АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арра ирго Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада ашҭа аҿы аҭоуба шьҭарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзуа.

Традициала ишьышьақәгылахьоу еиԥш, аҭоуба ашьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит заԥхьаҟа Зыԥсадгьыл ахьчаразы игыло арԥарцәа рыуацәеи рҭынхацәеи рҭаацәеи.  

Аруаа ирыдныҳәалеит, ирықәныҳәеит атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәа.   

Атәылахьчара Аминистрра аҽазыҟаҵаратә центр аҿы заԥхьаҟа Зыԥсадгьыл ахьчаразы игыло аибашьҩы қәыԥш икурс иахысит. Уи иалагалоуп ацәаҳәақәгыларатә, абаҩарҵәыратә, ахысратә ҽазыҟаҵарақәа, иара убас арратә ԥҟаԥҵәа ахысра.

Аҭоуба ашьҭаҵара ашьҭахь аруаа анаҩстәи рырратә уалԥшьа анагӡаразы доусы иахьаҵанакуа атәылахьчара Аминистрра архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рахь идәықәҵан. 

 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынра, 2024 шықәсазы Шәачантәи Аԥсныҟа аныҟәара иалагоит ҩ-фымцадәыӷбак «Ласточка».  Арҭ ареисқәа адәыӷбақәа рныҟәара аграфик иаларгалеит, уи аусура иалагоит  ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 10 рзы, ҳәа Нхыҵ-Кавказтәи Аихамҩа апресс-маҵзура ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит «Вести Сочи». 

2023/2024 шш. рзы аихшанҵа шьақәыргылоуп  ари атранспорт хкы зхы иазырхәо ауаа рхыԥхьаӡара аизҳара иадҳәаланы. Убас, акурорттә сезон аан иццаку афымцадәыӷбақәа ныҟәалоит, урҭ рмаршрутқәа Шәача-Гагра, Аҳаирбаӷәаза-Шәача-Гагра ахырхарҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Арҭ адәыӷбақәа рреисқәа раԥхьаӡа акәны ишьақәырӷәӷәан аԥхынра 2023 шықәсазы. Урҭ атуристцәа рыбжьара ахархәара бзиа аман.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» 45-шықәса ахыҵра азгәаҭара инамаданы Аԥснытәи афилармониа аҿы   аныҳәатә усмҩаԥгатә амҩаԥгара аҽазыҟанаҵоит. Ԥхынҷкәынмза 18 рзы ансамбль «Гәында» аиубилеитә концерт асасцәа ираҳараны иҟоуп еицырдыруа, амилаҭтә инструментқәа рарҳәарала инарыгӡо, ажәлар бзиа ирбахьоу ашәақәа реиԥш, ааигәа иаԥҵаз автортә композициақәеи.  

Еицырдыруа ансамбль аԥҵаҩыс дыҟоуп Роза Расим-иԥҳа Чамагәуа – аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы, Ареспублиа Аԥсны Жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аԥша» III-аҩаӡара аорден занашьоу. Иахьа ансамбль аилазаараҿы иҟоуп 15-ҩык аҳәсеи аҭыԥҳацәеи, урҭ рахьынтә фҩык-Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ рыхҵоуп.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсаҵла Хада аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә «Мышьҭабзиала» мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 22 рзы Ахақәиҭра Ашҭаҿы.  

«Аԥсаҵла Хада аатра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥаагоит. Сынтәа ҳара еиҳа акшыҩзышьҭра раҳҭоит ахәыҷқәа. Уи инамаданы еиҳахоит ахәыҷтәы усмҩаԥгатәқәа реиԥш аныҳәатә усҩаԥгатәқәа ирылахәхәо рхыԥхьаӡарагьы. Ҳара ааԥхьара раҳҭеит ахәыҷтәы вокалтә студиақәа змоу аестрадатә шәаҳәаҩцәа. Урҭ маҷҩымкәа иҳамоуп. Арҭ астудиақәа ирҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа, урҭ зегьы ашықәсҿыцтәи асценаҿы иқәгылоит. Аныҳәа даара иԥшӡахоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа анапхгаҩы Наала Ҳашыг.

Ԥхынҷкәынмза 22 рзы авокалтә студиақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рнаҩс рҟазара ҳдырбоит ахәыҷтәы акәашаратә коллективқәагьы – Аҟәатәи аҟазара Ашкол аҟынтәи бреик-данс агәыԥ, ансамбльқәа «Иаирума», «Абаза», «Кәыдры».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алан Герзмааи Леонид Арсҭааи аиааира ргеит,  Дамеи Кархалаа аџьазтә аԥхьахә игеит  Асовет Еидгыла ачемпион Владимир Радионов игәалашәара иазкны имҩаԥгаз зхы иақәиҭу аиқәԥара азы IX Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Инфаркт миакарда», «ишемически инсульт» ҳәа изышьҭоу агәычымазарақәа, рыхәшәтәра иазку ҿыц ицәырҵыз ахәшә аӡыргаразы Аԥсныҟа иааит Ростов-на Дону, Краснодар ақалақьқәа рҟынтәи аҳақьымцәа рделегациа. Аӡыргаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Аԥснытәи амедицинатә еилазаара ахәшә «Фортелизин» деилыркаара азы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Арегионалтә агәы-шьадатә чымазарақәа Рцентр адиректор, иреиҳаӡоу акатегориа змоу аҳақьым-акардиолог, амедицинатә наукақәа ркандидат, Ростовтәи аобласти Аладатәи Афедералтә округи акардиолог хада Алеқсеи Хрипун. 

