АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

Акоманда «Аҟәа» анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы аҳәса ркомандақәа рыбжьара аиааира агеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Аҟәа» анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы аҳәса ркомандақәа рыбжьара аиааира агеит. Афинал аҿы акоманда «Аҟәа» ахәмарыҩцәа гәдоуҭатәи анапылампылтә команда асчиот  3:2 ҳәа иаиааит.

«Аџьаз медал» азы аматч аҿы Пицундатәи акоманда агәыӡератәи анаплампыласыҩцәа ииааит асчиот  3:1 ҳәа.

Иалкаахеит амплуа ала иреиӷьу ахәмарҩцәа: актәи ахьчаратә цәаҳәа иреиӷьу ахьчаҩ - Ельмира Пачалиа, ажәылаҩ - Лудмила Бганба, ахьчаҩ - Мариана Дочиа, ахьчаҩцәеи ажәылаҩцәеи еидызкыло иреиӷьу ахәмарҩы - Николь Гәымба.   

 

 

 


Read 105 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 21:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.