Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иацҵахеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи рсуратә еиԥылара. Уи иара убас иалахәын асоциал-економиатә усеицура азы аԥсны-урыстәылатәи Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахаҭарнакцәеи Урыстәыла анагӡаатә мчра афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи.
Аганқәа ирзааҭгылеит иааиуа ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы афымцамч азымхара азԥхьагәаҭареи уи ахарҭәаара амеханизмқәеи ирыдҳәалоу апроблемақәа.
Аспециалистцәа хазы игоу аконсультациақәа мҩаԥыргеит Аԥсны афымцамчи атранспорти Рминисрра аҿы.
Иахьа аганқәа русуратә гәыԥқәа аусеицура аусхкқәа рыла имҩаԥгаз ҩымштәи аконсультациақәа реихшьаалақәеи ааигәатәи аперспектива азы азԥхьагәаҭарақәеи ҟарҵеит.
Аԥсны аԥыза-министр урыстәылатәи аган иҟанаҵо аметодикатәии абжьгаратәи адгылареи урыстәылатәи анагӡаратә мчра аусбарҭақәеи аԥснытәи анагӡаратә мчра аусбаҭақәеи хара злоу русеицуреи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит.