АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аҟәа ақалақь Ахадара Амуниципалтә унитартә Наплакы «Аҟәатәи ақалақьтә џьармыкьа Хада» аусура агәаҭара мҩаԥнагоит. Ахәҭакахьала, иара убас абылрацәыхьчаратә нормақәа рықәныҟәара ахьынӡазалыршоугьы гәарҭоит.

Абҵарамза 29, 2023 шықәсазы Апрокуратура аԥшьгарала, Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыхьчара азы абылрацәыхьчаратә отриад алархәны Аҟәатәи аџьармыкьа иаҵанакуа ахәаахәҭратәи егьырҭ аобиектқәеи абылрацәыхьчаратә нормақәа ишрықәныҟәо азы  агәаҭара мҩаԥган.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә усбарҭа ԥыхьатәи аусзуҩцәа – аусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, амилициа аполковник Кәаӡба Вадим Сергеи-иԥеи Афон Ҿыц ақалақь аҿы апаспорттә гәыԥ аинспектор хада Џьениа Фатима Вадим-иԥҳаи, иара убас, Украина атәылауаҩ  Мыльцев О.С. 10 000 доллар рҟынӡа инаӡоз аҵарҭыша азы изакәанымкәа апаспорт иҭара аус аҿы урҭ ирыцлахәыз - Ҳалуашь Лолита Заканбеи-иԥҳаи Кәыҵниа Гәырам Омар-иԥеи рганахьала ихацыркыз аусеилыргара ахәаԥшра хнаркәшеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Кавканҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аилацәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа аиҳабы  Иракли Ҭыжәбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.

Аиԥылара аҿы аганқәа ԥхынҷкәынмза 5-6 рзы имҩаԥысраны иҟоу адискуссиақәа изаамҭанытәиу 59-тәи араунд амшхәаԥштә иалацәажәеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аҭыԥаҿы ашәарҭареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара азҵаарақәа.

Аԥснытәи аделегациа аҽазныкгьы ишьҭнахуеит Қырҭтәылеи Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәараз ашәҟәы анапаҵаҩра азҵаара.

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәан Гал ақалақь аҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи хырыҩ рыҭареи рзы Амеханизм аусура ахацыркра, арегион аҿы ашәарҭадара азҵаарақәа.

Иракли Ҭыжәба аԥсуа ган Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнакцәа рыла иарбоу амеханизм аусура арҿыцра азы ажәалагала ҿыцқәа рынашьҭра еиҿнакааит ҳәа иазгәеҭеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа, атлетика ласы азы Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи АССР абаҩрҵәыратә культуреи аспорти зҽаԥазтәыз аусзуҩ Акоп Керселиан дахьынхоз, Аҟәа ақалақь, Лакоба имҩала игылоу аҩны № 103 ахаҿратә ган аҿы агәалашәаратә мемориалтә ӷәы ашьақәыргылара иақәшаҳаҭхеит.

Акоп Керселиан аҟәатәи аспортсмен, аҭоурых аҿы зда дыҟам хынттәи аолимпиатә чемпион  (1968, 1972, 1976), 1980 шықәсазтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә медал згаз, Европа ҩынттәи ачемпион (1969, 1974 шш). –  Виктор Санеев раԥхьатәи изыҟаҵаҩ иакәын.

Виктор Санеев хынттәи аԥара аҿы хынтә адунеитә реконд шьақәиргылахьан: 17,23 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,39 м. (жьҭаарамза 17, 1968 шықәсазы, Мехико ақалақь аҿы), 17,44 м. (жьҭаарамза 17, 1972 шықәсазы, Аҟәа ақалақь аҿы).

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәии урыстәылатәи археологцәа Аҟәа аӡымҽхак иахьаҵанакуа аӡаҵантәи аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит.  Абри азы Sputnik арадио аефир ала еиҭеиҳәеит Мрагылараҭҵаара Аинститут Ҟрыми Адгьылбжьарамшыни  аҭоурых-археологиатә ҭҵаара Ацентр анапхгаҩы, Севастопольтәи ауниверситет акафедра адоцент Виктор Лебедински.

Ари Севастопольтәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәеи Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа Мрагылараҭҵаара Аинститути Аԥснытәи агеографиатә еилазаареи рҵарауаа еицынарыгӡоз жәларбжьаратәи аӡаҵантәи археологиатә експедициа ацҵара ауп. Уи адгылара анаҭоит Урыстәылатәи агеографиатә еилазааара. Уаанӡа урҭ иҭырҵаауан Гәдоуҭеи Афон-Ҿыци рӡымҽхакқәа.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа Цандрыԥшь аҳаблеи Приморское ақыҭеи аинтернационалтә бригада «Пиатнашка» аибашьцәа рҭахара иахкьаны имҩаԥысыз алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.   Абесалом Кәарҷиа Иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз  Аԥснытәи аибашьцәа - Шамиль Дасаниеи Марзаҟан Ачбеи рҭаацәа дрыдышшылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара аҿы ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны есымзатәи асоциалтә шәатәқәа рыҩаӡара ашьҭыхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Абыда зхала ахәыҷқәа зааӡо анацәа хәыҷык изы ирызшәахо аԥаратә цхыраагӡа 500 мааҭ рыла иазҳауеит, убас ала уи аицҵалыҵ 2000 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.  

