АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2024

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭахацыркра азы апроект анагӡара ахылаԥшара азы иаԥҵоу аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭахацыркра азы апроект анагӡара ахылаԥшара азы иаԥҵоу аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара иалахәыз аҳаирбаӷәаза аусура алагареи анаҩстәи уи ахархәареи ирыдҳәалоу ҳаамҭазтәи азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урҭ иреиуоуп: аҳаирбаӷәаза аҿиара амастер-план, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара апроект анагӡара амҩақәҵага-хсаалага аиқәыршәара, апроект анагӡара афымцамч ала аиқәыршәара,  уҳәа егьырҭ, апроект анагӡара иадҳәалоу ҳаамҭазтәи актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы. 

Аганқәа иазгәарҭеит аусурақәа зегьы уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз аҽҳәарақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥысуа, изеиԥшразаалак аиҵахара шыҟам. 

Аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь аусуратә гәыԥ алахәылацәа аобиект аҿы имҩаԥысуа аусурақәа рцашьа рыблала ирбартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥҵан.

 


Read 166 times - Ашәахьа, 17 Рашәара 2024 17:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.