АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21 азы Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол ашкол аҿы иалагеит аҳәса ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы ачемпионат, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Атурнир рхы аладырхәуеит  аа-командак: «Аҟәа-1», «Аҟәа-2», «Гагра», «Пицунда», «Гәдоуҭа», «Гәдоуҭа- 1», «Агәыӡера», «Ҭҟәарчал».

Атурнир аартра ацеремониа асасцәеи алахәылацәеи бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә олимпиатә комитет апрезидент   Валери Аршба, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа Русбарҭа адиректор Ельза Ҳагба, ачемпионат аӡбаҩ хада, ареспубликатә категориа змоу аӡбаҩ Руслан Царгәыш.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адлер иҟоу Краснодартәи аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Пункт аусзуҩцәа изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵқәа, автотранспортқәа ҩба иҭаҵәахны рыиагара иадҳәалоу афакт аадырԥшит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Убас, автомашьына CHEVROLET LANOS агәаҭараан, ҷыдала еиқәыршәаз априбортә панель аҵаҟа ирыԥшааит аҭаҭын аалыҵқәа. Ари имаӡоу аҭыԥ аҿы «BUSINESS ROYALS» ҳәа ахьӡ змоу 120 блок (1200 пачка) асигареҭ аиагара рҽазыршәон. Иарбоу аҭаҭын аалыҵ зегьы урыстәылатәи акцизтә маркақәеи иҷыдоу адыргақәеи рықәыргыламкәа ииаргон.  Аҭаҭын аалыҵ зегьы уи зҭаз амашьынеи рымхра мҩаԥгоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩбатәи ахыркәшаратә аԥхьараҿы ирыдыркылеит иааиуа ашықәс азы Аҟәа ақалақь абиуџьет.

2024-тәи ашықәс азы абиуџьет апараметр хадақәа:

- ахашәалахәқәа рыла – 1 740 801.8 нызықь мааҭ;

- аныхтәқәа рыла – 1 821 801.8 нызықь мааҭ;

Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратәи атрансферқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 81 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аизара аилатәара рхы аладырхәит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешбеи Ахадара афинансқәа Русбарҭа анапхгаҩы Алхас Лагәлааи.

Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, аилатәара аартуа, абиуџьет адкылара иаԥхьанеиуан мҽхакы ҭбаала аусура,   аҳҭнықалақь Ахадара аусзуҩцәа алархәны абиуџьет апроект есымша аус зуа адепутаттә комиссиақәа, ахәҭакахьала, абиуџьети ашәахтәқәеи афинансқәеи аекономикеи азԥхьагәаҭареи рзы акомиссиа аҿы иахәаԥшит, иалацәажәеит ҳәа иҳәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада  аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа Рмаҵзура аусзуҩ иусура ҳаҭыр амоуп, аха убри аан еснагьгьы ашәарҭара ацуп, ари иуадаҩу азанааҭ ҷыдала азыҟаҵара, ахамеигӡара, агәымшәара аҭахуп ҳәа  инаҵшьны иҳәеит.  «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа ахаангьы иҳараку рыпрофессионализм аадырԥшуан ҳтәыла амилаҭтә шәарҭадара, асуверенитет ахьчара иадҳәаланы хьӡи-ԥшеи рыла инарыгӡоз руснагӡатәқәа рыҟны. Шәара шәусура улаԥш иҵашәо иҟаӡам. Аха есҽнытәи шәусура ҳҳәынҭқарра ашәарҭадара аиқәырхара иазкуп»,- ҳәа иаҳәоит адныҳәалараҿы.

