Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ареконструкциа амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара тема хаданы иҟалеит аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рцашьа. Аилатәара иалахәыз ари ареспублика атранспорттә инфраструктура аҿиара азы аҵак ду змоу зымҽхак ҭбаау апроект изаамҭанытәиу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Уажәы иарбоу аобиект аҿы аперрон хыхь иқәырҭәаз ақәҵа ақәгарақәа, аҵԥраара-атәаратә цәаҳәа ацәхыԥ аҟны ахаҳәыарҷҷатә ашьаҭа ақәҵара, иара убас аҵԥраара-атәаратә цәаҳәа иамыҷҷаз аиҭашьақәыргылара, еиҿҟьаз аиԥшьырҭақәа рычаԥара, хыхьтәи ақәырҭәа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Аусурақәа зегьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы аплан инақәыршәаны иазыԥҵәоу аамҭа иҭагӡаны имҩаԥысуеит.
Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа,Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, еиуеиԥшым амаҵзурақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа, иара убас аҳаирбаӷәаза аусзуҩцәа.
2023 шықәса жьҭаара 27 рзы Аԥсны аиҳабыреи аилахәыреи «Инфраструктурное Развитие» Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аргылара ахархәарахь ирыҭахоит 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.