Иарбоу ахәшә аҷыдаҟазшьақәа, ахәышәтәратә лшарақәа, уи ахархәара аԥышәа, уҳәа рыҭҵаарақәа рылҵшәақәа далацәажәеит аневрологиа, азы Ростовтәи аобласт агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист хада, Ростовтәи аобласт ахәышәтәырҭа иатәу Арегионалтә агәы-шьадатә чымазарақәа Рцентр зыхшыбаҩтә шьаныҟәара еиԥҟьоу ачымазцәа рзы аневрологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Кладова. Лара, аҭҵаарақәа ишаҳнарбаз ала, иарбоу ахәшә «Фортелизин» здызкылаз аишемиатә инсульт захьыз ауаа рҟынтәи  50% рҟынӡа ианрыдыркыла инаркны 90-мшы ашьҭахь ибзиоу аиҭашьақәыргылара апроцесс аарԥшхоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  (адырақәа rls.net).

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба ашықәсҿыцтәии қьырсатәи аныҳәақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аҳҭнықалақь ахада иқәҵара инақәыршәаны, Ахақәиҭра Ашҭаҿы асувенирқәа, ахәмаргақәа, ачиԥсқәа, ачарҩақәа, апиротехника, арбыжкратә компонентқәа злоу  аенергетикатә, рыжәтәқәа, ақьырсантә глинтвеин уахь иналамҵакәа арыжәтә џьбарақәа, аҭаҭынтә, мамзаргьы егьи, аникотин злоу аалыҵқәа, акалианқәа уҳәа егьырҭ аникотин ахархәара иазку ашьақәгылагақәа, иара убас амалакәырқәа, амаланыҟәақәа, ахәыҷтәы дәыӷбақәеи афымцамашьынақәеи қьырала рыҭара.

Ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программақәа мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 23 – 30, асааҭ 17:00 рзы инеимда-ааимданы аҳҭнықалақь араионқәа рҿы:  Алашарбага аҳабла (абжьаратә школ №8), Адыгаа рымҩала, «Турбаза» аҳабла (абжьаратәи ашкол №14), аҳабла «Синоп»  (Аҟәатәи Афизика-техникатә Институт) (СФТИ), адепо араион, аҳабла «Кинопрокат» (Ахан), Аихамҩатә ҳабла (Ажәытә ҳабла) (Пиатачок), Аҳабла Ҿыц (апарк аҿы).

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит аҳҭнықалақь аҿы инхо, 1978 шықәсазы ииз  Џьумутиа Даур Раули-иԥа.

Џьумутиа Даур зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭараан азинхьчаҩцәа ирыԥшааит 8 патронак зцыз, ихысратәы аус еиҭазыдулоу «Макаров» итапанча. Аекспертиза алҵшәақәа рыла, атапанча еибагоит, ахысразы ихиоуп, апатронқәа ракәзар, урҭгьы еибашьыгатәуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Ахылаԥшырҭа Аппарат Хада аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Иара амҩатә ԥҟарақәа еилазго рхьырхәра арӷәӷәара иазкны амассатә реидтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Иара убас атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгараан ашәарҭадара рӷәӷәахоит.

Аилатәара аҿы ареспублика иахьаҵанакуа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара иазкны имҩаԥысуа изаамҭанытәиу аусура азы ажәахә ҟаҵан. Иарбоу ахырхарҭала аусура еиҳагьы ирџьбаратәуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Аминистр иара убас абарҭ адҵақәа ҟаҵеит:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Очамчыра ақалақь ӡыла аиқәыршәара еиԥҟьоуп, уи графикла ауп ишымҩаԥысуа. Ари апроблема уажәы акәӡам ианцәырҵыз: Очамчыра ӡыла аиқәыршәаразы асистема шьақәыргылан1976 шықәсазы, уи аахыс аремонт азуымызт.  

Атәыла анапхгара Очамчыра ақалақь ӡыла аиқәыршәаразы асистема етап-етапла шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аӡбамҭа аднакылеит. Актәи аетап аҿы иҿыцу аӡеизакырҭатә станциа ргылан, аҩбатәи аетап аҿы аӡеихшарҭатә еизакырҭа аиҭышьақәыргылара мҩаԥган.  Иахьанӡа араҟа аӡҭарчыеизакырҭак акәын аус зуаз, уи иахҟьаны ақалақь инагӡаны ӡыла аиқәыршәара еиԥҟьан.  Ахԥатәи аетап аҿы ақалақь аӡымҩангагақәа ԥсаххоит.

Аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡеихшарҭатә еизакырҭа аҩныҵҟа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара мҩаԥган, иажәхьаз ашьых амхны ирҿыцын, аӡеизакырҭа ашьаҭа аҿы аӡыҭакыга ҟаҵоуп, аҭыӡқәа ҿыцны ишьыхуп. Акапиталтә ргылара атехникатә хылаԥшра анџьныр Алиас Ахба иажәақәа рыла аамҭак ала иара ашахта аҿгьы аусурақәа мҩаԥысуеит: аӡеихшарҭа зегьы аиҭарҿыцра иаҿуп.

«Аӡеихшарҭатә еизакырҭа зегьы аиҭарҿыцра иадҳәалоу аусурақәа рынагӡара зынӡа аинвестпрограма ахархәагақәа рҟынтәи иақәхарџьхеит 15,5 млн. мааҭ», - ҳәа иҳәеит Алиас Ахба.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.