
pressadmin-2
Аԥсны аҵарадырра аҿиара Ацентр аартра азԥхьагәаҭоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аректор Дмитри Беспалов диԥылеит.
«Аԥсны-урыстәылатәи аусеицзура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара азҿлымҳара ду аҳҭоит аҵараиуреи аҭҵаарадыреи рхырхарҭала Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Округ аус ацура. Агәра згоит ари аусура аԥхьаҟа иҵегьы аҽшарҭбаауа», - ҳәа асас аԥсшәа иаҳәо иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Дмитри Беспалов Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аусура алҵшәақәа рзы.
Иара иҟаиҵаз адыррала, 2014 шықәса инаркны ауниверситет активла аусура мҩаԥнагоит Аԥсны аҵара асистема арҿыцразы. Абри аамҭа иалагӡаны, ареспублика аҵараиура Аминистрра алархәны аҵараиуразы азакәан апроект аус адаҳулеит, уажәы иара Апарламент аҟны иҟоуп.
Москватәи аобласт аҿы инхо ахаҵа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы дыгәҩароуп ҳәа Москватәи аобласт аҿы инхо ахаҵа дааныркылеит.
1975 шықәсазы ииз Огариов Свиатослав Михаил-иԥа ихатәы машьынала Приморск ақыҭан ауаҩы иахьиҿырхасырҭам аҭыԥқәа рҿы имаӡоу ашҭаҵарҭақәа рҿы анаркотикатә маҭәашьарқәа шьҭаиҵон. Убас, иара Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан анаркотикқәа анышьҭеиҵуаз аамҭаз дааныркылеит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Иара хаҭала игәаҭараан амилициа аусзуҩцәа идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар зҭаз 15 еилаҳәара. Уи анаҩс ишеилкаахаз ала «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар акәын.
Ҳазҭоу ашықәс 11 мзы рыҩныҵҟа ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 4,7 млрд. мааҭ иреиҳаны.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса жәеизамзы рыҩныҵҟа Аԥсны абиуџьет иалагалахеит планла иарбаз 3,7 млрд мааҭ рҭыԥан 4 миллиарди 737,9 млн. мааҭ ашәахтәқәа, ҳәа иаанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Ԥхынҷкәынмза 7 рзы Аҟәа араионқәак рҿы аӡылаеиқәыршәара аанкылахоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аҟәатәи аӡыршьҭра» иҟанаҵо адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 7 рзы Лакобеи Воронови реихысырҭаҿы, Коӷониеи Воронови, Сахарови Ардзинбеи, Гулиеи Аинрал Аршба имҩеи реихысырҭақәа рҿы, иара убас аӡхагаларатә станциа №4 аҿы (Гәымсҭа ақыҭа) имҩаԥгахо аремонттә усурақәа ирхырҟьаны, Аҟәа араионқәак рҿы 00:00 сааҭ инаркны 18:00 рҟынӡа аӡылаеиқәыршәара аанкылахоит ҳәа адырра ҟанаҵоит. Убас аӡылаеиқәыршәара еиԥҟьахоит абарҭ араионқәа рҿы:
Ԥхынҷкәнмза 1 азы Аҟәа ақалақь аҿы изҭаху зегьы хәыда-ԥсада Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авируси (ВИЧ) агепатит чымазареи рзы анализқәа арҭар рылшон.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса ԥхынҷкәынмза 1 –Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) аҿагылара Жәларбжьаратәи Амш азы, Аҟәа ақалақь Ареспубликатә хәышәтәырҭа ацәажьы-венерологиатә диспансер аҿы Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус (ВИЧ), агепатит В, С, Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД), ардашыкь (асифилис), уҳәа ачымазарақәа рзы хәыда-ԥсада анализқәа раҭаразы СПИД-центр имҩаԥнаго акциа мҩаԥысуеит.
