АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Лаҵара.2024

Аԥсни Урыстәылеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа рделегациақәа рнапхгарабжьаратәи аусуратә еиԥылара мҩаԥысуеит афедералтә ҵакыра «Сириус» аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут напхгара зиҭо Аминистрра аделегациа лаҵарамза  23 – 24 рзы афедералтә ҵакыра  «Сириус» аҿы имҩаԥысуа  аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа реилатәара иалахәуп.  

Аилатәара Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицуразы ԥхынҷкәынмза 24, 2010 шықәса рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны имҩаԥысуеит.

Аныҳәатә еиԥылара ашьҭахь, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рделегациақәа рнапхгаҩцәеи алахәылацәеи апарк «Южные культуры» аҿы ишьақәыргылоу, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәаратә дырга амҵан ашәтә шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.     Анапхгарабжьаратәи аиԥылара иалахәыз иара убас афедералтә ҵакыра «Сириус» анаука, акультура, аспорт аобиектқәа ирҭааит.

Урыстәыла аганахьала аусуратә еиԥылара рхы аладырхәеит Нхыҵ Кавкатәи Афедералтә Округи (СКФО) Краснодартәи атәылаҿацәи рыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусбарҭа Хадақәа рделегациақәа,  Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра,  Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атранспорт аҿы аусбарҭа Хадеи афедералтә ҵакыра «Сириус» ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра  аҟәшеи рҟынтәи аделегациақәа.

 


Read 77 times - Амҽыша, 02 Рашәара 2024 19:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.