АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 6 рзы аҵхақәҭан Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа  рзы Аминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Шәачантәи Аҟәаҟа иааргеит Донбасс ахақәиҭразы иҭахаз,  1986 шықәсазы ииз Хариашвили Ҭемыр Амиран-иԥа иԥсыбаҩ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу астадион-маҷ аартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 7 рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан.  Уаанӡа ари аҭыԥ аҿы ахыбра абаҩ акәын игылаз. Иахәҭоу аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ашьҭахь адәы аҿы иԥсабаратәым ақәҵа шьҭарҵеит, арлашагақәеи аҭахкааратә каҭақәеи шьақәдыргылеит.

Аилазаара «Очамчыраргылара» адиректор Саид Адлеиба иажәақәа рыла, аконтракт инақәыршәаны, астадион-маҷ хы-шықәса ирҭагӡаны џьара еиԥҟьарак амамкәа аус аулароуп.

Ақыҭаҿы аспорттә плошьадка аҟамзаара араатәи ахәыҷқәа рзы акыр апроблемақәа цәырнагон, урҭ ахәмаррақәа рылахәхаразы ақалақь ахь ицар акәхон. Аҳәынҭқарра Ахада, атәыла Анапхгара, адепутат иҳарҭаз ахацҵгылара иабзоураны ашколхәыҷқәа шьҭарнахыс аспорттә ҽазыҟаҵарақәа рзы зеиӷьаҟам аҭагылазаашьақәа рымазаауеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадаеи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа  аузуҩцәеи Аҳәынҭстандарти, Ашәарҭадаратә маҵзуреи агәаҭарақәа анеицымҩаԥыргоз,  Очамчыра араион Кәтол ақыҭан, абнара иахьаҵанакуа ирбеит 96 акриптовалиута арҳара иазку ахархәага ахьаҿакыз амаининг-ферма. Арҭ ахархәагақәа зтәыз административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан иарбоу аппаратқәа зегьы афымцацәаҳәа «Амшынеиқәафымцамч» иаҿакын, уи афымцамч ахархәара 124 кВт⋅с. инаӡоит. Аԥшәма Кекелиа Ҭемыр Гәырам-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 96, ахәҭа 2, азгәаҭа 1 инақәыршәаны административтә хараԥса иқәҵоуп. Ахархәагақәа ықәганы Аҳәынҭстандарт аҵәахырҭа ҷыдахь инаргеит.

Очамчыра араион Аҭара ақыҭан Артур Керапет-иԥа Зеитуниан идырбалеит иагьимырхит акриптоԥара арҳаразы изықәгылаз 10 аппаратк.

Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи  аусқәа Русбарҭа амилициа 1-тәи аҟәша азинмчы змоу ацуҭа милициа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь, Арцах амҩаҟны инхо Ахба Денис Рамин-иԥа инхарҭаҟны ирыԥшааит 11 аппарат. Аппаратқәа аҿыхуп, Аҳәынҭстандарт иатәу иҷыдоу ашьҭаҵарҭаҿы инагоуп.

Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан  акриптовалиута арҳара иазку ф-аппаратк рыԥшааит уажәы аус зымуа Гагра ақалақь аунивермаг ахыбраҿы.  Аԥшәма Головин Артур Виктор-иԥа ахархәагақәа имхуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Апсныпресс. Аслан Бжьаниа Владимир Путин Ахада иалхрақәа рыҟны ақәгыларазы иӡбамҭа дшадгыло атәы иҳәеит. Аслан Бжьаниа итекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп: 

«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыҟны ақәгыларазы иӡбамҭа садгылоит.

Иахьатәи адунеи аҟны иҟоу ашәарҭарақәа рымҽхак инарҵауланы адыррагьы лак-ҩакрада уи азныҟәарагьы аҭахуп.

Владимир Путин ихыԥша, иаҳаҭыр, иԥышәа, имоу аԥхьагылаҩ иҟазшьақәа рыда ԥсыхәа ыҟаӡам ииашоу, иглобалтәу адунеи ашьақәыргылараҟны, иглобалтәу аиҳараҩык рпозициақәа рышьақәырӷәӷәаразы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адныҳәаларатә текст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп: 

 

«Ҳаҭыр зқәу Маргарита Симон-иԥҳа!

 

Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ «Урыстәыла иахьа» аколлектив зегьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аиубилеитә шықәсхыҵра.

