АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы аҟазара ашколқәеи амузыкатәи асахьаҭыхратә школқәеи роушьҭымҭацәа аттестатқәа ранашьара мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысит ахәыҷтәы музакатә школқәа, аҟазара Ашколи Асахьаҭыхратә школи ишалгаз ала аттестатқәа ранашьара иазкыз аныҳәатә церемониа. Абри азы адырра ҟаҵоуп  аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит аҿы.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе аушьҭымҭацәа қәҿиарала аҵараиурҭақәа ралгара рыдиныҳәалеит.

«Шәара қәҿиарала шәҵара хшәыркәшеит, уажәы шәгәы хыҭ-хыҭуа аттестатқәа раиура шәазыԥшуп. Арҵаҩцәа ишәыдырбалаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Аԥсны есымша абаҩхатәра злоу ауаа рыла ибеиан. Зегьы ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш!», - ҳәа иҳәеит Авҭандил Сурманиӡе.  

Аттестатқәа рыҭара иазку ацеремониа алагаанӡа аушьҭымҭацәеи урҭ рҭаацәеи рырҵаҩцәеи рзы асценаҿы иқәгылеит Л. Џьергениа ихьӡ зху Ахәыҷтәы мукыкатә школ аҟынтәи  Елина Лазба, Амина Абыхәба, Милана Смыр, Тигран Авџьиан, иара убас Т. Аџьапуа ихьӡ зху аҟазара Ашкол аҟынтәи ахореографиатә ансамбль.


Read 92 times - Ашәахьа, 17 Рашәара 2024 17:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.