара аҳәаақәҵараз амчлшара иҭара;
– аграждантә авиациа аусхк аҟны азакәанԥҵара аҭахрақәа рықәымныҟәараан авиациатә еиҿкаара ма ахаланаплакҩы рганахь ала ахархәара зауыр алшо ауснагӡатәқәа рышьақәыргылара;
– авиашәарҭадара аҭахрақәа еилазгаз, абагаж, аидара, аԥошьҭа рымҩангараан ззин ыҟам амаҭәарқәа уахь раларкра ҟазҵаз ахаҿқәа азинхьчаратә усбарҭақәа рыҭаразы арҭ аусбарҭақәа азинмчра рыҭара;
– агәаҭаратә нормақәа реиӷьтәра, ахәҭакахьала аԥыррашьҭахьтәи агәаҭарақәа рымҩаԥгара аҭагылазаашьақәа алкааны ишьақәнагылоит;
– аҳаиртә мҩангара азеиԥш ԥҟарақәа ирҿамгыло апассаџьырцәа рымаҵ аура еицәазымтәуа ахатә ԥҟарақәа амҩангаҩ иҭара;
– амҩангаратә документқәа (абилеҭқәа, аидаратә кәитанциа, аидаратә шәҟәынҵа, аԥошьҭатә шәҟәынҵа, уҳәа апассаџьырцәа, аидара, анапылеидара, даҽакала иуҳәозар абагаж, аԥошьҭа аҳаиртә мҩангара амаҵзурақәа рынагӡараан ахархәара зауа) аелектронтә формала реиҿкаараз алшара аҟаҵара;
– азинмчнагӡа змоу аусбарҭа амаҵзурақәеи аизгақәеи ртарифқәа, иарбоу атарифқәеи аизгақәеи рышьақәыргылара аԥҟарақәа, иарбоу атарифқеи аизгақәеи рышьаҭала ишьақәырӷәӷәоу ауаажәларатә аввиациа аусхкы аҿы амаҵурақәа рынагӡаразы аԥаралгара аԥҟарақәа, уҳәа рышьақәыргылареи урҭ рылхра аԥҟаррақәа реиҭакреи рзин аҭара;
– апассаџьыр аԥырра мап ацәкреи, иԥарақәа издырхынҳәырц азы изин ашьаҭақәа рырҭбаара;
Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәаны азакәан апроект инақәыршәаны иԥхьаӡахоит:
Апассаџьыр, мамзаргьы уи аҳаирплан ицҭатәаз иҭаацәа иреиуоу, мамзагьы иуа гәакьа ичымазара, уи амедицинатә усшәҟәқәа рыла ишьақәырӷәӷәазар.
Авиациатә ԥҟарақәа инарықәыршәаны, абилеҭ иарбоу ареис ахь апассаџьырцәа рышәҟәҭагалара иазыԥҵәоу аамҭа ахыркәшараанӡа апассаџьыр иҭаацәа иреиуоу, мамзагьы иуа гәакьа иԥсразы адырра шиоуз азы амҩаԥгаҩ адырра иҭазар, насгьы уи шәҟәыла ишьақәырӷәӷәазар;
Апарламент аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыструктурақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рҿы аџьахәԥсашәараан амаҵзуратә шьашәалараз азакәан амчра ацәыӡит ҳәа иазханаҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә мчра иреиҳаӡоу аусбарҭақәа рыструктурақәеи аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәеи рҿы аџьахәԥсашәараан амаҵзуратә шьашәаларазы» Азакәан амчра ацәыӡит ҳәа иазхарҵеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара-Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
«Ишдыру еиԥш, иабоу аусшәҟәы азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аӡбарҭатә мчрақәа рнапхгаҩцәа, адепутатцәа, аминистрцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа, урҭ рхаҭыԥуаа, амаҵзурақәеи аинспекциақәеи реиҳабацәа рулафахәы рмаҵзура ашьашәалара ҳәаақәнаҵоит.
Азыԥҵәа аиурист хаҿқәа рҟынтә ахашәала зауа акционерцәагьы анаплакытә усураҟынтә ахашәала зауа хазхаҭалатәи әхаҿқәагьы ирзеиԥшуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Ахашәала ашәахтә азы» Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
«Аиҿкаарақәа рхашәала ашәахтә азы» Азакәан аиҭакрақәа ралагалара хықәкыс иамоуп аинвистициатә дыԥхьалараз еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵарала аекономика арҿиара.
«10% иҟоу азыԥҵәа аиурист хаҿқәа рҟынтә ахашәала зауа акционерцәагьы анаплакытә усураҟынтә ахашәала зауа хазхаҭалатәи ахаҿқәагьы ирзеиԥшуп» - ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаага аҟны.
Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәсазы иара 101 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит.
