АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Лаҵара.2024

Акультура-усутә платформа «Гәыма» аҿы апроект «Акультуратә марафон» аусура иалагеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Акультура-усутә платформа «Гәыма» аҿы апроект «Акультуратә марафон» аусура иалагеит. Апроект анагӡара мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа адгылара иабзоураны.  

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҵара аминистр Инал Габлиа ари аусмҩаԥгатә иаҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада Акультура-усутә платформа «Гәыма» ахаҭарнакцәа, апроект зҽалазырхәуа аҿар, алекциақәеи аҟаза-иклассқәеи  мҩаԥызгало акультуреи аҟазареи русзуҩцәа ақәҿиара дуқәа рзеиӷьаишьеит.  

«Ҳара гәахәара дула иҳадаҳкылоит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭеи ҳареи еиҿаҳкааз ареспублика зегьы аҟынтәи ахәыҷқәа рзы акультура-ҵарадырратә проект анагӡара алагара. «Акультуратә марафон» – ари аԥсуа милаҭтә традициақәа рӡыргареи реиқәырхареи хықәкыс измоу аиԥыларақәа роуп», - ҳәа илҳәеит Акультура-усутә платформа анапхгаҩы Хьыбла Возба.

Ԥшьымз ирылагӡаны аа-еиԥыларак еиҿкаахоит. Ахәыҷқәа ажәытә аԥсуа жәлар рқьабзқәеи рҵасқәеи рҵоит, аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа рыла ахәмаршьа, ахыци ахәымпали рыла ахысшьа, ажәытә аԥсуа кәашарақәа рыкәашашьа, амилаҭтә орнамент заку аилкаара, уҳәа хра злоу адыррақәа маҷымкәа ироуеит.   

Апроект аиҿкааҩцәа агәра ганы иҟоуп апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рҭаара алахәылацәа ргәалашәараҿы ашьаҭа  бзиа шааннажьуа.  

Аиԥыларақәа аинтерес зҵоу аекскурсиақәа рахь ацарала аҟаза-иклассқәа раҳасабала имҩаԥыслоит. Ареспублика еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи аҿар еибадырыр рылшоит, аҩызцәа ҿыцқәа дырҳар, аԥышәеимадара рыбжьарҵар ауеит, иара убас апрофессионалцәа ирзыӡырҩыр ҟалоит.

Апроект раԥхьатәи усмҩаԥгатәны иҟалеит аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа ирызку алекциа амҩаԥгара.  Амузыкатә школқәа, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа аҵаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә жәлар рмузыкатә инструментқәа рансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, акультура  зҽаԥсазтәыз аусзуҩ   Денис Арухаа.

Аинтарактивтә, ахәмарратә формат ала аспикер ахәыҷқәа ирызнеигеит аԥсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа рҭоурыхи рҷыдарақәеи рзы адыррақәа, ахәыҷқәа урҭ рыла ахәмарразы алшарагьы риҭеит.

 


Read 80 times - Амҽыша, 02 Рашәара 2024 20:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.