АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

Роберт Киут адепутатцәа азинхьчара аусхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы рзеиҭеиҳәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Жәлар Реизара-Апарламент аҿы «анапхгаратә сааҭ» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит адепутатцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути реиԥылара.

«Анапхгаратә сааҭ» амҩаԥгара аҽазыҟаҵараан атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы аминистр иахь идәықәнаҵеит адепутатцәа зызҿлымҳау азҵаарақәа рсиа.  

Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аминистр адепутатцәа азинхьчара аусхы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа, ареспублика аҿы ацәгьоурақәа рҿагылара шымҩаԥысуа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿаԥхьа зыԥшра ҟамҵаӡакәа иӡбатәны иқәгылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит, иара убас азакәанԥҵара аиӷьтәра иазку ажәалагалақәаки ҟаиҵеит.   

Анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аларҵәареи ахархәареи рҿагылара арӷәӷәара иадҳәалоу апроблемақәа рылацәажәааан, адепутатцәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзуреи аҳәаанырцәтәи атәылауаа ареспублика ахь раареи иалҵны рцареи иадҳәалоу азҵаарақәа рганахьала русеицура шымҩаԥысуа азы азҵаарақәа ҟарҵеит.  Ишдыру еиԥш, анаркотиатә маҭәашьарқәа Аԥсны аиҳарак иалазырҵәо аҳәаанырцәтәи атәылауаа роуп.

Аминистр иара убас адепутатцәа ирыдигалеит амҩа-транспорттә хҭысқәа рзы астатистика, амҩадуқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.  

Роберт Киут афото-видео камерақәа амҩадуқәа рҿы рышьақәыргылара иадҳәаланы адепутатцәа ирҭаз  азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Хазы иазааҭгылеит изакәанымкәа абџьар аныҟәгареи аҵәахреи рызҵаара.

Адепутатцәа Аԥсны иахьаҵанакуа урыстәылатәи хазхаҭалатәи ахьчаратә напакқәа рыҟазаара Ареспублика азакәанԥҵара иабанӡақәшәо ҳәа азҵаара ықәдыргалеит. Иара убас аиԥылара алахәылацәа Урыстәылатәи Афедерациа аҿы мшаԥымза 1, 2024 шықәсазы азинмчы зауз, аԥснытәи аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга иацны урыстәылатәи аршаҳаҭгагьы аиура атәы зҳәо административтә регламент инамаданы Аԥсны атәылауаа ирызцәырҵуа ауадаҩрақәа ирылацәажәеит.    

Аминистр ианизыӡырҩ ашьҭахь, адепутатцәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура ахырхарҭақәа зегьы рыла анаҩсгьы конструктивла аус ацура ишазхиоу азгәарҭеит.


Read 238 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 21:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.