1942 шықәсазы Алықьса Шьониа хатәгәаԥхарала афронт ахь дцеит. Иара далахәын Донбасс, Ҟрым, Керч, Ростов-на-Дону ахақәиҭтәразы аидысларақәа. Ростовтәи аобласти Киеви рхақәиҭтәразы аидысларақәа раан ахәрақәа иоуит.
Алықьса Шьониа иара убасгьы далахәын 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Тҟәарчалҟа инеиуаз амҩақәеи ацҳақәеи аминақәа рыҵеиҵон. Ақалақь ианалахысуаз инапы ахәра аиуит.
Нодар Кәарҷиа «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нодар Кәарҷиа «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Иҳараку анагӡаратә ҟазара азы, аԥсуа культура аҿиараҟны иҟаиҵаз алагала ду азы, аҿарацәа реиҵааӡараҿы иџьабаазы «Аԥсны Жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵазааит Аԥсны акомпозиторцәа Рхеилах ахантәаҩы, жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль «Ерцаху» амузыкатә напхгаҩы Нодар Ардон-иԥа Кәарҷиа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аусԥҟа атекст аҟны.
Марина Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Марина Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьахеит. Убри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
«Аҭҵаарадырраҿы аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы ллагалеи, аҵарауаа разыҟаҵараҿы лџьабааи рзы аҭоурыхҭҵааҩы, Урыстәыла аҭоурых акафедра апрофессор, Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университет Агуманитартә Институт аиҳабы Марина Евгени-иԥҳа Колесникова «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа ахьӡ лыхҵазааит», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст аҟны.
Иреиӷьу аспорсмен ихьӡ рылаҳәахоит ԥхынҷкәынмза 25 рзы имҩаԥгахо апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа аҿы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынза 21 рзы Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы «2023 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен» иалкаара иазку акомиссиа аилатәара мҩаԥысит, ҳәа адыра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, уи ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Карчааи Роман Цкәуеи, ахантәаҩы ицхырааҩ Рафаель Амԥар, Аҳәынҭеилакы аспорттә ҟәша аспециалист хада Ерик Лагәлаа, Аҳәынҭқарра Ахада аспорт азҵаарақәа рзы иабжьгаҩ Ахра Ашәба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адиректор Ельза Ҳагба, аспорттә журналист Алеқсандр Коӷониа, ажурналист, аполитолог Инал Хашыг зеилазаараҿы иҟоу акомиссиа инҭырҳәцааны акандидатурақәа зегьы ирыхәаԥшит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аамҭала иҟоу аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагаларазы иршәо абаџь ахышәаҵышәа 200 мааҭ рыла ишьақәыргылахоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Иарбоу азакәан апроект Аԥсны аҵакыраҿы ашәҟәы иҭаргало аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ирымырхуа аҳәынҭқарратә баџь ахышәаҵышәа аиҭакра азыԥхьагәанаҭоит.
Ажьырныҳәа 1, 2024 шықәса инаркны «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аамҭала иҟоу аҳәаанырцәтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ашәҟәы рҭагалара амҩаԥгара аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аминистрцәа реилазаара жьҭаарамза 13, 2023 шықәсазы ирыдыркылаз ақәҵара № 106 азакәанмчы аиуеит. Ашәҟәы аҭагаларазы азакәан ишьақәнаргылаз ахышәаҵышәала ирымххоит аҳәынҭбаџь.
Геннади Пачалиа «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Геннади Пачалиа «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Шықәсырацәалатәи лҵшәабзиалатәи иусуразы, иҳараку изанааҭдырра азы. «Аԥсны акультура Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Ареспублика Аԥсны аҵара зҵо аҿари анаукеи аҵарадырреи русзуҩцәеи рзанааҭеидгыла Ареспубликатә комитет адиректор Геннади Лев-иԥа Ԥачалиа» , – ҳәа иаҳәоит ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аусԥҟа аҿы.
Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Ахақәиҭра ашҭаҿы есышықәсеиԥш, сынтәагьы идырԥшӡеит, аԥсаӡ идыргылаз адагьы, апарк ахы-аҵыхәеи аҩычагақәа шьақәдыргылеит, алаҟәтә персонажқәа рыла идырԥшӡеит. Аус руеит ахаа-мыхаақәеи иԥхоу арыжәтәи ахьырҭиуа апавилионқәа.
Адәахьы аԥша шықәызгьы, ашҭа уаала иҭәын. Арахь имҩахыҵит хыԥхьаӡара рацәала аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцеи. Аконцерт еиҿкаахеит. Араҟа зықәра наӡоу анагӡаҩцәа реиԥш авокалтә студиақәа, аҟазара школ аҵаҩцәа, ансамбльқәа «Иаирума», «Абаза», «Кәыдры» рҟынтәи артист қәыԥшцәагьы ықәгылон.
Ақалақь ахада Беслан Ешба аҟәаа иааиуа Ашықәс Ҿыц аныҳәа рыдиныҳәалеит: