
pressadmin-2
II аконкурс «Взгляд – 2023» Аԥснытәи аиааира згаз Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу амедиапремиа «Честный взгляд» афинал рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәнмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Афырхаҵа, Аинформациатә Маҵзура ТАСС афотокореспондент Андреи Соловиов игәалашәара иазкны Аԥсны ажурналистцәа реилазаара рыбжьара имҩаԥгаз II аконкурс «Взгляд – 2023» аҿы аиааира згаз Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу амедиапремиа «Честный взгляд» афинал рхы аладырхәраны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Аԥсны иҟоу Аурыс Ҩны».
Адунеи зегьы аҟынтәи 30 иреиӷьу аусумҭақәа равторцәа, Аԥсны ажурналистцәа реилазаара рыбжьара имҩаԥгаз II аконкурс «Взгляд – 2023» афиналистцәа уахь иналаҵаны, жәларбжьаратәи апремиа «Честный взгляд» («The Honest View Media Award») алахәылацәа рсиа (шорт-лист) иалалеит.
Жәларбжьаратәи апремиа анашьара ацеремона. Мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмза 11 рзы асасааирҭа «Золотое кольцо» аҿы.
Сынтәа аконкурс «Честный взгляд» ахь 250 инареиҳаны аҳәаанырцәтәи ажурналистцәеи аблогерцәеи русумҭақәа нашьҭын. Русумҭақәа нарышьҭит иара убас африкантә континент иаҵанакуа аҳәынҭқаррақәа жәаба рҟынтәи ажурналистцәагьы.
Ԥхынҷкәынмза 11 – 18 рзы урыстәылатәи аҳақьымцәа-аволонтиорцәа ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥыргоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 11 – 18 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи Аволонтиортә ценрқәа Рассоциациеи жәларбжьаратәи агуманитартә проект «Ақьиара Амиссиа» нанагӡалоит. Аԥсны ари апроект абар шьҭа ҩынтәны имҩаԥыслоит, уи Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа амҽханакуеит.
«Апроект «Ақьиара Амиссиа» жәларбжьаратәи аволонтиорреи аҳәааныртәи атәылақәа агуманитартә хырхарҭала аус рыцуреи иацхраауеит. Амиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла атәылауаа жәларбжьаратәи аволониорра амҩаԥгараҿы ацхыраареи аԥышәеи раиура азы асоциалтә ҵакы змоу аволонтиортә проектқәа рхы аладырхәуеит, Икомерциатәым Аиҿкаарақәеи Инапхгаратәым Аиҿкаарақәеи (НКО; НПО) рфондқәа адгылара арҭоит», – ҳәа иазгәаҭоуп апроект апресс-релиз аҿы.
Анапылампыл азы атурнир аҿы аиааира згаз Гәыԥ ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны иҭахаз иҭаацәа ирзырышьҭит 60 нызықь мааҭ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәнмза 2 -3 рзы Очамчыра ақалақь аҿы анаплампыл азы ари аспорт абзиабаҩцәа рыбжьара «Очамчыра араион ахада Ихраҿа-2023» агаразы атурнир мҩаԥысуан.
Атурнир рхы аладырхәит араион зегьы аҟынтәи 12 командак, урҭ ҩ-гәыԥкны еихшан.
Атурнир аҿы аиааира агеит Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда.
Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, акомандақәа «РОНО», «ДЮСШ» рыбжьара афиналтә матч алагаанӡа, «РОНО» ихадоу ахәмарыҩцәа руаӡәы Гәыԥ ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны иара изааигәаз ауаҩы дышҭахаз азы адырра ирҭеит. Уи ахәмарра ихы изаламырхәӡеит.
«Агәыҳалалра аҳасабала, атурнир аҿы аиааира згази акоманда-аԥхьахәгаҩи аԥхьахәтә фонд зегьы- 60 нызықь мааҭ абылра иахҟьаны иҭахаз иҭаацәа рыҭаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭемыр Ԥачлиа.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архәҭақәа рҟны аӡынтәи арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡынтәи арратә ҽазыҟаҵарақәа еиҿкааны рылагара, комлексла арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны, Атәылахьчара аминистрра архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи ирҭааит Ахылаԥшырҭа анапхгараҭара ахаҭарнакцәа.
Дара архәҭақәа рҿы арратә зыҟаҵара апланқәа, арратә зыҟаҵара, атактика-цәаҳәақәгыларатә зыҟаҵарақәа рзы апланқәа рыҟазаареи рынагӡареи ахьынӡаалыршоу гәарҭон, иара убас акомандаҟаҵаратә зыҟаҵара аиҿкаара, атехника, абџьар, аҵара-материалтә база арратә зыҟаҵара азы аҽазыҟаҵарақәа рзы рыхиара аҩаӡара, аӡынтәи арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аиҿкаара шымҩаԥысуа, уҳәа игәарҭон.
Даур Занҭариа игәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмза 7 рзы Москва ақалақь аҿы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 7 рзы, Москва ақалақь, Ростоваа Рыҩны аҿы аԥсуа поет Даур Занҭариа (1953-2001 шш.) диижьҭеи 70-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысуеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит «Москватәи аԥсуа Диаспора» Феисбук аҿы адаҟьа.
