АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Даанкылоуп Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭа аҿы ахатәыҩны аҟынтәи атәым мазара аӷьычразы игәҩароу Ҭенгиз Қапба.

Азинхьчаратә усбаҭақәа рверсиа ала, иара аҩны аԥенџьыр ала дыҩналаны аԥаратә хархәагақәеи ахьтәымаҭәақәеи иӷьычит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы   аспорт азгәыбылҩцәа рверсиа ала 2023 шықәсазы иреиӷьу аспортсмен иалкаара азы асоциалтә ҳа Instagram аҿы  абжьыҭира хацнаркуеит.  

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 25 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны хара имгакәа еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара атема иазку жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц аусура иалагоит.

 Апроект аколлективтә Мраҭашәара аҿагылара азҭаз, зхақәиҭреи зҭоурыхтә лахьынҵеи, змилаҭтә культуреи зхаҭареи зыхьчо ажәларқәеи атәылақәеи ирызхьаԥшуеит», ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адырраҭараҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҭатәи атрагедиа иазку агәалашәаратә церемониа аҿы, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵа ала, ҩажәижәеиза шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса рзы Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз ақырҭцәа изеихсны икарыжьыз авертолиот МИ-8 аԥҽыхақәа Гәдоуҭаҟа инаргеит ҳәа адырра ҟалҵеит. 

Гәыгәыца Џьыкырба еизаз иргәалалыршәеит, абри азы лара атәыла Ахада 2022 шықәсазы дышиҳәахьаз, иаргьы илиҭаз ажәа шынаигӡаз, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Усҟан иҟалаз ахлымӡаах рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит 85 –ҩык акагьы зхарамыз ауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан  35-ҩык ахәыҷқәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи анимациатә хәыҷтәы мыльтсериал «Леои Тигеи» аперсонажцәа аԥсышәала ицәажәеит.

«Леои Тигеи» – Тига захьӡу ицәыблагәу алышькьынтыр хәыҷи абжьасԥшҟаԥшь Леои ирыхҳәаауп.  Арҭ аԥстәқәа ршәарақәа ириааины аӡәи-аӡәи еицхырааны изықәшәо ахҭысқәа зегьы рҟынтәи лыԥхала иалҵует.

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филамониа аҿы имҩаԥысит аԥсуа бызшәахьы еиҭагоу амультфильм аӡыргара. Амультфильм ахәаԥшразы ааԥхьара рырҭеит аҟәатәи ашколқәа реиԥш егьырҭ араионқәа рышколқәагьы рҟынтәи ахәыҷқәа.

Амультфильм адублиаж аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿаҵа ала акиностудиа  «Абхазфильм» аҿы иҟаҵан.   

Адублиаж  арежиссиор – акинорежиссиор, Аԥсны жәлар рартист Вичеслав Аблоҭиа. Иара ари ахәыҷтәы мультсериал алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари афильм даара гәахәарыла иахәаԥшуеит ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы. Ари амульсериал залаҳхызеи?  Изалаҳхыз убри ауп, уи афырхацәа даара иқьиоуп, иҟәышуп, ацхыраара  иазхиоуп, иара убас аиумор рымоуп».

Афильм аус адырулон Анри Гәынбеи Алхас Марколиеи.

Афырхацәа абжьы рхарҵон Милана Ломиеи Саида Габниеи.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны иазгәарҭоит алахьеиқәҵаратә рыцхә. Ари амш 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан иҭахаз ахәыҷқәа ргәалашәара иазку амш ҳәа Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит – ҩажәиажәеиза шықәса раԥхьа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы Урыстәыла Аҳаирмчқәа рвертолиотқәа ҩба амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иалганы иаарту агуманитартә коридор ала Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа ргон. Асааҭ 16:27 рзы, ианыҵԥраа ашьҭахь 12 минуҭ ааҵуаны, Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз 1900 метра аҳаракыраҿы руак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аракета «Земля-Воздух» ала иеихсны икарыжьит.

Аӷа гәымбылџбарала ашәымҭак ала иҭаирхеит авертолиот иҭатәаз 87-ҩык акгьы зхарамыз апассаџьырцәа зегьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи.

Иҭахаз рыԥсыбаҩ Гәдоуҭа ақалақь аиашьаратә ԥсыжырҭа аҿы   анышә иамардеит.  

 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада  Аслан Бжьаниеи Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа»  ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиеи реиԥылара.

Аиԥылараҟны ирылацәажәан аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыԥсҭазаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ааигәа Апарламент иаднакылаз, аҧсуа милаҭ иаҵанакуа ажәлақәа реиҭашьақәыргылара ҳәаақәызҵо азакәанқәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 60-шықәса зхыҵуаз Баслахә ақыҭан инхоз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ рбеит иахьа ашьжьымҭан Очамчыра аӡымҽхак иахьаҵанакуа.  

Араион абылра-ахьчаратә  ҟәша аиқәырхаҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьазы адырра роуит 12 сааҭи 45 минуҭи рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

«Аиқәырхаҩцәа аԥҳәыс лыԥсыбаҩ амшын иамхны лгәакьацәа дрырҭеит», - ҳәа иаҳәоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра адырраҭара аҿы.

Иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз макьаназы еилкааӡам. Уи ашьақәыргылаазы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит. 

Аҟәа. Ԥхынукәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атерриториалтә ҟәшеиҵақа апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан, ԥхынҷкәынмза 8-12 рзы ирыԥшааит иагьрымырхит 70 цыра рҟынӡа акриптовалиута арҳара иазку ахархәагақәа.  

Убас, Гагра ақалақь Абазгаа рымҩала игылоуу аҩны агәраҵа аҿы Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәеи  рыла иԥшаан Ҭарсман Нодар Заканбеи-иԥа итәыз амаининг-аппаратқәа ԥшьба. Ахархәагақәа зегьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша ашьҭаҵарҭахь инагоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы игылоу Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ашколхәыҷқәа, ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи ауааԥсыра.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.