Иахьа аҩныҵҟатәи еиԥш адәныҟатәи ашәарҭарақәа ирҿагылоуп. Убри инамаданы иҷыдоу амаҵзура аусбарҭақәа рхыдҵақәа рынагӡараан аоперативла урҭ аҭак аҟаҵара рыхәҭоуп. Аҳәынҭқарра Ахада  ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра ақәгара иашьҭоу амчқәа шыҟоу иҳәеит. «Ҳҳәынҭқарреи ҳетноси реиқәырхара азы шәара иҟоу аметодқәа зегьы рыла иҟоу ашәарҭарақәа рҿагылара шәылшәыршароуп. Ҳҳәынҭқарра ҳзеиқәҳмырхар – ҳетногьы ҟалаӡом», - ҳәа аҳәынҭқарра аҿы имҩаԥысуа апроцеқәа рзы  ауаажәларра аинформациа рыҭара иаҵоу аҵакы ахадара азгәаҭо иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аԥышәатәи аметодикатәи ацхыраара аҭара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсныҟа иааит Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа. Аделегациа идикылеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа  апресс-маҵзура.

Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков.

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицура  азҵаарақәа рыла аусуреи 2020 шықәса, жьҭаарамза 23 рзы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рсоциалтә гарантиақәеи рџьаԥса ашьҭыхреи Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминстрра аусбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәареи  рзы ахарџьқәа аицыфинансыркра азы» Аиқәшаҳаҭра апунктқәа рынагӡара еиҿырԥшны агәаҭареи, иара убас Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа тәанчахәыла реиқәыршәара аганахьала иҟоу адыррақәа еиҿырԥшны ргәаҭареи азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа ала Дмитри Кәычбериа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, Жәлабжьаатәи ацәыргақәҵа – афорум «Россия» аплошьадка аҿы  имҩаԥысит Аԥсны Аҵарадыра  Аминистрреи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центри «Смена» аусеицуразы амеморандум рыбжьаҵара иадҳәалаз ацеремониа.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура.

Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр адиректор Игорь Журавлиови.

Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа 2023 шықәса, ԥхынҷкәынмза 19 – 24 рзы Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы Центр «Смена» анапхгара ааԥхьарала  Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-форум «Россия» ихы алаирхәуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса алагара инаркны  краснодартәи аҳазылхыҩцәа рыла иаарԥшын  Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ала изакәанымкәа аҭыҭын аалыҵ ахыгаразы – 463 факт, аҳазатә гәаҭара ацәыҵәахра иадҳәалоу – 74 факт уахь иналаҵаны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазылхратә усбарҭа апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Ԥхынҷәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьыжь шаанӡа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра 50 тонна ацитрус шәырқәеи аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡрыжәтәи рыла ишьақәгылоу агуманитартә еидара зқәу аколонна Аԥснынтәи Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь амҩа иқәырҵеит. Агуманитартә еидара адәықәҵара еиҿкаахеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа инақәыршәаны,  ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. 

50 тонна ацитрус шәырқәеи аԥаҭлыкақәа ирҭоу аӡи рыла ишьақәгылоу агумантартә еидара Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәеи Херсони Запорожиеи робластқәеи рахь инаргоит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Апрокуратура Ҭенгиз Адлеиба ишьразы ашьаус хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи аусеилыргара Аусбарҭа ала ишьақәыргылоуп ацәгьоура ахҭыс шыҟалаз.  Ԥхынҷкәынмза  16, 2023 шықәса,  10 сааҭки 20 минуҭи инарзынаԥшуа,  Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан, 1992 шықәсазы ииз  Адлеиба Ҭенгиз Иван-иԥа, Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Ача-Баба» аусзуҩыс иҟаз, автомашьынала адәқьанқәа рахь ача мҩаԥигон.  Аҽны Ҭенгиз Адлеиба "Ача-Баба" аҟынтә ача Дранда ақыҭан, Оглы имҩала иҟоу акалмаҳааӡарҭахь игон. Ҭенгиз Адлеиба апассаџьыр ҳасабала амашьына ицҭатәаз, зхаҭара шьақәыргылам аӡәи иареи акалмаҳатә нхамҩа иалҵны аҳаблабжьарамҩала ацара иаҿын.  Убри аамҭазы апассаџьыр изныкымкәа Адлеиба Ҭенгиз диеихсит. Ҭенгиз Адлеиба иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит, ихысыз аҭыԥ аҟынтәи еилкаам ахырхарҭа ала иҽиӡеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.