Аинститут даналга ашьҭахь Расим Аркади-иԥа Аҟәатәи афизика-математикатә Институт аҿы аелектронтә-ԥхьаӡагатә техника азырхиареи аибыҭареи инапы алакын. Араҟа уи 35-шықәса инеиԥынкыланы аус иуит.
Расим Камлыиа Ферма атеорема аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаҩ иаҳасабала аӡәырҩы деицырдыруеит. Ари атеорема 350 шықәса ахыҵуеит, аха иахьа уажәраанӡа инагӡаны ишьақәырӷәӷәаӡам.
2008 шықәсазы иара ашәҟәы «Теорема Ферма и разложимость степенных вычетов» аҿы ари анаукатә маӡа ааиртит.
2015 шықәсазы иара х-бызшәак рыла –аԥсышәала, урысшәала, англыз бызшәала иҭыжьыз ашәҟәы «Черная дыра – антивещество» иҩит. Фы-шықәса рышьҭахь иара игипотеза Расим Камлиа иахь азхьарԥш ҟамҵаӡакәа америкаа аларҵәара мҩаԥыргеит.
Иара убри ашықәсан иара «Свойства сосуществования материи и антиматерии в микрочастицах, в частности в электронах» ҳәа аартра ҟаиҵеит. Ари аартра афундаменталтә физика иаҵанакуеит, ахәҭакахьала, иматериалтәу адунеи ашьақәгылара ахь. Ари астатиа 2019-тәи ашықәс азы лондонтәи ажурнал аҿы икьыԥхьхеит.
Расим Камлыиа Ауаажәларратә Палата алахәылацәа автортә зинқәа рыхьчара атема ахшыҩзышьҭра арҭарц азы ажәалагала ҟаиҵеит: урҭ иахьа иртәыртәырц рылшоит иарбанызала аҳәынҭқаррақәа. Зегьы зыдҳәалоу афинансқәеи Аԥсны автортә зинқәа рзы азакәан аҟамзаареи ауп.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Расим Камлыиа еизаз зегьы ишәҟәы «Черная дыра – антивещество» инапы аҵаҩны ҳамҭас ириҭеит