
pressadmin-2
Очамчыра ақалақь ауааԥсыра абар хәымшуп ӡыда иаанханы иҟоуижьҭеи.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь ауааԥсыра абар хәымшуп ӡыда иаанханы иҟоуижьҭеи. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡеизакырҭатә станциа аҿы алыҟәқәа рыԥсахра иадхалацәеит.
Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аобиект даҭааны аусурақәа рцашьа гәеиҭеит. Уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны ӡыла аиқәыршәара еиҭашьақәыргылахоит ҳәа иазгәеиҭеит. Иара ақалақь ауааԥсыра рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит: «Ҳаҭыр зқәу аитәылауаа! Еилыскаауеит иҟоу аҭагылазаашьа акыр шәшаргәамҵуа, аха аҳәара ҟасҵоит, ачҳара аарԥшны даҽа маҷк шәааԥшырц. Иҟаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны аусурақәа иазԥхьагәаҭаз аамҭазы рхыркәшара залмыршахеит. Зегьы маншәаланы иҟалар, иахьа ахәылбыҽха аӡы ҳауроуп».
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҵарадырра аусхкы аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵарадырра аусхкы аҭагылазаашьа иазкын иахьа, ахәаша, ԥхынҷкәынза 15 рзы, Апарламент аҿы имҩаԥысыз аҵарадырра, анаука, абызшәатә политика, адинхаҵара, амассатә информациа ахархәагақәа русқәа рзы апарламенттә Еилакы аилатәара. Уи мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Инар Саӡба.
Адепутатцәа рааԥхьарала аилатәара рхы аладырхәит иара убас атәыла аҵарадырра аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи Аҟәа ақалақь араионқәеи рҵарадырра аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи. Урҭ инарҭбааны адепутатцәа ирзеиҭарҳәеит аҵарадырраҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
Аилатәара иалахәыз арҵаҩцәа акласстә напхгареи атетрадқәа ргәаҭареи рзы, иара убас абжьаратәи ашколқәа рдиректорцәеи аҵара аҟәша аиҳабацәеи руалафахәы ацҵақәа рышьҭыхра ахымԥадатәреи аҵарадыра Аминистрра абаланс аҿы иҟоу абжьаратәи ашкол аҿы раԥхьа апробациа ахысрада алгебреи агеомтриеи рзы аԥышәарақәа рыҭира аҵаҵӷәырызаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Санкт-Петербургтәи ансамбль «БИС-КВИТ» ԥхынҷкәынмза 25 рзы Гал ақалақь аҿы иқәгылоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 25 рзы Гал ақалақь аҿы иқәгылоит Санкт-Петербургтәи агәыԥ «БИС-КВИТ», иара убас Мариинтәи атеатр асолистка Карина Чепурнова (сопрано).
BISQUIT-BAND – Урыстәыла ипопулиару астиль «crossover» аҿы иреиӷьу ҳәа еицырдыруа, ҳаамҭазтәи амузыкатә ҟазара авиртуозқәа.
Ԥхынҷәынмза 18 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы иҩаԥысуеит ансамбль «Гәында» аиубилеитә концерт.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» 45-шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы Аԥснытәи афилармониа аҿы аныҳәатә усмҩаԥгатә амҩаԥгара аҽазыҟанаҵоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥны акультура Аминистрра асаит.
Ԥхынҷкәынмза 18 рзы ансамбль «Гәында» аиубилеитә концерт асасцәа ираҳараны иҟоуп еицырдыруа, амилаҭтә инструментқәа рарҳәарала инарыгӡо, ажәлар бзиа ирбахьоу ашәақәа реиԥш, ааигәа иаԥҵаз автортә композициақәеи.
Еицырдыруа ансамбль аԥҵаҩыс дыҟоуп Роза Расим-иԥҳа Чамагәуа – аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы, Ареспублиа Аԥсны Жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аԥша» III-аҩаӡара аорден занашьоу.
Иахьа ансамбль аилазаараҿы иҟоуп 15-ҩык аҳәсеи аҭыԥҳацәеи, урҭ рахьынтә фҩык-Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.
Ианаамҭаз аколлетив аншлагқәа аманы Урыстәыла ахи-аҵыхәеи, Нхыҵ-Кавказ иалсит, иаҭааит Болгариеи Ҭырқәтәылеи. Ансамбль «Гәында» арҿиаратә иааирақәа рхыԥхьаӡараҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит Адунеизегьтәи афестиваль «World Folk», араҟа аҭыԥҳацәа ироуит ахьтәы медал, аҳамҭа «Золотой Орфей», асахьаркыратә напхагаҩы лакәзар – Маестро ҳәа ахьӡ аиура лҽаԥсалтәит.