Жәашықәса рыҩныҵҟала шәара шәусура аинформациатә ҵакыра аҿиараҟны алагала ӷәӷәа ҟанаҵеит, астандарт ҳаракқәа шьақәыргыло, иара убас аԥхьагыларатә позициқәа аанкыло.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа рыла аӡбареиҿкааразы Азакәанеидкыла аиҭакрақәа ралагалара азы азакәан апроект рыдыркылеит.

Аӡбаҩцәа азыӡбақәа зларыдыркыло административтә зинеилагарақәа рзы ахәҭаҷқәа рсиа иаларгалеит Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 1651 («Аӡыргара азы азакәанԥҵаа аилагара»).

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа атәылауаа рсоциалтә маҵзура ашьаҭақәа рзы» азакәан апроект.

Уи аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз Апарламент асессиа аилатәара аҿы адгалара мҩаԥигеит иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә Усбарҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Уи, иарбоу азакәан апроект атәылауаа Аԥсны рсоциалтә маҵзура азинтә шьаҭақәа рышьақәырӷәӷәара, атәылауаа (аҭаацәарақәа) рзинқәа рыхьчара алыршара, амаҵзура ахаҭабзиара, аҩаӡара, анаӡара, аеффективра, ашәарҭадара, уҳәа рыҩаӡара ашьҭыхра  иазырхоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Уажәы Аԥсны атәылауаа рсоциалтә маҵзура аганахьала аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазку азакәан ыҟаӡам.

«Ари азакәан апроект атәылауаа рсоциалтә маҵзура азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә шьаҭақәа алнакаауеит, асоциалтә маҵзура зауа, иара убас урҭ назыгӡо рзинқәеи рҭакԥхықәақәеи шьақәнарӷәӷәоит. Азакәан апроект Ареспублика Аԥсны атәылауаа, ареспублика аҿы инхо аҳәаанырцәтәи атәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа, иара убас реиҿкаара-зинтә форма иадҳәаламкәа аиуристтә хаҿқәагьы   ирызкуп. Азакәан апроект атәылауаа рсоциалтә маҵзура аусхкы аҿы аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа, азинмчы змоу аусбарҭа, атәыла аминистрцәа Реилазаара азинмчқәа рышьақәырӷәӷәара азԥхьагәанаҭоит»,  – ҳәа иаҳәоит аусшәҟәы иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.   

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, абиуџьети афинансқәеи акредиттә еиҿкаарақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь алархәны  аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәнмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинтернет маҵзура азы атарифқәа рышьҭыхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа иадҳәалан Аимадареи амассатә коммуниациақәеи  ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара.  Уи рхы аладырхәит амобилтә еимадареи аинтернет-аҳамаҵдгалаҩцәеи роператорқәа рхаҭарнакцәа. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.    

Аимадареи амассатә коммуниациақәеи  ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Роланд Берулаа амобилтә еимадареи аинтернет-аҳамаҵдгалаҩцәеи роператорқәа рхаҭарнакцәа аҵыхәтәантәи аамҭазы атарифқәа рышьҭыхра инамаданы ауааԥсыра акыр агәынамӡара шаадырԥшуа иҳәеит, иара убас ишьақәгылаз аҭагылазаашьа мзысқәак иамоу атәы еиҭарҳәарц азы аҳәара ҟаиҵеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент актәи аԥхьарала Ауаажәларратә Палата ашьақәгылара апринцип иадҳәалоу аиҭакрақәа Аԥсны азакәанԥҵаратә актқәак ралагаларазы ажәалагала ҟанаҵеит.  

Ажәалагалақәа рыдгалара мҩаԥигеит адепутат Дмитри Маршьан.

«Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы» иҟоу азакәан ахәҭаҷ 8, ахәҭа  5 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата  Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. 13-ҩык ахада иалихуеит, 11-ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.

Адепутатцәа Ауаажәларратә Палата алахәылацәа 25-шықәсатәи ақәратә ценз алагаларазы, иара убас Ауаажәларратә Палата алахәылас аҟалара алзмыршо амзызқәа рырҭбаара азы адгылара ҟарҵоит. Убас Ауаажәларратә Палата алахәылас  рыҟалара алмыршазароуп аҩыжәра мыцхәы зҽадызцало, анаркотикатә маҭәашьрқәа здызкыло, атаксикоаниа, илаҽу апсихикатә чымазарақәа змоу, иара убас аполитикатә партиақәеи аидгыларақәеи ирылаху ауаа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.