АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Лаҵара.2024

Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәара ҭагалан, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәара ҭагалан, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп, ҳәа Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура «ТАСС» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит  Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Ареспублика Ҟрым есымшатәи ахаҭарнак Георги Мурадов.

Аусутә хеилак Ареспублика Аԥсни Ареспублика Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы аҩганктәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара аихшьаалақәа рыла мшаԥымза, 2024 шықәса рзы  иаԥҵан. Уи аԥҵара хықәкы хадас иамаз, аҩ-республикак рҟынтәи аалыҵ наҟ-ааҟ, абжьахәаахәҭыҩцәа рыла акәымкәа, ишиашоу анаӡара алыршара азы  ареспубликақәа рыбжьара аимадара ашьақәыргылара ауп.

«Ҟрыми Аԥсни аусутә хеилак раԥхьатәи аилатәара мҩаԥгахоит ҭагалан 2024 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп аусдкылаҩцәеи анапхгаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи. Уаҟа иалацәажәоит Аԥснынтәи Ҟрымҟа атауарқәа ргареи Ҟрымынтәи Аԥсныҟа аалыҵқәа раагареи», абри атәы ТАСС азеиҭеиҳәеит Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.

Уи иажәақәа рыла, аҩқәа, ашәырқәа, акондитертә аалыҵқәа, афымцамаругақәа, иаагозар Симферополь иҟоу азауадқәа иҭрыжьуа аидырҭәаларатә еиқәыршәагақәа, уҳәа атауарқәа  наҟ-ааҟ, абжьахәаахәҭыҩцәа рыла акәымкәа ишиашоу анаӡара алыршара азы  ареспубликақәа рыбжьара аимадара ашьақәыргылара иабзоураны Ҟрым еиԥш Аԥсынгьы аахәаҩцәа рзы ахәԥсақәа акыр рыларҟәра аларшахоит. «Аҿиара иаҿуп ҩ-ганктәи аилахәаахәҭра. Ҳара иаҳҭахуп уи иҵегьы хра аманы иҟаларц ахәԥсақәа рганахьала. Уи азы аус рыдааулоит атранспорттә логистикатә схемақәа – атауар еиҳа ирццакны амҩангаразы, ахәԥса аларҟәразы», - ҳәа иҳәеит ачынуаҩ. Георги Мурадов иара убасгьы иҳәеит Аԥснынтә араса, киви, ахәырма уҳәа ашәырқәа Ҟрымҟа рынашьҭра аинтерес рыманы ишыҟоу.

2016 шықәсазы Ареспублика Ҟрыми Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи, аҭҵаарадырра-техникатәи, агуманитартәи усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Ес-хышықәса аганқәа рнапы аҵарыҩуеит ауснагӡатәқәа Рыпрограмма.

 

 


Read 71 times - Амҽыша, 02 Рашәара 2024 21:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.