Апрограмма ҿыци аԥхьарбарақәеи: ԥхынҷкәынмза 19 рзы ареспублика акамертә оркестр Аԥснытәи адраматә театр аҿы иқәгылоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә камертә оркестр аконцерт мҩаԥысуеит аҩаша, ԥхынҷкәынмза 19, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра аофициалтә саит.
Азыӡырҩцәа ирзыԥшуп апрограма ҿыци аоркестри асолистцәеи Аԥсны раԥхьаӡа акәны инарыгӡо амузыкатә рҿиамҭақәеи.
«Ари аиашазы угәы иҭымҵәо хҭысны иҟалоит! Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, ари апрограмма шедеврны ишыҟало, насгьы уи ҳзыӡырҩцәа ргәаҿы акыраамҭа ишаанхо, анырра бзиа шрынаҭо. Шәҽахьышәыгӡа ари амузыкатә ныҳәа алахәхара! Ҳконцерт аҿы ҳашәзыԥшуп!», - ҳәа иазгәаҭоуп Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр иҟанаҵо ааԥхьара аҿы.
Аконцерт алагоит асааҭ 18.00 рзы, аҩналара – хәыда-ԥсадоуп.
Ԥхынҷкәынмза 25 рзы имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашаеи ансамбль аҳасабырбатә концерт.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 25 асааҭ 18:00 рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармона аҿы имҩаԥысуеит Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашаеи ансамбль аҳасабырбатә концерт.
Аҳәынҭқарратә ансамбль ахәаԥшцәа ирыднагало апрограмма аҿы иҟалоит аԥсуа жәлар рашәақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Гәыдиса», «Аҳәсеибацәа», алафашәа «Рафида», афырхаҵаратә ашәақәа – «Озбақь», «Киахьба Ҳаџьараҭ», ажәытә хьыӡрацарашәа– «Самаҭхәа», аритуал-фырхаҵарашәа – «Ахрашәа», уҳәа убас егьырҭгьы.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы Ҭамаз Абыхәба 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәырҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса азы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы, аӡбаҩ Зураб Аџьынџьал ихантәаҩрала, атәылауаҩ Абыхәба Ҭамаз Роман-иԥа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апунктқәа «д», «з» инақәыршәаны (Цәгьахәыцрала, мҽыӷрыла ауаҩшьра), ацәгьоурақәа рзы ахара идҵара азы ашьаустә материалқәа рыхәаԥшра мҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
Аӡбарҭа азыӡба инақәыршәаны, Абыхәба Ҭамаз Роман-иԥа ишәарҭоу рецидивиступ ҳәа дшьаны иҷыдоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәырҵеит.
Ҭарашь Ҳагба Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин диԥылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 14 рзы Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцини реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа, Урыстәыла аспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Одес Баисултанови Урыстәыла аспорт Аминистрра аҵарадыра, анаука, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Адепартамент адиректор Алеқсеи Горбунов.
Аспорттә хылаԥшырҭақәа реиҳабацәа анаҩстәи русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазку апроектқәа рынагӡара иазааҭгылеит.
Сергеи Нарышкин: Еиду Америкатәи Аштатқәа ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амеркиатәи Аштатқәеи уи амҵакьакьаҩцәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭоуп, приднестровтәии егьырҭ аконфликтқәеи рырҿыцра, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи «аҩбатәи афронт аартра» азы аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит, ҳәа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа-алахәылацәа рыԥшыхәратә маҵзурақәеи ршәарҭадара аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа XIX Аилатәара аҿы абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аԥшыхәра Амаҵзура адиректор Сергеи Нарышкин.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара азы ауснагӡатәқәа рыплан иалацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 14 рзы Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара мҩаԥысит. Ари хымш рыла аҩбатәи еиԥылароуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара азы ауснагӡатәқәа рыплан иалацәажәеит.
Инал Арӡынбеи Феисал Микдади рыбжьара алҵшәа змаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит. Аминистрцәа Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара адәныҟаполитикатәи аинформациатәи акоординациа активизациа азура азы еиқәшаҳаҭхеит.
Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рмнистр Феисал Микдад Инал Арӡынба диҳәеит Ареспублика Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала асалам ииҭарц.