АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2024

Мактина Џьынџьалԥҳа ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2023 шықәсазы инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟалҵеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2023 шықәсазы инанагӡаз аусура азы аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада иинформациатә Центр аҿы.

Аусмҩаԥгатә аартуа, Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны ахәыҷра аинститут аҭагылазаашьа атәы. Уи иҟалҵаз аҳасабырба инақәыршәаны, 2023 шықәсазы Азинхьчаҩы Иаппарат ахь инашьҭын  65 рзаҳал. Урҭ рахьынтә  иҩны еиқәыршәаз арзаҳалқәа – 41, ҿырҳәала иҟаҵаз аҳәамҭақәа – 15, иаарту аинформациа азхьаԥшра – 9.

«Хыхь иаагоу астатистика 3,5% рыла  2021-2022 шш. рзы иаашьҭыз арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара аасҭа еиҳауп», - ҳәа иазгәалҭеит аобмудсмен. Анаҩс лара араионцыԥхьаӡа аҟынтәи иаашьҭыз арзаҳалқәа рыстатистикатә дыррақәа аалгеит. Урҭ реиҳарак Аҟәантәи иаашьҭын – 16. Егьырҭ атерриториалтә еиҿкаарақәа рыла: Аҟәа араион – 13; Гагра араион – 8; Гәдоуҭа араион – 6; Гәылрыԥшь араион – 7; Ҭҟәарчал араион– 7; Очамчыра араион – 5; Гал араион – 3.

Зыдгалара мҩаԥгаз аҳасабырба инақәыршәаны, арзаҳал алазҵаз реиҳараҩык аамҭак ала ахәыҷы иԥсҭазаара еиуеиԥшым аганқәа рҿы иҟоу апроблемақәа рырбара иазкын.  

«44,9% арзаҳалқәа зықәра наӡам рганахьала амчмырхара  иадҳәалан; 33,3% – ахәыҷы аҭаацәа рҿы инхареи иааӡареи иуацәа рымадареи рзы имоу азин аилагара иадҳәалан; 8,7% зықәра наӡам рхаҭара шьақәзыргыло аусшәҟәқәа рымамзаара иадҳәалан; 7,2% – ахәыҷы аҵарадырра аиуразы имоу азин аилагара иадҳәалан; 5,8% – ааӡаԥса ашәара аҽахгара иадҳәалан», – ҳәа илҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Апресс-конференциа иара убас рхы аладырхәит ахәыҷы исоциалтә зинқәа рыхьчаразы аспециалист Николь Шамбеи Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат азиндырҩцәа Екатерина Лиаховецкаеи Назифа Ломиеи.


Read 94 times - Ашәахьа, 17 Рашәара 2024 17:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.