АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2024

Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа ирылаху апортсменцәа рпарад Аԥсны ала иалагеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа раартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Ҟазан ақалақь аҿы. Урҭ ирылаху апортсменцәа рпарад Аԥсны ала иалагеит.

Ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ кны дықәлеит аԥснытәи алегендартә шьапылампыласҩы Ахра Цәеиба.  

Аԥснытәи аспортсменцәа  13 спорттә хкы рыла:  фиџьитал-шьапылампыл, фиџьитал-мҵәышәымпал, асамбо, аӡиудо, атлетика ласы, аԥкьаҭмпыл, аишәатә ԥкьаҭмпыл, зхы иақәиҭу аиқәԥара, маҟаҭарс аиқәԥара, абокс, ашахматқәа, карате, ушу рыла иарбоу ахәмаррақәа ирылахуп.  

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп 102-ҩык, урҭ рахьынтә  63 - ҩык спортсменцәоуп.

Афотосахьа - Владимир Василиев.


Read 130 times - Асабша, 15 Рашәара 2024 15:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.