«Даур Занҭариа — сыԥсҭазаараҿы исԥылахьоу абаҩхатәра ду злаз ауаа дреиуан. Иаамсҭашәаз, иҳалалыз, иара аԥсуа литература еиԥш аурыс литератураҿгьы аҟыбаҩ злаз зегьы рзы даартын. Даур Занҭариа ипрозеи ипоезиеи саԥхьаанӡагьы, сара насыԥ сыман анаҩс ҳаизыҟазаашьақәа шьақәзыргылаз ахҭыс ақәшәара. Аԥсны саныҟаз сара сақәшәеит Даур иҭаацәараҿы иҟаз агәырӷьачара. Анаҩс хәылԥазык азы иара дысзаԥхьон иажәеинраалақәа. Сара иаразнак еилыскааит – саԥхьа дгылоуп апоет». Убас Даур Занҭариеи иареи реиқәшәара игәалаиршәон апоет, апрозаик Евгени Реин.
Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов дидикылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов дидикылеит.
Дмитри Беспалов Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети аԥсуа гани ирыбжьоу аусеицура атәы еиҭеиҳәеит. Уи иажәақәа рыла, иарбоу аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2014 шықәса раахыс имҩаԥысуеит аҵарадырратә, аҭҵааратә, анаукатә хырхарҭа змоу аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.
Урыстәылатәи Афедерациа анаукеи иреиҳау аҵарадырреи Рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра Аминистрреи рыцхыраарала азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы апрограмма иахысит Аԥснынтәи 2500-ҩык инареиҳаны аспециалистцәа (аҳәынҭқарратә маҵурауаа, аекономикатә сектори аҵарадырра аусхки русзуҩцәа) .
Абиуџьет азы апарламенттә Еилакы аҿы «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект иахәаԥшит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «2024-тәи ашықәс азы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроекти 2024-тәи ашықәс азы Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы Аиндикативтә плани ирыхәаԥшит ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 4 рзы имҩаԥысыз абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы.
Аилатәара иалахәыз ареспубликатә биуџьет ахышәа-ҵышәа инарҭбааны иалацәажәеит. Убас, 2024-тәи ашықәс азы Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә биуџьет ихадоу апараметрқәа абасала ишьақәгылоуп:
Ахашәалахәқәа рыла – 14 млрд. 361 млн. 093,4 нызықь мааҭ;
Аныхтәқәа рыла – 15 млрд. 789 млн. 411,2 нызықь мааҭ;
Абиуџьет адефицит – 1 млрд. 428 млн. 317,8 нызықь мааҭ.
Ареспубликатә биуџьет ихадоу апараметрқәа абасала ишьақәгылоуп:
Ахашәалахәқәа рыла – 10 млрд. 931 млн. 384,9 нызықь мааҭ;
Аныхтәқәа рыла – 12 млрд. 197 млн. 026,1 нызықь мааҭ.
Абиуџьет адефицит – 1 млрд. 265 млн. 641,2 нызықь мааҭ.
Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраара азԥхьагәаҭоуп абарҭ апараметрқәа рыла:
Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы – 3 млрд. 900 млн. 732,7 нызықь мааҭ;
2023-2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестицақәа рымҩаԥгара азы – 1 млрд. 093 млн. 500,0 нызықь мааҭ;
2022-2025 шш. Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара азы аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра азы – 162 млн. мааҭ.
Згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рыбжьара астолтә ԥкьаҭмпыл азы атурнир мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа рыбжьара астолтә ԥкьаҭмпыл азы атурнир. Уи адунеи зегьы аҿы ԥхынҷкәынмза 3 рзы иазгәарҭо згәабзиара алшарақәа ԥку ауаа Жәларбжьаратәи Рымш иазкны амҩаԥгара еиҿнакааит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет.
Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет амиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа 2012 шықәса раахыс имҩаԥыргоит.
Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи Москватәи афилармониа иуникалтәу арккаратә проект рхы аладырхәит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 2 рзы, Москватәи аҳәынҭқарратә филармониа аорӷантә абонемент аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гделиеи (аорӷан) Кристина Ешбеи (сопрано) злахәыз аконцерт. Ахәылԥаз апрограмма аҿы иҟан И.С.Бах аорӷан азы иаԥиҵаз имузыка, Кристина Ешба иналыгӡаз Сезар Франк инапы иҵыҵыз еицырдыруа «Panis Angelicus» аҟынтәи асоло. Араҟа уи илыцқәгылеит авиолончелрҳәаҩы Илиа Пашинцеви аорӷанрҳәаҩы Лука Гаделиеи.
Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, амаестро Алеқсеи Уткин инапхгарала Москватәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр Г.Ф. Гендель иорӷантә концерти италиатәи акомпозитор ду М. Е. Босси иконцерти нанагӡеит.
Лука Гаделиеи Кристина Ешбеи Москватәи афилармониа иуникалтәу арккаратә проект рхы аладырхәит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 2 рзы, Москватәи аҳәынҭқарратә филармониа аорӷантә абонемент аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гделиеи (аорӷан) Кристина Ешбеи (сопрано) злахәыз аконцерт. Ахәылԥаз апрограмма аҿы иҟан И.С.Бах аорӷан азы иаԥиҵаз имузыка, Кристина Ешба иналыгӡаз Сезар Франк инапы иҵыҵыз еицырдыруа «Panis Angelicus» аҟынтәи асоло. Араҟа уи илыцқәгылеит авиолончелрҳәаҩы Илиа Пашинцеви аорӷанрҳәаҩы Лука Гаделиеи.
Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, амаестро Алеқсеи Уткин инапхгарала Москватәи Аҳәынҭқарратә камертә оркестр Г.Ф. Гендель иорӷантә концерти италиатәи акомпозитор ду М. Е. Босси иконцерти нанагӡеит.
Москватәи аҳәынҭқарратә филармониа аорӷантә абонементқәа рсериа - ари аклассикатә музыкатә культура апопулиаризациа иазырхоу ауникалра злоу арккаратә проект ауп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа аԥҵамҭақәа реиԥш «ирхашҭхьоу» ашедеврқәагьы нагӡахоит.