18 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәарацәа ироулоит:

хҩык ахәыҷқәа змоу аҭаацәа – хәыҷыцыԥхьаӡа 1000 - 1000 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 600 мааҭ);,

ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – хәыҷыцыԥхьаӡа 1500 - 1500 мааҭ ( 2023 шықәсазы – 900 мааҭ);  ,

хәҩык ахәыҷқәа змоу рзы – хәыҷыцыԥхьаӡа 2000 - 2000 мааҭ (2023 шықәсазы – 1050 мааҭ),

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса рашәарамзаахыс абҵарамза анҵәамҭанӡа 48 309 - ҩык апассаџьырцәа афымцадәыӷба «Ласточка» ала Аԥсныҟа иааит.   Абри азы адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа».

Зегьы реиҳа апассаџьырцәа афымцадәыӷба «Ласточка» ала Аԥсныҟа иааит нанҳәамзазы. Апассаџьырцәа раара азы арбагақәа абас ала ишьақәгылеит: рашәарамзазы – 3480-ҩык, ԥхынгәымзазы – 10652-ҩык, нанҳәамзазы – 15826-ҩык, цәыббрамзазы – 11624-ҩык, жьҭаарамзазы – 4177-ҩык, абҵарамзазы – 2550-ҩык.

Афымцадәыӷба «Ласточка» Шәача-Гагра амаршрут ала аныҟәара иалагеит 2023 шықәса, рашәара 8 инаркны.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡынра ихьшәашәоу арктикатә ҳауа алалара иазыԥшуп. Уи инамаданы иҟалар алшоит адыд-мацәыс зцу ақәыршыҩқәа, ақәасабаа леир ҟалоит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иазгәалҭеит аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аметеорологиа аҟәша аметеоролог хада Диана Ҭраԥшь.  

Уи лажәақәа рыла, сынтәа ҷыдала аномалтә ҟазшьа змоу аԥсабаратә цәырҵрақәа ҟамлароуп.

«Хазы игоу мышқәак рзы иԥхоу  амшқәагьы ҟалоит. Ҽынла аҳауа аԥхарра 15- 20 градус рҟынӡа ихалалоит. Иреиҵаӡоу аҳауа аԥхарра 0 градус инаркны -2,5 градус рҟынӡа илаҟәыр алшоит. Лассы-лассы иҟалало ақәоурақәа ирыхҟьаны, Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа еиԥш мрагыларатәи ахәҭа аҟны  аиланхарҭатә ҭыԥқәа аӡы рыҵалар алшоит.  Амшын ацәқәырԥара 3 - 4 балл рҟынӡа инаӡалоит. Иҭышәынтәалам  аҳауатә қәыӷәӷәара, иара убас аамҭа-аамҭала ихьшәашәоу аҳаиртә фронтқәа рыиасра иахҟьаны аԥшасра еиҭасуа аҟазшьа аиуоит. Аԥшаҵысра хазы игоу аӡынтәи апериодқәа рзы сикундак ала 15 - 17 метра рҟынӡа инаӡалар алшоит», – ҳәа иазгәалҭеит Диана Ҭраԥшь.

Аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы иԥхьагылоу аспециалист, аналитик Диана Занҭариа лажәақәа рыла, ажьырныҳәамзеи жәабранмзеи рзы ашьхареи ашьхара иаԥшу аҭыԥқәеи рҿы асы шьҭалар ҟалоит, амшын аԥшаҳәаҿы аиҳарак ақәасабаа аулоит.

«Амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа асы шьҭамлар ҟалап», ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 27-28 рзы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны  Гагра араион иаиуз азарал макьаназы инагӡаны ишьақәыргылаӡам, ҳәа Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба.

«Аԥшаҳәа аҿы хәҭакахьала иқәыз ахаҳәцәы ықәнаӡәӡәааит, иара убас амшын ацәқәырԥақәа абетонтә гәараандақәа реиҳарак дырбгеит. Амшын аԥшаҳәа иҿықәнажьит даара ирацәаны ахаҳәи аԥслымӡи. Уажәы амаҵзурақәа арыцқьареи агәам-сам ақәгареи  ирыдҳәалоу аусурақәа нарыгӡоит», - ҳәа иҳәеит Адымыр Цышба.

Иара ишазгәеиҭаз ала, ҭыԥқәак рҿы ахаҳәцәы аиҭашьақәыргылара ауеит, аха уи ахьықәнаӡәӡәааз аҭыԥқәа рҿы  иҿыцны ишьҭаҵатәхоит. Аԥшаҳәа аҿы ахаҳәцәы ашьҭаҵара хыркәшан рашәарамза, 2023 шықәса рзы.

«Ҳақәгәыӷуеит иааиуа атуристтә сезон аҟынӡа ахаҳәцы ақәҵара иазку аусурақәа рӷьырак анагӡара ҳахьӡап ҳәа», - иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ.

Уажәы Гагра ақалақь ауааԥсыра инагӡаны аӡрыжәтә ала реиқәыршәара алыршаӡам, избан акәзар, аӡхагаларатә станциақәа реиҭашьақәыргылара макьаназы ихыркәшаӡам. Афымцамч ала аиқәыршәара акәзар, уи еиҭашьақәыргылоуп.   

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.