АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

Аԥсны Жәлар Реизара –Апарламент аделегациа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аконференциа ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа 40-тәи аконференциа (ЮРПА) аусура иахьалаго Ареспублика Калмыкиа аҟынӡа инаӡеит. Ареспублика Калмыкиеи Ставропольтәи атәылаҿацәи ирыбжьоу административтә ҳәаа аҿы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан напхгара зиҭо аԥснытәи апарламенттә делегациа дырԥылеит Ареспублика Калмыкиа Жәлар Рхурал (Апарламент) ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Нуров.

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Венори Бебиа – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы, Левон Галустиан – аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ,  Нарсоу Салаҟаиа – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Вахтанги Голанӡиа – аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы алахәыла.  

Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа (ЮРПА) Адыгеиа, Калмыкиа, Ареспублика Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Волгоградтәи аобласт, Ростовтәи аобласт,  Севастополь, Ареспублика Аԥсны, Ареспублика  Ингушетиа, Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика, Ареспублика Нхыҵ-Уаԥстәыла Аланиа, Ставропольтәи атәылаҿацә рҟынтәи апарламенттә делегациақәа алахуп.

 


Read 268 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 22:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.