«Ари аҩ-республикак иҿыцӡоу рҭоурых аҿы раԥхьаӡа иҟалаз хҭысуп. Аҵыхәтәантәи 15 шықәса рыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахәыҷтәы кәашаратә коллективқәа раԥхьаӡа акәны аконцерт еицынарыгӡеит», - ҳәа иҳәеит иара.
14.Рашәара.2024
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбльқәа аконцерт еицымҩаԥыргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ахәыҷтәы кәашаратә ансамбль «Афырҭыни» Аахыҵ Уаԥстәылатәи «Сармаҭи» аконцерт еицынарыгӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Sputnik – Аахыҵ Уаԥстәыла. Аконцерт мҩаԥысит аиашьаратә республика аҿы «Аиҩызара» алозунг ала.
Аахыҵуаԥстәылатәи аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Ацамаз Тедеты Аԥснытәи асасцәа гәахәара дула идикылеит.