СПИД-центр аҳақьым-алаборант Саида Палба Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо сынтәа Ацентр иарбоу акциа изҭахыз зегьы рзы амҩаԥгара алымшаӡеит, избан акәзар цәыббамза 6 рзы иҟалаз абылра иахҟьаны амаругақәа зегьы блит ҳәа адыра ҟалҵеит. Убри иахҟьаны алшара ҳмоуӡеит Аԥсны инаскьоу араионқәа рахь ацара. Ҳхықәкы хаданы иҟоу уажәы – аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥганы ихыԥадатәиу амаругақәа рыдгалареи ауп.
«Ҳара излауаз ала ауааԥсыра адырра раҳҭеит уажәазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны аҭҵаарақәа зегьы стационарла адиспансер аҿы ишымҩаԥгахо азы. Ари аҩыза акциақәа ҳара есышықәса имҩаԥаагоит, ареспублика араионқәа зегьы рыхьӡара ҳҽазаҳшәоит. Алабораториа 2011 шықәса раахыс аус ауеит, ари аамҭа иалагӡаны ҳара иҭаҳҵааит 10 000-ҩык ауаа инареиҳаны. Ҳара ҳзы ари даара ишьаху ҳусура арбага ауп», – ҳәа илҳәеит лара.
Саида Палба ауааԥсыра акциа радыԥхьалара азы инацҵаны аглиукоза аҩаӡара азы, аҟырҟмыџьтә уатала агармонқәа рзы анализқәа ҳгон, иара убас аспециалистцәа, иаагозар агинекологцәагьы адаҳгалон ҳәа еиҭалҳәеит.
Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, аҭҵаарақәа зегьы анонимтә ҟазшьа аманы ишымҩаԥысуа, насгьы ишхәыда-ԥсадоу. Ирҳау Ауаҩы ииммунитет азымхара асиндром (СПИД) шьақәырӷәӷәахазар, усҟан анаҩстәи ашьаҿа – апациент ихы инаркны ишьапаҟынӡа игәаҭареи СПИД-центр аҿы ихәаԥшреи ауп.
Саида Палба инацҵаны иазгәалҭеит даҽакгьы. Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус еиҳа имаҷны иаарԥшхо иалагеит зцәа зтәым аҳәса рҿы, иҟоуп аҳәса абри аҩыза адиагноз шрымоугьы аҩбатәи, ахԥатәи ахәыҷқәа роура згәаӷьуа.
Аҳақьым иазгәалҭеит, адиспансер аҿы ашәҟәы иҭагалоу апациентцәа хәыда-ԥсада иааиԥмырҟьаӡакәа иахәҭоу ахәшәқәа шроуа. Авирустә қәыӷәӷәара азы атесттә гәаҭара, аиммунатә статус СD4, абиохимиатә, аклиникатә, анализқәагьы хәыда-ԥсада имҩаԥгахоит. Ауаҩы ииммунитет азымхара зырҿио авирус чымазара злаҽу апациентцәа анализқәа рыҟаҵареи ахәшәқәеи рзы аԥара ршәаӡом. Иҟоуп апациентцәа, астационар аҿы зҽызхәышәтәуа, хәшәқәак аныҟам ҟалалоит, усҟан агәабзиарахьчара Аминистрра урҭ раахәаразы афинансқәа азоунажьуеит.
Назаров ақалақь аҟынтәи аҟаза аԥснытәи ашыцмҿы иџьашьатәу асахьақәа ҭаԥиҟоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Назаров ақалақь (Урыстәыла, Красноиарсктәи атәылаҿацә) аҟынтәи аҟаза ашыцмҿы иџьашьатәу асахьақәа ҭаԥиҟоит. Урҭ акала «нецке» ҳәа изышьҭоу иапониатәи асахьақәа иреиԥшуп.
