АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара хәажәкырамза 1 азы иаланагалаз абылтәы аекспорт азы аԥкра аамҭала иааннакылоит.

Аҟәа. Лаҵарамза  20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аџьармыкьа абылтәы ала ахарҭәаара инамаданы, хәажәкырамза 1, 2024 шықәса рзы иаланагалаз  абылтәы аекспорт азы аԥкра аамҭала иааннакылоит. Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрра ахь азхьарԥш ҟаҵо абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Амедиагәыԥ «РосБизнесКонсалтинг» (РБК).

Уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак ажурналистцәа дрыҿцәажәо, Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрра атәыла Анапхгара ахь абылтәы аекспорт азы иалагалаз аԥкра аамҭала аанкларазы ажәалагала ҟанаҵеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса рзы иалагалаз абылтәы аекспорт азы аԥкра аҩныҵҟатәи аџьармыџьа ахарҭәаареи Анефтусдуларатә Зауадқәа рҿы апланнҭыҵтәи аиҭашьақәыргыларатә  усурақәа рхыркәшареи инамаданы аамҭала иаанкылахоит», - ҳәа иазгәарҭеит УА аенергетика Аминистрра аҿы.  

«Урыстәылатәи анефтусдуларатә зауадқәа рҿы аусура амҽхакқәа еиҭашьақәыргылан, анефтаалыҵ ахархәаҩцәа рҟынӡа анагара  иадҳәалоу аҭагылазаашьа еиӷьхеит, арегионқәа инагӡаны амотортә былтәы ала реиқәыршәара алыршоуп. Анефтусдуларатә зауадқәеи анефтҵәахырҭақәеи рҿы иҟоу автомашьынатә былтәы аҭаҵәахқәа аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аҭаххрақәа зегьы хнаҩартә иҟоуп.  Лаҵарамза  15 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала автомашьнатә былтәы ала урҭ  2,1 млн. тонни 3,4 млн тонн адизельтә былтәи рҟынӡа инаӡоит. Аекспорт азы аԥкра залагалаз аекспорт ахарҭәаара азы ахықәкқәа зегьы нагӡахеит», - ҳәа инацҵаны иазгәарҭеит ахылаԥшырҭа аҿы.  


Read 152 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 21:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.