АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа Иран Ахадеи адәныҟатәи аусқәа рминистри рҭахара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иран Ахада Ебраҳим Раисии адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани рҭахара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Адышшыларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ареспублика Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит лаҵарамза 19 рзы иҟалаз аҵәиԥрыга акаҳара иахҟьаны Иран Ахада Ебраҳим Раисии адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани, егьырҭ акырзҵазкуа аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рҭахара азы ажәабжь хьанҭа.

Исламтәи Ареспублика Иран аамҭакала иацәыӡит иналукааша аполитикатәи аусзуҩцәа, зыԥсҭазаара зегьы ирантәи ажәлар  реизҳазыӷьара иазыскыз  апатриот иашақәа. Аҳәынҭқарра Ахада Ебраҳим Раиси жәларбжьаратәи арена аҿы Иран апозициақәа рырӷәӷәаа аҿы злагала дууз иналукааша аԥыза иаҳасабала адунеитә еилазаара ргәалашәараҿы даанхоит.   

Аԥсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит, Иран аиҳабыреи ажәлари ирзеиӷьасшьоит изықәшәаз арыцҳара иаиааиратә ачҳараӷәӷәа». 

 

 


Read 143 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 22:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.