«Амҿыҭыԥҟаҩы аҟазара атәы здыруа инапқәа рҿы амҿы аҟәырҷаха аԥсы ахалоит, уи даара аинтерес зҵоу, уагәылазхало аԥстәы, ма ауаҩы рсахьақәа алҵуеит. Амҿыҭаԥҟаҩы, аҟаза Николаи Килин еицыдыруа алаҟәтә персонаж Папа Карло еиԥшҵәҟьа иуадахәыҷы-иҟазарҭа аҿы дыҩнатәаны азныказы акала улахь имааиуа амҿтәы ҟәырҷахақәа ирылихуеит зеиӷьаҟам, иџьашьаху иперсонажкәа». – ҳәа адырра ҟанаҵоит Ателеканал «Енисей» асаит https://www.enisey.tv/news/.
Иазгәаҭатәуп, аҟаза иперсонажқәа злихуа амаҭәахә иныҟәарақәа раан Аԥснынтәи ишааигаз.
«Ари амҿы ахкы акырӡа икьакьоуп, иара аус адулара зынӡа имариаӡам, уи акы алухырц азы даара уҽазҵәылхны, ачҳара аарԥшны, гәадкыларала аус ууроуп. Уажәы сара ацгәы-аныҟәаҩ асахьа аҟаҵара саҿуп. Абар араҟа иара ахәдакәырша ахазаауеит, зегьы ԥшӡаны, иҭыҟҟаны, еиҿкааны иҟалоит» – ҳәа еиҭеиҳәоит аҟаза.
Абоксиор Константин Ахба абокс азы атурнир «Янтарные перчатки» аҿы аиааира игеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Константин Ахба абокс азы 27-тәи Жәларбжьаратәи атурнир «Янтарные перчатки» аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Константин Ахба 54 кьыла рҟынӡа иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа 2008-2009 шықәсқәа рзы ииз арԥарцәа рыбжьара дықәгылон.
Атурнир мҩаԥысуан Калининград ақалақь аҿы ԥхынҷкәынмза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 3 аҟынӡа. Уи рхы аладырхәит атәылақәа: Урыстәыла, Белоруссиа, Германиа рҟынтәи 108-ҩык аспортсменцәа.
Москва идырбахоит Нара Ԥлиа Лырҿиаратә ҟазарҭа (астудиа) аспектакль.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 9 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит ахҭыс шьахә - Нара Ԥлиа Лырҿиаратә ҟазарҭа (астудиа) аспектакль «Аԥсҭазаара – мшынуп».
Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылараны иҟоуп ахәыҷтәы театралтә студиа «Сара саамҭа» аҟыбаҩ злоу артист ҿарацәа. Аспектакль ргәамԥхар залшом акульттә шәҟәыҩҩы, адраматург Даниил Хармс ирҿиара абзиабаҩцәа.
Аԥхьарбарақәа иаҭааз ахәаԥшцәа аӡәырҩы ргәаанагарала, аспектакль Аԥсны ииасуа ашықәс азы аиашазы атеатралтә аартраны иҟалеит. Арежисиори актиор ҿарацәеи ирылшеит ахәаԥшцәа имариоу, аха убри аан хадара злоу азҵаарақәа рыла рыҿцәажәара зламҩаԥыргоз атеатралтә бызшәала апублика рыршанхара. Аиашазы, «Аԥсҭазаара – мшынуп, алахьынҵа – аԥша иаҩызоуп, ауаҩы иакәзар – уи дыӷбоуп».
Амаҵураныҟәаратә харџьқәа абиуџьет аҟынтәи ахарҭәааразы анорма ҿыцқәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара амаҵураныҟәаратә харџьқәа абиуџьеттә хархәагақәа рыла рхарҭәааразы анорма ҿыцқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Уи азы аиҭакрақәа алагалоуп ԥхынҷкәынмза 27, 2017 рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Амаҵураныҟәаратә харџьқәа Ареспублика Аԥсны абиуџьеттә система ахархәагақәа рыла рхарҭәааразы анорма ҿыцқәа рышьақәынарӷәӷәара азы» Ақәҵара №182.
Ареспублика аҩныҵҟа инагӡоу амаҵураныҟәарақәа раан уахыки-ҽнактәи ашәатәы 250 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.