Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 14 рзы 65-шықәсатәи ииубилеи азгәеиҭоит ажурналист, апублицист, Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист, Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, Ажурналисттә еидгыларақәа Рконфедерациа Жәларбжьаратәи апремиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден занашьоу, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор Хада Руслан Ҳашыг.
1998 шықәса инаркны 2003 шықәанӡа иара Аҳәынҭқарратә информациатә Агентра «Аԥсныпресс» адиректор Хада имаҵураҭыԥ ааникылон.
2007 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Руслан Ҳашыг ареспублика зегьы иахьаҵанакуа адырраҭарақәа назго раԥхьатәи, ихьыԥшым ателекомпаниа «Абаза-ТВ» напхгара аиҭоит.
Ареспубликатә аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» Руслан Мкан-иԥа ииубилеи инамаданы идныҳәалоит.
«Шәара, шықәсырацәа инеиԥынкыланы инашәыгӡоз хра злоу апрофессионалтә усурала Ареспублика Аԥсны ажурналистика аҿира аус аҿы шәлагала ду ааншәыжьит. Шәара шәзанааҭдырра, шәыгәаӷьреи шәыпрофесионалтә гәазҭазаареи инашәыгӡо аус арҿиаратә знеишьеи ирыбзоураны, ателеканал «Абаза-ТВ» ахәаԥшцәа аиашазы аинтерес зҵоу адырраҭарақәа рыднагалоит.
Шәара шәнапхгарала Ареспублика Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аусура хра злоу аҿиара аиуит, Аԥсны аиҩызаратә тәылақәа рҟынтәи ажурналисттә еиҿкаарақәа рымадара ессааира аҽарҭбаауеит.
Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ, аԥсуа ишықәснҵыра ду, шәнапы злаку аусура аҿы аихьӡара ҿыцқәеи аманшәалареи.