АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Лаҵара.2024

Афон Ҿыци Пицундеи аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа иазхиоуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Дмитри Занҭариеи Асҭамыр Барцыци акурорттә сезон аламҭалазы Пицундеи Афон Ҿыци рхадацәа Руслан Хәынцариеи Ҭемыр Оҭырбеи ирԥылеит.

Аԥсны атуризм Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз аплиажқәеи аплиажтә инфраструтура зегьи аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа алагара ишазыҟоу атәы иалацәажәеит.

«Ҳара есышықәса акурорттә сезон аламҭалазы ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҿы аилацәажәарақәа  мҩаԥаагоит. Сынтәа ҳара Гагра, Афон Ҿыц, Пицунда ақалақьқәа рахь агәаҭаратә ныҟәарақәа мҩаԥааго ҳалагеит.  Ҳрылацәажәеит аплиажқәеи аплиажтә инфраструктуреи аԥхынтәи акурорттә сезон разыҟаҵара ахьынӡаалыршоу. Ҳазааҭгылеит амуниципалтә плиажқәа рыҟны аԥсеиқәырхаратә станциақәа русура, Асанитар-епидемиологиатә Станциақәа русура, акрыфарҭақәа акурорттә сезон азы разыҟаҵара ахьынӡазалыршоу, амшынӡи аӡрыжәтәи рхаҭабзиара аилкаара, арыцқьаратә шьақәыргылагақәа, уҳәа азҵаарақәа жәпакы. Ҳалацәажәеит иара убас Анхара-коммуналтә Нхамҩа аусура, акоммуналтә маҵзурақәа разыҟаҵара, аусура иазырхиоу иҷыдоу атранспорт ахыԥхьаӡара …», – ҳәа иҳәеит Дмитри Занҭариа.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, Афон Ҿыци Пицундеи акурорттә сезон ишазыҟаҵоу, урҭ иахәҭоу аҩаӡараҿы ареспублика асасцәа рыдкылара шрылшо азгәаҭан. Убри аан, Афон Ҿыци Пицундеи акадрқәа разымхара шыҟоугьы азгәаҭан.

Пицунда ақалақь аҿы ауаа рацәаҩны иахьеизо аҭыԥқәа рҿы ишьақәыргылоуп авидеокамерақәа. Уи зыҟаҵоу ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи ршәарҭадара азы ауп.


Read 72 times - Амҽыша, 02 Рашәара 2024 20:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.